2019 шықәсазы 105 шықәса ҵуеит Актәи адунеизегьтәи аибашьра иалагеижьҭеи, уи аибашьра адәаҿы афырхаҵара дуӡӡеи Аԥсадгьыл ахь еицакра зқәым абзиабареи аадырԥшит аԥсуа ҵеицәа.

Арифа Қапԥҳа

1914 шықәса, рашәарамза 28 рзы Сараево ақалақь аҟны босниатәи асерб Гаврило Принцип ауаҩшьра ҟаиҵеит, иишьызгьы – австро-венгриатәи аҳ иҭыԥ ашьҭрамадаҩ, ерцгерцог Франц Фердинанд иакәын. Абри ахҭыс ҵаҵӷәыс иҟаҵаны ихацыркхеит ауаҩытәыҩсатә ҭоурых аҟны иреиҳаӡоу абџьаршьҭыхлатәи аконфликтқәа ируаку – Актәи адунеизегьтәи аибашьра. Уи иалахәын ганкахьала – Урыстәылатәи аимпериа, Британиатәи аимпериа, Франциатәи ареспублика, арҭ ах-ҳәынҭқаррак еизыразны Антанта захьӡыз аидгыла аԥырҵеит, егьи аганахьала – Германиатәи, Австро-Венгриатәи, Османтәи аимпериақәеи Болгариатәи аҳреи. Официалла аибашьра рылаҳәан ԥхынгәымза 28, 1914 шықәсазы. Сынтәа 105 шықәса ҵуеит иара алагеижьҭеи.

Агәымшәареи «ахареи»

Актәи адунеизегьтәи аибашьраҿы Урыстәылатәи аимпериа абираҟ иаҵагыланы еибашьуан Кавказ жәларқәа рхаҭарнакцәа рацәаҩӡаны: ауаԥсуаа, ачеченцәа, аҟарачқәа, аингәышцәа, даӷьсҭанаа, аԥсуаа, ашәуаа уҳәа убас егьрҭгьы. Кавказ аҵеицәа рхы аадырԥшит агәымшәара злаз, ҟазарыла еибашьуаз фырхацәаны, аибашьра адәаҿы урҭ идырҳаз хьӡи-ԥшеи Урыстәылатәи аимпериа аҳәаақәа хараӡа ирҭысит. Иџьашьатәуп ашьхарыуа жәларқәа, хаҭалагьы – аԥсуаа абри аибашьрахь ацара зынӡа иахьырыӡбаз, хатәгәаԥхарала ралахәра атәы ҳамҳәаӡаргьы. Избан акәзар уи аамҭазы ажәлар рыԥсҭазаашьа акыр иуадаҩын.

Актәи адунеизегьтәи аибашьра иаԥхьанеиуаз аамҭазы аҭоурыхҭҵааҩы-кавказдырҩы Руслан Гәажәба абар ииҩуа: «Кавказтәи аибашьра анынҵәа аамышьҭахьи (1864 шықәса - аред.) 1866 шықәсеи 1877 шықәсеи рзы аԥсуа жәлар аҳратәра иаҿагыланы рықәгыларақәеи рышьҭахь Аԥсны ааҭацәит, иаанхаз 19 нызқьҩык аԥсуаа роуп, нас даҽа жәашықәса рыла даҽа 30 нызқьҩык раҟара хынҳәит. Аԥсуа жәлар «ахара рыдны» иԥхьаӡан (ақәгыларақәа рымҩаԥгара харас ирыдҵан - аред), анхара азин рымамызт аӡиасқәа Ааԥсҭеи Кәыдри рыбжьара. Аԥсуаа рыԥсадгьыл аҿы арезервациа иҭакызшәа инхон Кәыдрытәи, Самырзаҟантәи, Гәдоуҭатәи аучасткақәа рҿы. «Ахара» ирыдыз рхыхын 1907 шықәсазы».

