Очамчыра ихыркәшахеит ашәаҳәаҩ қәыԥшцәа рвокалтә конкурс «Орфеи».

Саид Барганџьиа

Шықәсыбжак иназынаԥшуа имҩаԥысуаз абаҩхатәра злоу аԥсуа хәыҷқәа рвокалтә конкурс «Орфеи» хыркәшахеит рашәарамза 20 рзы, Очамчыра. Гран-при лоуит 12 шықәса зхыҵуа Викториа Микааԥҳа, актәи аҭыԥ лгеит Саида Азизова, уи аԥхьа, аконкурс аетапқәа руак аҟны АААК аҳамҭа ҷыда занашьаз.

Уажәазы Саида иналыгӡеит Димаш Кудаибергенов иашәа «Любовь уставших лебедей» («Иааԥсаз агьадқәа рыбзиабара» – аред.). Ҳәарада, уи иҳараку ҩаӡароуп, избан акәзар Димаш ибжьы уникалтәуп – уи адиапазон ф-октавак амоуп.

Гран-при занашьахаз Викториа Микааԥҳа аконкурс афинал аҟны иналыгӡеит Селин Дион лашәа My Heart Will Go On («Сгәы шеислац еислоит» – аред.) еицырдыруа акиносахьа «Титаник» аҟнытә.

Ашәаҳәаҩ қәыԥш лажәақәа рыла, иналыгӡаз ашәа алхраҿы длыцхрааит Саида Азизова: дара, аконкурс иалахәыз ахәыҷқәа зегь реиԥш, аиҩызара рыбжьалеит. Викториа профессионалла авокал лҽазыҟалҵомызт, аха «ашәаҳәара еснагь бзиа илбон». Аиааира шылгаз инагӡаны агәра лгаанӡа ашәаҳәаҩ қәыԥш лцәаныррақәа ҳацеиҩылшеит.

«Гран-при соуеит ҳәа сыҟаӡамызт, ахԥатәи, ма аҩбатәи аҭыԥ згар ҟалап ҳәа сазхәыцуан. Сгәырӷьара ҳәаак амам. Авокал арҵаҩы дсыԥшаар сҭахуп, иаҳа еиӷьны сҽазыҟасҵаларц, нас амузыка аҵаразгьы. Абас еиԥшш аконкурс ҟалоит ҳәа ансаҳа, сымшәакәа схы аласырхәырц ахьысыӡбаз сгәы иахәоит. Иҭабуп ҳәа расҳәоит зегьы, еиҳаракгьы сырҵаҩцәа», – лҳәеит авокалтә конкурс аҟны аиааира згаз ашәаҳәаҩ.

Апроект алахәцәа зегьы авокал аганахьала иазыҟалҵон Лика Ҵәыџьԥҳа. Лара лоуп егьырҭ апроект аиҿкааҩцәа дрыцны Очамчыра араион зегьы иалсны аконкурс азы абаҩхатәра злоу ахәыҷқәа алызкаауаз.

«Даара сеигәырӷьоит аконкурс ахьымҩаԥысыз. Иҭабуп зегьы!» – лҳәеит Ҵәыџьԥҳа.

Аконкурсантцәа рықәгылара ахәшьара азыруан икомпетенттәу аӡбаҩцәа. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы дыҟан еицырдыруа аԥсуа музыкант Анри Гәымба (Саида Азизова лзы АААК ҳамҭа ҷыдас иҟанаҵаз ашәа автор – аред.). Иара иажәақәа рыла, аконкурс аҟны «иџьаишьаз, игәы иахәаз рацәаны ибеит».

«Сара сеигәырӷьоит абас абаҩхатәра злоу ахәыҷқәа ахьҳамоу. Ҳәарада, аус зыдулатәу аҟоуп, аус улатәуп, аха ихадароу – агәыцә ыҟоуп, абаҩхатәра цқьа рылоуп. Аиааира заҳҭаша иалхра даара иуадаҩын. Акыраамҭа ҳаилацәажәон. Аха, сгәы иаанагоит, ииашаз аӡбамҭа ҳадаҳкылеит ҳәа», – иҳәеит Гәымба.

Ашәаҳәаҩ қәыԥшцәа ахәшьара рылҭон иара убас урыстәылатәи авокалтә конкурс «Голос» алахәцәа инарылукаашаз ашәаҳәаҩ Мариам Мерабова. Лара Аԥсны ибзианы ирдыруа шәаҳәаҩуп, араҟа лассы-лассы аконцертқәа мҩаԥылгоит.

«Апроект анагӡара иацхрааз зегьы иҭабуп ҳәа расҳәоит. Убасҟаҩык ахәыҷы лашақәа збеит, ԥсабарала абаҩхатәра цқьа злоу. Урҭ хымԥада ԥхьаҟа еизҳалароуп, аҵара роуроуп, ирыҭатәуп рҟазара инагӡаны ицәырызгаша адыррақәа. «Орфеи» сара сыззыԥшымыз, аха уамакала сгәы иахәаз аартрахеит. Аҩаӡара ҳаракны имҩаԥгоуп! Аномерқәа зегьы сахьаркны инагӡан. Ахәаԥшцәагьы даараӡа иразын, иқәгылоз адгылара ӷәӷәа рырҭон», – лҳәеит Мерабова.

АААК аханатә инаркны ари аконкурс адгылара анаҭоит. Аконгресс ахьӡала дықәгылеит Аҳәса Рхеилак ахантәаҩы Гета Арӡынԥҳа, лара аконкурс аиҿкааҩцәеи очамчырааи зегьы ирыдылныҳәалеит абри «апроект хазына».

«Сара даара акырынтә срызхәыцит алахәцәа ранацәа. Ухәыҷы дызҳаны, асцена дықәгыланы ашәа шиҳәо абара, аҳара акырӡа иаԥсоуп… Иҭабуп абас ахәыҷқәа ахьышәааӡаз. Иҭабуп абри аныҳәа аиҿкаара зџьабаа аду зегьы», – лҳәеит Арӡынԥҳа.

«Орфеи» – ҳазҭоу ашықәс ажьырныҳәамза инаркны рашәарамзанӡа Очамчыра араион аҟны имҩаԥысуаз музыкатә конкурсуп. Аконкурс «Орфеи» амҩаԥгара аидеа лызцәырҵит Валериа Адлеиԥҳа – ателеканал НТВ аҟны имҩаԥсыуаз авокалтә проект «Ты супер» актәи асезон аҟны аиааира згаз.

Аконкурс аспонсор хадас иамоуп аилахәыра «Аҟәафон», ганрацәала аконкурс адгылара анаҭеит Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс. Аконкурс иалахәыз ахәыҷқәа реиҳараҩык зсоциалтә ҭагылазаашьа уашәшәыроу аҭаацәарақәа ирылҵит. Зынӡа аконкурс аетапқәа зегьы ирылахәын 17-ҩык ашәаҳәаҩ қәыԥшцәа. Урҭ зегьы – Очамчыра араион ақыҭақәа ирылҵыз аҟазара злоу ахәыҷқәа роуп, урҭ рахьтә аӡәырҩы амикрофон ахаан рнапаҟны ирымкыцызт.