Ҟарачы-Черқьесиа абжьаратә школқәа руак аҿы имҩаԥысит ахатәы бызшәеи алитературеи рзы иаарту аурокқәа, иара уи алагьы есышықәсатәи абаза бызшәеи алитературеи рфестиваль хацыркхеит.

Саид Барганџьиа

Ҟарачы-Черқьесиа иаатит есышықәсатәи абаза бызшәеи алитературеи рфестиваль. Иара хацыркхеит Ельбырӷантәи абжьаратә школ аҿы имҩаԥысыз ахатәы бызшәеи алитературеи рзы иаарту аурокқәа ҩба рыла.

Афестиваль мҩаԥнагоит жәларбжьаратәи аилазаара «Алашара», Ҟарачы-Черқьестәи аҳәынҭқарратә университети, ҞЧА Аҵареи аҭҵаарадырреи рминистрреи, Абаза муниципалтә раиони алархәны. Аиҿкааҩцәа ражәақәа рыла, сынтәа афестиваль амҽхак еиҳа иҭбаахеит, иагьымҩаԥысуеит иара «Алашара» иаиуз Ахада игрант ахарџь ахархәарала.

Афестиваль актәи аетап: иаарту аурокқәа

Иаарту аурокқәа мҩаԥысит қәрала еиуеиԥшым ҩ-класск рҿы: ахәбатәи акласси ажәбатәии рҟны. Иаарту аурокқәа рцашьа гәарҭон: апрофессор, абызшәадырҩы Сергеи Паз, аҵарадырра аусзуҩцәа рзанааҭдырра аизырҳаразы ҞЧА аҳәынҭқарратә институт абаза бызшәеи, аҟабарда-черқьесси бызшәақәеи, алитературеи ркафедра аиҳабы Билиал Ҳасароҟәа, ҞЧА агуманитартә ҭҵаарақәа ринститут аҟны абаза ҟәша аиҳабы Аишьаҭ Ӡыба, Абаза муниципалтә раион аҵареи акультуреи русбарҭа аиҳабы Земфира Мурҭаза, Абаза раион ашколқәа рҟынтә абаза бызшәеи алитературеи рырҵаҩцәа, иара убасгьы ИАЕ «Алашара» аусзуҩцәа.

Аекспертцәеи аиҿкааҩцәеи иазгәарҭеит аҵаҩцәа иабзианы иазыҟаҵоуп ҳәа.

«Зегь реиҳа ихадоу: ахәыҷы хазынақәа ыҟоуп, ицәгьамкәагьы абаза бызшәала ицәажәоит. Абас еиԥш аҵаҩцәа аныҟоу, аус здуулашагьы уоуеит», - ҳәа иԥхьаӡоит апрофессор Паз.

Афесстиваль иацҵахоит исахьаркны аԥхьаҩцәа реицлабреи, ахыҭҳәаақәеи, абаза бызшәеи алитературеи рзы аолимпиадеи рыла. Арҭ зегьы мҩыԥысуеит Черқьесск, агимназиа №16 аҟны.

«Сынтәа ҳара афестиваль алахәразы арзаҳалқәа еиҳаны иҳауит. Ҟарачы-Черқьесиа аҵаҩцәа рыдагьы афестиваль иалахәуп Аԥснытәи ашколхәыҷқәеи астудентцәеи», - ҳәа еиҭеиҳәеит абызшәадырҩы.

Афестиваль апрограмма

Сергеи Паз иазгәеиҭеит афестиваль алахәцәа рхыԥхьаӡара есышықәса ишацло. Убас, Афестиваль аицлабрақәа ирылахәхарц арзаҳалқәа алазҵаз аҵаҩцәеи астудентцәеи рхыԥхьаӡара сынтәа 200-ҩык рҟынӡа инаӡоит.

«Есышықәса афестиваль апрограмма иалаҳҵоит иҿыцу аусмҩаԥгатәқәеи аицлабрақәеи. Аформа ҿыцқәа ҳаԥшаауеит. Алахәцәа ргеографиагьы аҽарҭбаауеит. Сынтәатәи апрограмма иалоуп абаза бызшәеи алитературеи иреиӷьу арҵаҩцәа рмастер-классқәа, Аԥсны Аҳәынҭқарра, Гәдоуҭа ақалақь абжьаратә школ №2 аҵаҩцәеи, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет астудентцәеи рыбжьара исахьаркны аԥхьаҩцәа рконкурс, Абаза муниципалтә раион иатәу аул Ҟара-Ԥагәа иҟоу Владислав Арӡынба ихьӡ зху Арҵаратә центр аколлективи аҵаҩцәеи Аԥснытәи ашколхәыҷқәеи астудентцәеи реиқәшәара», - иҳәеит апрофессор, иагьациҵеит: есышықәса афестивальқәа рымҩаԥгара аԥышәа ишаанарԥшыз, дара рымҩаԥгареи, реиҿкаареи иацу акәамаҵамақәа шырацәоугьы, арҵаҩратә еилазаара еицҿакны ирыԥхьаӡоит абаза бызшәеи алитературеи, акультуреи реиқәырхареи рырҿиареи азы уи акрызҵазкуа елементуп ҳәа.