Аха иара уи аамышьҭахьгьы аԥсуаа аррамаҵурахь инарыԥхьомызт, Самырзаҟантәи аԥсуааи аамысҭа жәлақәа рхылҵшьҭрақәеи рыда.

Ран-рыԥсадгьыл рыхьчон, «иранԥсазшәа» акәымкәа

Аибашьра анҵысы, Кавказтәи аҽыуаа рдивизиа шьақәгыло ианалага, аԥсуаа аҳратә еиҳабырахь аҳәара ҟарҵеит, ашьхарыуа жәларык реиԥш, хатәгәаԥхарала еибашьуа раҳасабала абри адивизиа иаларҵарц. Абас ауп ишыҟалаз еицырдыруа Аԥсуаа рышәк.

«Кавказтәи аҽыуаа рдивизиа хьӡырҳәага (ажәлар рҿы Дикаиа дивизиа ҳәа иашьҭан – аред.) иалаз реиҳараҩык Урыстәыла иаӷацәаз рмоҭацәа, ма рԥацәа ракәын. Дара аурысқәа ирывагыланы еибашьра ицеит хатәгәаԥхарала, аӡә идҵала, ма ак рықәыӷәӷәоны акәымкәа. Адивизиа аҭоурых аҿы иҟам адезертирра хҭыскгьы», – ҳәа иҩуан игәалашәарақәа рҿы Ҟабардатәи аполк афицарцәа руаӡәк Арсениев.

Кавказтәи адивизиа иазкны ацәаҳәа шьахәқәа иҩит иара убас аибашьратә хҭысқәа ирылахәыз аграф Палецки, ашьхарыуа еибашьцәа ргәымшәареи раамысҭашәареи ахәшьара ҳаракӡа рыҭауа.

Уи иазгәаҭара шеибгоу иааҳгоит: «Адивизиа иамоу аибашьратә қәҿиарақәа рацәаӡоуп. 1916 шықәса, лаҵарамзазы Ҟабардатәи аполк амацара 1483-ҩык атҟәацәа агеит, урҭ рхыԥхьаӡараҿы 23-ҩык афицарцәан, иааидкыланы адивизиа зегьы иргаз атҟәацәа рхыԥхьаӡара ԥшьынтә рыла еиҳан дара рхаҭақәа рхыԥхьаӡара аасҭа. Адивизиа еибашьуеижьҭеи ацәыӡқәа рацәаны иаиухьеит, аха кавказтәи ашьхарыуаа аханатә инаркны уажәынӡа гәымшәара дула рхы аадырԥшуеит, рыӷәӷәара еицакуам, ашәара, ма ахьаҵра закәу рыздырӡом. Ҳаибашьра иалоу архәҭақәа рҟынтә реиҳа узықәгәыӷша ируакуп ари адивизиа, аурыс ар ргәадура. Кавказаа ари аибашьра зынӡагьы рхы аладмырхәыр ҟалон, аӡәгьы гәыбӷан рызиҭомызт уи азы. Кавказаа ирымаз зегь рымаҳхит: рышьха ԥшӡақәа, рыԥсабара ссир, нҵәара зқәым рыдгьыл амалқәа зегьы. Нас аибашьра аналага, кавказаа хатәгәаԥхарала Урыстәыла ахьчара идәықәлеит, ран-рыԥсадгьыл гәакьа рыхьчозар еиԥш гәышԥыла игылеит, анԥса бааԥсы леишәацәгьа дрыхьчозар еиԥш акәымкәа. Кавказаа зегь усоуп ишыҟоу: урҭ гәыла-псыла ирыцарцәоуп, ачарҳәареи аԥсахреи ахаан рхы иақәнадыргом. Урыстәылеи уи ахақәиҭреи ирҿагыланы акәӡам Кавказтәи адивизиа шеибашьуа, аурыс ар ирывагыланы еибашьуеит, зегь раԥхьагьы игылоуп, зегь раасҭагьы гәымшәарыла ҳхақәиҭразы иҭахоит», – ҳәа иҩуеит Палецки.

