Цәыббра 30 рзы Аԥсны зехьынџьара имҩаԥысит Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымш 26 шықәса ахыҵра иазкыз аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа.

Саид Барганџьиа

Аԥсны иазгәарҭеит Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымш: Ашәахьа, цәыббра 30 рзы ҳтәылаҿы имҩаԥысит Аԥсны жәлар рџьынџьтәалтә еибашьраҿы аиааира 26 шықәса ахыҵра иазкыз агәалашәаратә усмҩаԥгатәқәа.

Аусмҩаԥгатәқәа реиҳарак аҳҭнықалақь аҿы имҩаԥысит. Аныҳәа аҽны, ашьыжь атәыла ахадареи Аԥсны иаҩызцәоу аҳәаанрыцәтәи атәылақәа рделегациақәеи ҩ-меморилк рҟны ашәҭқәа шьҭарҵеит – Аԥсны Раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба ибаҟеи (Аладатәи Ешыра), Аҟәа Ахьӡи-Аԥша абаҳчаҿы игылоу Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьраҿы иҭахаз рбаҟеи аҿаԥхьа.

Иҳараку аҳамаҭа – «Агәымшәаразы» амедал знашьоу Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра аветеран Сосо Ҭыжәба есышықәса даҭаауеит Арӡынба иқыҭа гәакьаҿы игылоу Аԥсны Раԥхьатәи ахада ибаҟа, Владислав Григори-иԥа дигәалаиршәарц.

«Ҿырԥшыс дҳаман. Ажәлар зегьы драԥхьагылаҩын, зҵаарада идҵақәа зегьы наҳагӡон. Иара иҟәышреи ихәыцра ҵаулареи рыбзоуралоуп аиааирагьы шаҳгаз», – иҳәоит аветеран.

Уи аҽны абаҟа иаҭааз Аҟәа инхо Арлан Занҭариа, Раԥхьатәи ахада дигәаларшәо, иазгәеиҭеит Аԥсны жәлар рԥыза илаз агәымшәареи ахьамҵреи.

АБРИ АХҬЫС ИАЗКУ АФОТОЛЕНТА АХӘАԤШРА >>

«Ихьыԥшым аҳәынҭқарра ахьҳамоу еиҳаракгьы иара иоуп (Владислав Арӡынбааред.) изыбзоуроу, иахьа ҳаԥсадгьыл аҿы ҳанхартә-ҳанҵыртә, ҳԥеиԥш ҳаргылартә алшара ҳамоуп», – иҳәеит Занҭариа.

Ахьӡ-Аԥша Амемориал аҟны ашәҭқәа рышьҭаҵара ашьҭахь, араҟа аруаа риасра мҩаԥысит, анаҩс иеизаз рҿаԥхьа дықәгылеит Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба. Иара иазгәеиҭеит, 1992-1993 шықәсқәа рзтәи Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра еилгеижьҭеи имҩасуа шықәсыцыԥхьаӡа иазнарҳауеит ҳәа амилаҭ рҳәынҭқарра ахақәиҭразы рықәԥара аҵакы, уи ақәԥара иахьакәым, иацакәым ианалага, шәышықәсалатәи аҭоурых амоуп.

«Ҳтәыла ауааԥсыра зегьы, аҳәаанырцә ааигәа-хара ибзианы иаҳзыҟоу ҳҩызцәеи азеиӷьшьарақәа рыдыскылоит. Иԥшьоу Аиааира зхы ақәызҵаз ргәалашәара наунагӡа иҿымцәааит! Ҳаԥсадгьыл ахақәиҭразы иҭахаз афырхацәа гәымшәақәа зааӡаз анацәеи абацәеи среихырхәоит. Аиааира амш шәадныҳәалазааит, ҳауаажәлар!» – иҳәеит Ҳаџьымба.

Аныҳәа иацҵан уажәшьҭа итрадициатәхаз акциа «Ԥсра зқәым архәҭа» ала, аныҟәара хацыркын Фазиль Искандер ихьӡ зху Аурыс драматә театр аҿаԥхьа. Раԥхьаӡа акәны ари акциа Аԥсны имҩаԥысит 2016 шықәсазы. Уажәшьҭа уи ҭагалан Аԥсны ақалақьқәа зегьы рҿы имҩаԥысуеит, ҽнак иақәмыршәакәа. Иаҳҳәап, сынтәа Гагра ари акциа амҩаԥгара азгәаҭоуп жьҭаара 6 рзы – ақалақь ахақәиҭтәра амш иақәыршәаны, Афон Ҿыц имҩаԥысит цәыббра 29 рзы. Агәаларшәаратә ныҟәара иалахәу рхыԥхьаӡара есышықәса иацлоит.

«Ус бзиоуп. Аҵеицәа рфотосахьақәа анубо… угәалашәараҿы рыԥсы ҭалоит урҭ зегьы рхы-рҿқәа. Абар урҭ рхәыҷқәагьы ирызҳахьеит шьҭа. Аха аибашьра ахәрақәа макьана имӷьаӡацт», – ҳәа лцәаныррақәа ҳацеиҩылшеит Аҟәа инхо Мариам Барцыц, лара уажәшьҭа ахынтә раан ари акциа далахәуп.