«Убри аршаҳаҭуеит – афестиваль ахь азҿлымҳара есааира иахьызҳауа, аҵаҩцәа рганахьалеиԥш, арҵаҩцәа рганахьалагьы. Аусмҩаԥгатәқәа зегьы Ҟарачы-Черқьестәыла Аҵареи аҭҵаарадырреи рминистрреи, иара убас Абаза муниципалтә раион ахадареи ақәыршаҳаҭны еиқәҳаршәоит. 2019 шықәса инаркны Аԥсны Аҵара аминистррагьы ҳразҵаауа ҳалагеит, дара ҳусқәа реиҿкаараҿы ацхыраара дугьы ҳарҭоит», - ҳәа азгәеиҭеит Паз.

Афестиваль аусмҩаԥгатәқәа зегьы ззынархоу амилаҭ маҷ – абазақәа рбызшәеи, рлитературеи, ркультуреи рыхьчареи рырҿиареи ауп. Иара убас, аҵаҩцәа рхатәы бызшәеи рлитературеи рахь аинтерес рымазарц аҟаҵара.

«Сынтәа имҩаԥгаз амастер-классқәа иаҳдырбеит ҳара ишҳамоу ззанааҭдырра ҳараку, аԥышәа дугьы змоу арҵаҩцәа, иара убас зхатәы бызшәеи алитературеи бзианы издыруа аҵаҩцәагьы. Ҳара хықәкыс иҳамоу – абри аԥышәа ашколқәа зегьы рҟынӡа анагароуп. Адырра иаҳа иахьмаҷу, абызшәеи алитературеи рырҵаразы иҟоу алшарақәагьы ахьеиҵу. Еиҳаракгьы зыӡбахә сымоу ақалақьтә школқәа роуп», - иҳәеит Сергеи Паз.

Афестиваль аԥҵара аҭоурых

Афестиваль аԥсы ҭоуп 2014 шықәса раахыс. Алиев ихьӡ зху ҞЧА аҳәынҭқарратә университет иатәу афилологиатә Институт ачерқьес бызшәеи абаза бызшәеи ркафедра аԥшьгарала, ауаажәларратә еиҿкаарақәа «Абазеи», «Аҿар ринтеллектуалтә-рҿиаратә еилазаареи», Амилаҭқәа русқәеи, амассатә коммуникациақәеи, акьыԥхьи рзы ҞЧА аминистрреи рыцхыраарала – Аҳәынҭқарратә университети, Ельбырӷантәи абжьаратә школи рҟны имҩаԥган жәларбжьаратәи аҭҵаарадырратә конференциа «Абаза бызшәеи алитературеи: аиқәырхареи арҿиареи рыпроблемақәа».

Аконференциа азкын абаза литература ашьаҭаркҩы, арккаҩы Ҭаҭлусҭан Ҭобыль диижьҭеи 135 шықәса аҵра. Даҽакала иаҳҳәозар, абри аконференциа – актәи «Ҭобыль иаԥхьарақәа» ракәхеит, анаҩсгьы итрадициатәхаз аҭҵаарадырра-практика конференциахеит.

Адырҩашықәсазы ИАЕ «Алашара» ахада, амеценат, ауаажәларратә усзуҩы, иахьазы АААК Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы Мусса Егзакь иаԥшьгаралеи, хаҭалатәи инапхгаралеи иаԥҵан аусуратә гәыԥ, уи алахәцәа активла напы адыркит «Алашара» апрограмма ашьақәыргылара, уи хьӡыс иаман – «Абазақәеи аԥсуааи: абызшәақәа рыхьчареи, рырҿиареи, адәынтәи аҭҵаарақәеи, архивтә материалқәеи (2016-2026 шықәсқәа рзтәи аусуратә программа)». Ари апрограмма иахәҭакхеит аусмҩаԥгатәқәеи аҭҵаарақәеи маҷымкәа, иаҳҳәап, «Ҟлыч иаԥхьарақәа», «Ҭобыль иаԥхьарақәа» иара убас «Абаза бызшәеи алитературеи рфестиваль».

Абаза бызшәеи алитературеи рфестиваль аханатә иалоу аусмҩаԥгатәқәа ируакуп: Ҟарачы-Черқьестәыла абжьаратә школқәеи, аколлеџьқәеи рҵаҩцәа рыбжьара абаза бызшәала ахыҭҳәаақәа рыҩразы аицлабра, исахьаркны аԥхьаҩцәа реицлабра, абаза бызшәеи алитературеи рзы аолимпиада. Афестиваль хыркәшахоит «Ҭобыль иаԥхьарақәа» рыла, уаҟа аицлабрақәа зегьы реихшьалақәа ҟарҵоит, урҭ рҟны аиааира згаз аҵаҩцәеи дара азыҟазҵаз арҵаҩцәеи аҳамҭақәа ранашьара мҩаԥысуеит.