1917 шықәсазы аинрал Корнилов ар ркомандаҟаҵаҩыс данарҭа, зегь реиҳа иӷәӷәаз ируакыз ҳәа иԥхьаӡаз Кавказтәи адивизиа агәаҭара рылеиҳәеит. «Урҭ ахҭысқәа лабҿаба избаз ишырыҩуа ала, адивизиаҿы еиҳа ирылукаауа иҟан ачеченцәеи, ахҭырԥа шкәакәақәа зхаз аԥсуааи. Корнилов ҩ-нызқьҩык аҽцәа даарыхәаԥшны убас иҳәазаап: аибашьратә ҳауа аасҿасит абаа ҳәа, «аибашьцәаҵәҟьа збеит» ҳәа аанарго», – ҳәа еиҭеиҳәоит Гәажәба.

«Аџьарныҟәгаҩцәа рышәк»

Аԥсуаа рышәк Черқьестәи аҽыуаа рполк иахәҭакын, иара уи аполк Кавказтәи аҿыуаа рдивизиа ду иахәҭакын (адивизиа иалан иара убас Ҟабардатәи, Даӷьсҭантәи, Ҭаҭартәи, Чечентәи, Ингәыштәи аҽыуаа рполкқәеи, Ауааԥсаа рыршьаҟауааи – аред.). Кавказтәи ашьхарыуаа рыбжьарагьы аԥсуа еибашьцәа рлеишәала, ргәымшәарала зегьы иаарылукаауан. «Аԥсуаа рышәк» аҟны аибашьратә ҳамҭа занарымшьаз ҳәа аӡә днымхеит, убри азыҳәан «аџьарныҟәгаҩцәа рышәк» ҳәагьы ирышьҭан», – иазгәеиҭоит Руслан Гәажәба.

Аҭоурыхҭҵааҩ игәаанагарала, ажәа «ашәк» аибашьцәа рхыԥхьаӡара ҵабыргыҵәҟьа аанарԥшӡом: зынӡа аибашьра иалахәын 500-ҩык рҟынӡа аԥсуаа. Аԥсуа ҵеицәа аибашьрахь ицеит ашьхахыҵырҭақәа ирхысны, Тҟәаԥс ала, анаҩс Армавир ақалақь аҿы арратә зыҟаҵарақәа ирхысит, насоуп еибашьуаз ар ианрылала.

Жәаҩык аԥсуаа Урыстәылатәи аимпериа иреиҳаӡоу аибашьраә ҳамҭақәа ранашьан. Гәажәба иажәақәа рыла, Черқьестәи аполк иахәҭакыз «аԥсуаа рышәк» акомандир Кәаҵиа (Корнет) Лакрба ихьӡ – Аҳ ир зегьы аҟны иреиӷьӡоу 12-ҩык аибашьцәа ирылакны ирҳәон. Абри асиа кьыԥхьын ажурнал «Нива» адаҟьақәа рҿы, 1916 шықәсазы.

Гьаргь ацқьа ихьӡ зху «Агәымшәаразы» ахьтәы абџьар аԥсуаа рҟынтә иранашьан: апрапоршьчик Магомед Агрба, Ингәыштәи аполк акомандир, аполковник Гьаргь Мерчул, апоручик Варлам Шьенгьелиа. Гьаргь ацқьа иорден акавалерцәас иҟалеит: Ҟабардатәи аполк ауриадник Адамыр Цәышба, Аԥсуаа рышәк ауриадникцәа Дмитри Ачба, Уасил Магба, Кәасҭа Коӷониа, Рамазан Шхаласов. Хаҭала иаадырԥшыз агәымшәаразы асолдаҭтә Гьаргь ацқьа иџьар ранашьан иара убас аԥсуа афицарцәа, урҭ дыруаӡәкуп Ҭаҭартәи аҽыуаа рполк апрапоршьик, аҭауад Ҳаиҭбеи Чачба.