Аиааира амш азгәаҭара аламҭалаз, цәыббра 29 рзы аԥсуа-аурыс ҳәааҿы ихацыркын даҽа ныҟәаракгьы – «Афырхацәа рымҩала» ҳәа хьӡыс измоу, уигьы шьҭа есышықәса имҩаԥысуеит. Раԥхьаӡа акәны 2007 шықәсазы имҩаԥган. Аныҟәара иалахәу аҿарацәа «асолдаҭцәа рымҩа» ианысуеит, аидысларақәа ахьцоз аҭыԥқәа рҿы иааҭгылауа. Убас, Гагра ианнеилак, ақалақь ахақәиҭтәра шымҩаԥысуаз ргәаладыршәоит, Гәдоуҭа – атыл аҵак ду шамаз атәы рҳәоит.

Сынтәа ари аныҟәара иалахәын 170-ҩык ауаа. Уахыки ҽнаки рыла 120 километр ианысны, рныҟәара хдыркәшеит Аҟәа, Ахьӡ-Аԥша абаҳчаҿы. Акциа аиҿкааҩцәа ируаӡәку Нар Ҭаниа иазгәеиҭеит, амҩа ахы инаркны аҵыхәанӡа ишанысыз алахәцәа зегьы.

«Раԥхьаӡа иргыланы, ари – аҿар рабиԥара ҳҭоурых ҿыц иагәылазырԥшуа акциоуп. Аныҟәара иалахәыз аӡәырҩы рықәра 20 шықәса иреиҳаӡам. Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьраҿы иҭахаз афырхацәа рбаҟақәа рҿы ҳнеины ашәҭқәа шьҭахҵон, абаҟақәа қалақьцыԥхьаӡа, иара убас ҳамҩа злацо қыҭацыԥхьаӡа игылоуп. Ҳныҟәо ҳахьнеиуаз аибашьратә хҭысқәа ҳгәалаҳаршәон, ҳабацәеи, ҳанацәеи, ҳашьцәа еиҳабацәеи рҟынтә иҳаҳаз ажәабжьқәа еиҭаҳҳәон. Ииашаҵәҟьаны иҭоурыхтәу амҩала ҳааиуан. Сара агәра ганы сыҟоуп, абас еиԥш аусмҩаԥгатәқәа зеиӷьыҟам ала ҿыц еиҵагыло абиԥара рыԥсадгьыл агәыблыра днаркуеит ҳәа», – иҳәеит Ҭаниа.

Владислав Арӡынба ихьӡ зху Аибашьратә хьӡи-ԥшеи рмузеи аҟны ари аҽны имҩаԥысит аибашьратә телеоператор Витали Қьецба ифотоцәыргақәҵа «Аибашьра аныҩбжьы». Автор ицәыригеит Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан иҭихыз иусумҭақәа. Қьецба ибзоурала Аԥсны иаиуит иуникалтәу афото-видео архив. Аекспозициа еиднакылоит 80 фотосахьа инареиҳаны.

«Аибашьра зегьы рзы ихьанҭан: еибашьуаз рзгьы, ажурналистика аганахьала аус зуаз рзгьы. Сколлегацәа аӡәырҩы ҭахеит. Сара аибашьцәа срыцын. Схаҭа сеибашьуамызт, абџьар скымызт. Бџьарс исымаз сфото-видеоаппаратура акәын. Иахьынӡасылшоз избоз зегь ҭысхуан», – иҳәеит аибашьратә корреспондент.

Аныҳәамш хыркәшан аԥсуа естрадатә шәаҳәаҩцәа злахәыз аконцерт ала, анаҩс аныҳәатә салиут ҟаҵан.

Аԥсны Аиааира амш сынтәа 26 шықәса раахыс иазгәарҭоит, аԥсуа еибашьцәа ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа рҟынтә атәыла ахы ианақәиҭыртә аҽны инаркны. Иара абри амш Ахьыԥшымра иамшны иԥхьаӡоуп. Есышықәса цәыббра 30 рзы Аԥсныҟа аҳәаанырцәтәи асасцәа рацәаҩны иаауеит, аԥсуа жәлар ари амш ирзацу ргәырӷьара рыцеиҩыршарц. Урҭ аауеит аимабзиара ахьҳабжьоу атәылақәа рҟынтә – Приднестровие, Ашьха-Ҟарабах, Шьамтәыла, Италиа, Аахыҵ Уаԥстәыла реиԥш иҟоу, арахь иааит иара убас аҳәаанырцәтәи ҳашьцәагьы Ҟарачы-Черқьесиантә, Ҟабарда-Балкаринтә, Москвеи, Санкт-Петербурги рҟынтә, Ҭырқәтәылеи, Шьамтәылеи, Иорданиеи рҟынтә.