Египет иҟоу Абаза ҭаацәара рыбжьара заагарҭа маҷу ахаҭарнакцәа рыцхырааразы имҩаԥысуа агәыҳалалратә усура далацәажәеит аҵыхәтәантәи линтервиу аҟны египеттәи аԥсуа-абаза диаспора активистцәа ируаӡәкыз Мона Омар Абаза. Лара иаалырҟьаны лыԥсҭазаара далҵит рашәарамза 13 рзы, лгәы ахьаангылаз иахҟьаны.

Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс аинфопортал ҳазҭоу амзазы Мона Омар Абаза лыҿцәажәара акьыԥхьразы ирхианы иаман: аха ари анҵамҭа мышқәак рыла «иагхеит», лара лхаҭа лыԥсы ҭаны дахьымӡеит. Рашәарамза 13 рзы Мона Омар Абаза лгәы аангыланы дыԥсит, 72 шықәса дшырҭагылаз. Аредакциа гәык-ԥсыкала адышшылара ҟанаҵоит, акыршықәса раахыс сыуаажәлар сызларыхәари ҳәа рымаҵ аура иаҿыз аԥҳәыс хазына дзыԥхаз лыуацәеи лҭынхацәеи рахь. Аинтервиу шазҳархиахьаз еиԥш ԥсахрада иаҳкьыԥхьуеит, Мона Омар Абаза ланду илымданы иаалгоз агәыҳалалра аус лара лаамышьҭахьгьы аԥсы ҭаны иаанхоит ҳәа агәыӷра ҳаманы.

Саид Барганџьиа

Египет иҟоу аԥсуа-абаза диаспораҿы активра аазырԥшуа ахаҭарнакцәа дреиуоуп Мона Омар Абаза, акыршықәса раахыс зыуаажәлар рыбжьара агәыҳалалратә усура мҩаԥызго. Лара излалҳәо ала, заагарҭа маҷу Абаза ҭаацәара рхаҭарнакцәа рыцхыраара – ланду 1960-тәи ашықәсқәа рзы дызлагахьаз аус иацызҵо акоуп. 1983 шықәсазы ланду лыдунеи анылыԥсах ашьҭахь, Мона Абаза агәыҳалалратә цхыраара аанымкылакәа, лхаҭа нап алыркит.

Ишәгәалаҳаршәоит, Египет иҟоу аԥсуа-абаза диаспора зегьы жәлак ала еидкылоуп, Абаза ҳәа ашәҟәы иануп, иахьазы иҟоу адыррақәа рыла, урҭ рхыԥхьаӡара зықьҩык рҟынӡа инаӡоит. Уажәшьҭа ишаԥу еиԥш, египеттәи адиаспора «Абаза ҭаацәара» ҳәа иашьҭоуп: уи алахәцәа зегьы ажәла Абаза ныҟәыргоит (иҟоуп зҭоурыхтә жәлақәа згәалашәо, иҟоуп изхашҭхьоугьы – аред.). Египет иҟоу аԥсуааи абазааи рыбжьарагьы, зехьынџьара еиԥш иҟоуп ацхыраара зҭаху ауаа, афинанстә цхыраарагьы уахь иналаҵаны. Убас еиԥш иҟоу ацхыраара аиҿкаареи, уи аҟаҵаразы аԥара аизгареи лнапы алакуп Мона Абаза. Лара АААК аинфопортал иазеиҭалҳәеит убас иҟоу ааигәатәи ҿырԥштәык аӡбахә.

«Иаҳхысыз амчыбжь азы ԥҳәызбак даҳзааит. 30-ҟа шықәса лхыҵуеит, лгәабзиара маҷк икәадоуп. Лаб длыԥхеит хышықәса раԥхьа иҟалаз амашәыр иахҟьаны. Лхала дынхон. Мызкы аҟара ҵуеит, бзиа илбаз ауаҩы длыԥшааит, аха аԥара лымамызт. Египет ишаԥу ала, хаҵеи ԥҳәыси анеибаго, ахаҵа иуалуп аҩны алхны уи аахәара, афымца неиуа аҟаҵара, абзазаратә техникала аиқәыршәара, аԥҳәыс лакәзар, аҩнымаҭәа аалхәоит. Абаза ҭаацәараҿы ацхыраара аҟаҵара зылшоз зегь еидаҳкылан, 26 нызқь фунт аԥара еизаҳгеит (египеттәи афунт ари анҵамҭа аныҟаҵаз аамҭазы инықәырԥшшәа 3.9 аурыс мааҭ иаваҟәылоит, мамзаргьы 0.06 доллар – аред.) абасала, илҭахыз зегь лоуртә иҟалеит», – ҳәа еиҭалҳәеит Мона Омар Абаза.

