АААК Анацәеи абацәеи рыклуб имҩаԥнагаз раԥхьатәи апрактикатә еиԥылара спикерцәас иқәгылеит ахәыҷтәы психологцәа.

Саид Барганџьиа

АААК Анацәеи абацәеи рыклуб раԥхьатәи апрактикатә еиԥыларахь ааԥхьара рыҭан ахәыҷтәы психологиа аганахьала Аԥсны иреиӷьу аспециалистцәа Заира Ҟаитани Руслан Хәаџьааи.

АААК Адискуссиатә клуб анапхгаҩы Ирина Турааԥҳа иазгәалҭеит, ахәыҷтәы психологцәа рԥылара анацәеи абацәеи рыбжьара азҿлымҳара ду цәырнагеит ҳәа, уажәнатәгьы иуҳәаратәы иҟоуп Анацәеи абацәеи рыклуб – иқәҿиаратәу проектуп ҳәа. Ишәгәалаҳаршәоит, Анацәеи абацәеи рыклуб – АААК Адискуссиатә клуб аҳәаақәа ирҭагӡаны ихацыркыз проект ҷыданы ишыҟоу. Урҭ аҩбагьы аусура иалагеит ҳазҭоу ашықәс абҵарамзазы.

«Анацәа рганахьала аклуб ахь аинтерес ду шыҟоу ҳбоит, ҳагьгәыӷуеит ҳаԥхьаҟа абацәагьы ҳадҳаԥхьалап ҳәа. Иахьа ҳахьтәоу ауада 25-ҩык роуп иазкуа, уи ҳацәҭшәоуп. Аха [ус шакәугьы] уи заманоуп, избан акәзар анацәеи абацәеи рыбжьара ишьҭаҳхуа атемақәа разҿлымҳара ҳаззыԥшыз аасҭа акыр еиҳахеит. Апроект макьана иқәыԥшуп. Актәи аиԥылараҿы асасцәа ҩажәаҩык иахьреиҳаз ала ҳара иаҳҳәар ҳалшоит, ҳаԥхьаҟа аклуб аӡбахә еиҳаны ианраҳалак, уи иаҭаауа рхыԥхьаӡарагьы иацлоит ҳәа», – лҳәеит Турааԥҳа.

Анацәеи абацәеи рыклуб анапхгаҩы Кама Кәыҵниаԥҳа лажәақәа рыла, аиԥылара сааҭк аиҳа ишымҩаԥысуазгьы, аамҭа зегь акоуп «иазымхеит». Аклуб алахәцәа аимпра рҭахӡамызт, иҵегь ҳаицәажәонда рҳәо иҟан.

«Анацәа аԥхьаҟагьы ааира ргәы азыҳәо иҟоуп. Уажәнатә еиуеиԥшым апроектқәа ҳадыргалоит, аформат ҿыцқәа ҳабжьыргоит, уи уамыргәырӷьар залшом», – лҳәеит Кәыҵниаԥҳа.

Аклуб аилатәара инагӡоу авидеоверсиа шәахәаԥшыр шәылшоит АААК иамоу YouTube канал аҟны >>

Ахәыҷтәы психолог Заира Ҟаитан излалԥхьаӡо ала, Анацәеи абацәеи рыклуб – иуникалтәу ҭыԥуп, актуалра зцу атемақәа жәпакы рышьҭыхра алзыршо.

«Ас еиԥш иҟоу анацәеи абацәеи рԥыларақәа апсихологиатә рккара аганахьала жәаҳәарада ихәарҭоуп, аицәажәаратә форматгьы рымоуп еиҳарак. Лассы-лассы иконкреттәу апроблемақәа рыӡбахә цәырҵуеит, усҟан хаҭала аус зуа апрактикатә абжьгара аҟаҵарагьы улшоит. Зегь реиҳа ирацәаны иҳарҭо азҵаарақәа ахәыҷы иеизҳареи иҿиареи ирыдҳәалоуп», – лҳәеит аиԥылара анхыркәшаха апсихолог Ҟаитан.

Аиԥылара иалахәыз хҩык ахәыҷқәа ран Нара Кәыҵниа иазгәалҭеит, Анацәеи абацәеи рыклуб – аҭаацәарақәа зегьы ргәы иҵхо, хра злоу азҵаарақәа рылацәажәара алзыршо проектуп ҳәа.

«Сара хаҭала хәарҭара злоу аинформациа рацәаны исоуит. Ахәыҷқәа рааӡара ишазнеитәу, ахәыҷы дшеилкаатәу азы схазы лкаақәак ҟасҵеит. Сгәыӷуеит, ас еиԥш аиԥыларақәа аамҭа-аамҭала имҩаԥыслап ҳәа. Иҵегь ҳазлацәажәаша азҵаарақәа рацәаны инханы иҟоуп», – ҳәа азгәалҭеит аклуб алахәыла.

Апсихолог Руслан Хәаџьаа Анацәеи абацәеи рыклуб аԥшьгарақәа зегьы дышрыдгыло иҳәеит. Иара ажәалагала ҟаиҵеит анацәеи абацәеи урҭ рхәыҷқәеи злахәу азеиԥш еиԥылара мҩаԥгазарц, иагьазгәеиҭеит «ахәыҷқәа рхымҩаԥгашьа убас ала иҭуҵаар ауеит ҳәа».

«Ари идеиа бзиаӡоуп, ԥхьаҟагьы иацҵалатәуп хымԥада. Ахәыҷқәа рҿоуп ҳпеиԥш ахьыҟоу, убри аҟнытә апсихологиа аганахьала рааӡара даара акраҵанакуеит, аха ахәыҷы ииашаны дзааӡаша ани абигьы иахәҭоу адыррақәа рымазароуп. Аклуб ус еиԥш иҟоу адыррақәа раиуразы алшара аԥнаҵоит», – иҳәеит Хәаџьаа.

Анацәеи абацәеи рыклуб иаҭааз даҽа анык Инна Барчан илҳәеит Аклуб егьырҭ аиқәшәарақәагьы шыбжьалмыжьуа.

«Ари аҩыза аклуб аԥҵара аидеиа даара ихәарҭоуп ҳара ҳауаажәларразы. Араҟа анацәеи абацәеи ргәаанагарақәа еибырҳәалар рылшоит, рыпроблемақәа ирылацәажәалоит, рыӡбашьа амҩақәа рыԥшаалоит. Иахьатәи аиԥылара даара аинтерес аҵан, аспикерцәа бзиақәан. Аудиториа иаҳагьы амадара рацәазар бзиан, азҵаарақәа иҟоу рацәоуп», – лҳәеит Барчан.

Анацәеи абацәеи рыклуб – Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс иаанартыз Адискуссиатә клуб аҳәаақәа ирҭагӡаны иаԥҵоу проект ҷыдоуп, уи аусура иалагеит абҵарамза 30 рзы. Анацәеи абацәеи рыклуб иалахәхар рылшоит ахәыҷқәа зааӡо зегьы, ихадароу – «азҿлымҳареи амотивациеи рыҟазаароуп».