Аҭоурых хазынақәа

Аԥсуаа рышәк алахәцәа реибашьратә фырхаҵарақәа ирыдҳәалоу аҭоурыхқәа рацәоуп. Раԥхьаӡа иргыланы, адивизиа акомандир акорнет Лакрба ифырхаҵара ххаҿы иааиуеит, аха уи имацара иакәӡам зҽалызкааз.

Кавказаа гәымшәақәа рыхьӡқәа ирылыҷҷаауеит аԥсуа еибашьҩы Гьаргь Мерчул ихьӡгьы. Иара Ингәыштәи аполк акомандирс дыҟан, Урыстәыла иреиӷьӡоу ҽыуаҩыс дыԥхьаӡан.

«1909 шықәсазы Европа имҩаԥыргон иреиӷьу аҽцәа ралкааразы аицлабрақәа, – иҩуеит Гзажәба, – усҟан аҽырыҩраҿы ирыцназго дыҟам ҳәа иԥхьаӡан англызцәеи афранцызцәеи, иара (Гьаргь Мерчул – аред.) урыстәылатәи аҽцәа ркоманда даԥхьагылан, убасҟан дара аиааирагьы ргеит, Мерчул иакәзар – аҽықәтәара данцәахәуп ҳәа дазхарҵеит».

Аингәышцәа даара пату иқәырҵон рполк аԥызара азызуаз аԥсуа Гьаргь Мерчул, «ԥашьа» ҳәагьы ишьҭан (аингәышцәа реиҳараҩык мсылманцәоуп, ахьӡ «ԥашьа» - амсылман тәылақәа рполитикатә системаҿы иреиҳаӡоу титулуп, аханатә ар рԥызацәа рзы ахархәара аман – аред.), ажәылара ианцоз абас еиԥш ажәақәа злаз ашәа рҳәон: «Ҳацәшәаӡом ахы-ццышә, ԥхьаҟа ҳцоит гәышԥыла, ҳара дҳаԥхьагылоуп агәымшәа

Мерчула! Аиааира ҳгеит бзарбзанла, ҳаҟоуп ҳгәырӷьаҵәа, Урыстәыла зегьы иадыруеит, ҳџьыгьитцәоуп аингәышцәа!» Ари ашәа аингәышцәа иахьагьы ибзианы иргәалашәоит, иҳәоит Гәажәба.

Черқьестәи аполк аҟны зны аицлабра мҩаԥыргеит «иреиӷьу аибашьҩы» иалхразы. Ари ахьӡ иаԥсаз рацәаҩны иқәдыргылеит, аха реиӷьу ҳәа далкаан аԥсуа еибашьҩы Ҭарба Ахмаџьыр. Иара ианашьан Гьаргь ацқьа иџьарқәа хԥа. Иара убасгьы далаҽхәаны иныҟәигон араӡны сааҭқәа – урыстәылатәи аимператор Николаи II-тәи хаҭала ҳамҭаз ииҭахьаз.

Анаҩстәи аҭоурых аҟны Гәажәба хҩык аҵеи гәымшәақәа рыхьӡ иҳәоит: «Ҽнак зны аибашьцәа ҩымчыбжь ԥсшьара ҳәа атыл ахь ианоурыжь, дара-дара рыбжьара аҽырыҩра мҩаԥыргеит, уа аиааира игеит аԥсуа еибашьҩы Шьын Лакәиа – уи еизаза рҿаԥхьа иҽы ирхәмарит, нас аԥхьатә шьапқәа шьҭыхны акомиссиа иареи метрабжак рыбжьаны убас ишгылаз арапорт ҟаиҵеит: Черқьестәи аполк иалоу аԥсуаа рышәк аҽыуаҩ Шьын Лакәиа ҳәа. Усҟан, зыҽқәа бзиаӡаз ҳәа ирдыруаз ачерқьесцәа аҽырыҩраҿы иахьзымиааиз ргәы иалсын, напышьашәала ақәԥараҿы ҳаиндаҭлап рҳәеит. Ачерқьесцәа рҟынтә дықәгылеит ҩ-метраки 20 сантиметри зоура ыҟаз адауаԥшь, аҟарач ҭауад жәла Крымшахаловаа рхаҭарнак. Уи диндаҭларц аԥсуаа дықәдыргылеит Ҭхьына ақыҭа иалҵыз аибашьҩы гәымшәа Шаман Сабекьиа. Иоура-иҭбаара, ижәҩахырқәа уҳәа дыӷәӷәаӡа дыҟан уи а-Сабекьиа. Секундқәак рыла аҟарач ижәҩахыр дааҭаирԥеит. Абрагьы аԥсуаа аиааира ргеит».