Лара илымоу аԥышәала, ас еиԥшқәа маҷымкәа иҟалахьеит. Агәыҳалалратә цхыраара аиҿкааҩ иазгәалҭеит, зны-зынла ауаа иаалырҟьаны убас еиԥш ахҭысқәа ишрықәшәо: аԥара иаарласны ирҭахуп, аха аҳәынҭқарратә цхыраара рыхәом, ма иазхом. Иаҳҳәап, аӡәы зыԥшрак ҟамҵакәа аоперациа изутәуп.

Мона Омар Абаза абитуриентцәа қәыԥшқәа афинанстә цхыраара рыҭарагьы лҽазылшәоит.

«Ҷкәынак дыҟан, даара дҟәышын, иҭахын америкатәи ауниверситет дҭаларц, аха уи иацу ахарџь дзаҵгәомызт. Египеттәи ауниверситетқәа рҭалара уи аҟара аԥара рацәа агаӡом, аха иара Америка аҵара иҵаларц иҭахын, уи нас акырӡа иаҳа ахә цәгьоуп. Убри ҳицхрааит, уажәазы иҵара далгахьеит, аус иуеит. Иаҳҭаз аԥара иргьежьырцгьы далагахьан, аха уи ацымхәарас уаргьы ацхыраара зҭаху џьоукы ирыҭа ҳәа иабжьызгеит», – еиҭалҳәеит Мона Абаза.

Лара лажәақәа рыла, Абаза ҭаацәара ахаҭарнакцәа зегьы аԥареизгарақәа раан иахьынӡарылшо рхатә харџь аларҵоит. Абас ала, 50 шықәса раԥхьа ланду Азиза ихацлыркыз аус иахьагьы иаҭаху ак акәны ишыҟоу аршаҳаҭуеит. Лара Мона Омар Абаза лхаҭагьы иахьа дандухахьеит, уи лмоҭа уажәшьҭа иқәра наӡоуп, иаргьы ацхыраара аус далахәуп – азеиԥш ус ихатә ԥара алеиҵоит.

«Смоҭа мызқәак раԥхьа аусура далагеит, ауниверситет далгахьеит, Еиду Америкатәи Ашҭатқәа рҟны дынхон, уатәи ауниверситет аҿы шықәсқәак аус иуан. Уажәы ара Египет дыҟоуп, иаб иеиԥш анџьнырс аус иуеит. Ус иасҳәеит: уажәшьҭа уаргьы аус ууеит, ауалафахәы уоуеит, ус анакәха ацхыраара зҭаху рзы хәҭак алауҵалароуп ҳәа. Ԥшьба-хәба мзы ҵуеит азеиԥш фонд ахь иаргьы аԥара алеиҵоижьҭеи. Абасалоуп ҳусура шымҩаԥаҳго», – лҳәеит Мона Омар Абаза.

Аусутә еиҳарак ианырцәоу аныҳәақәа рыламҭалаз ауп: Мона Омар Абаза лажәақәа рыла, усҟан «иахьынӡауа ирацәаны ацхыраара уҭаххоит».

«Аҭаацәара дуқәеи ахәыҷтәы ҩнқәеи рахь афатә-ажәтә ҳашьҭуеит. Аԥрынџь, ахәша, ашьаҳариа, ашьақар, ачаи наҳашьҭуеит. Аныҳәақәа раан ахәыҷқәа амаҭәа-ҩыҭәа, ашьаҵақәа уҳәа ҳамҭас ираҳҭоит, амаҭәа ҿыцым, аха ихангьы иҟаӡам», – лҳәеит Абаза.

Ҳазҭоу ашықәс мшаԥымзазы Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс аделегациа усуратә ныҟәарала Египет иаҭааны иҟан. Аусуратә аҭаара аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥган адиаспора активистцәеи, акульутра аузуҩцәеи, ажәла Абаза аҭоурых аспециалистцәеи рԥыларақәа, ԥхьаҟатәи аусеицура амҩақәа азгәаҭан, аиҩызаратә еиқәшаҳаҭрақәа напы рыҵаҩын.