Санкт-Петербург ақалақь иҟоу АААК арегионалтә ҟәшеи Санкт-Петербургтәи Амилаҭқәа рыҩни аусеицура хацдыркит, ажьырныҳәа 22 рзы ирыдыркылаз аиқәшаҳаҭра аҳәаақәа ирҭагӡаны.

Саид Барганџьиа

Санкт-Петербург иҟоу АААК арегионалтә ҟәша Ахеилак ахантәаҩы Ҭемыр Рекәааи Аҳәынҭқарратә казентә усбарҭа «Санкт-Петербургтәи Амилаҭқәа рыҩны» адиректор Елена Кузнецовеи аусеицуразы аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит аҩаша, ажьырныҳәа 22 рзы. 

Рекәаа иажәақәа рыла, аусеицура хықәкы хадақәас иамоу иреиуоуп – ақалақь аҿы имҩаԥысуа акультуратә ԥсҭазаара ахырхарҭала аусура. Уахь иаҵанакуеит еиуеиԥшым акультуратә усмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгареиԥш, Санкт-Петербург имҩаԥысуа акультуратә хҭысқәа рахь аԥсуа-абаза диаспора рхаҭарнакцәа радыԥхьаларагьы.

«Амилаҭқәа рыҩни ҳареи иҳабжьаҳҵаз аиқәшаҳаҭра иҳалнаршоит официалла акультуратә хҭысқәа рымҩаԥгареи рылахәхареи: амилаҭтә ныҳәақәа, асеминарқәа, аҭҵаарадырратә-практикатә конференциақәа, астол гьежьқәа, арҿиаратә еиԥыларақәа, аконцертқәа уҳәа убас егьырҭгьы. Абарҭқәа зегьы ирыбзоураны аԥсуа-абаза диаспореи активла зхы аазырԥшуа Санкт-Петербург иаланхо егьырҭ адиаспорақәеи реимадарақәа рӷәӷәахоит, рыҽдырҭбаауеит», – ҳәа азгәеиҭеит Ҭемыр Рекәаа.

Аганқәа аус еицырулоит иара убас Урыстәылатәи Афедерациа аҩадатәи аҳҭнықалақь аҟны амилаҭбжьаратә, адинбжьаратә еизыразра ашьақәыргылара иазынархоу ауаажәларратә инициативақәа рырҿиара ахырхарҭалагьы. Аиқәшаҳаҭра иазԥхьагәанаҭоит убасгьы амилаҭқәа рхатәы бызшәақәеи, рҵас-қьабзқәеи, ретникатә ҷыдарақәеи рыхьчара азҵаарақәа рыла аусеицура. 

Санкт-Петербург иҟоу АААК арегионалтә ҟәша ахеилак аус ауеит 2018 шықәса ԥхынгәымза 2 инаркны. Арегионалтә ҟәша ахықәкы хадақәа иреиуоуп - Санкт-Петербург инхо аԥсуа-абаза жәлар рхаҭарнакцәа реидкылара.