11-ҩык аԥсуаа австриауаа шәҩык ирҿагыланы

Аԥсуаа рышәк афырхаҵас дыԥхьаӡоуп убасгьы Уасил Лакоба – Гьаргь ацқьа иџьарқәа хԥа занаршьахьаз. Иареи, акорнет Лакрбеи, иара убасгьы ԥыҭҩык аԥсуааи – иааидкыланы 11-ҩык – ирылшеит австриатәи аредут рнапахьы аагара. «Аредут ахәаҿы иқәгылан, иаакәыршаны – аӡмахқәа ҭачын… уи зегьы хынтәны иаакәыршаны аҭиграф ала иҭакын, - иҳәоит Руслан Бӷажәба, - уи аредут аҿы иҟан шәҩык инареиҳаны австриауаа, еиԥмырҟьаӡакәа ишреихсутзгьы аԥсацәа ирылшеит уахь анеира, итҟәангьы иргеит 24-ҩык, иара убасгьы аӷа иабџьар рнапаҿы иааргеит.

Аидыслара ашьҭахь, имҩаԥгаз Кавказтәи адивизиа аргылараҿы адҵа ҟаҵан: аԥсуаа – шьаҿак ԥхьаҟа ҳәа. Адивизиа акомандаҟаҵаҩ, аимператор ихьӡала аԥсуа еибашьцәа иҭабуп ҳәа реиҳәеит, иагьрылеиҳәеит, аибашьра ашьҭахь, иарбанзаалак ргәыхәтәы шынагӡахо. Афицарцәа аԥхьаҟа иналҵны ус рҳәеит: раԥхьӡа иргыланы, ҳара иаҳҭахуп ҳхәыҷқәеи, аҷкәынцәеи, аӡӷабцәеи аҵара рҵаразы аҭагылазаашьақәа раԥҵара, иҩбахаз – Аԥсны аокруг (уи аамҭазы Аԥсны – Аԥснытәи аокруг ҳәа Урыстәылатәи аимпериа иахәҭакны иҟан – аред.) ахаҭыԥан Амшынеиқәатә губерниас иҟаларцазы, ихԥахаз – абџьар аныҟәгараз азин аҭара. Урҭ аҳәарақәа аҭакс ирыҭан, аҳ-аимператор идҵала зегьы аӡәаӡәала игәыдкыланы, ргәазыҳәарақәа зегьы, аибашьра анааилгалак ашьҭахь хымԥада ишынагӡахо атәы рарҳәарц». Аха урҭ ргәазыҳәарақәа нагӡара рықәмызт. Аҳ-аимператор имшқәа ԥхьаӡан, Урыстәылатәи аимпериа ахабгаларагьы ааигәахара иаҿын.

Афырхацәа ргәалашәара афырхацәа ҿыцқәа ааӡоит

Актәи адунеизегьтәи аибашьра афронт аҟынтә ианыхынҳә ашьҭахь, Аԥсуаа рышәк алахәцәа аӡәырҩы ареволиуциатә хеилак «Кьараз» иалахәцәахеит, Аԥсны Асовет мчра аагара иацхрааит. 197 шықәсазы ирацәаҩӡоуп дара рахьтә арепрессиақәа ирыладырӡыз, ԥшьҩык аишьцәа Магбақәа, Уасил Лакоба ихаҭа уҳәа убас аӡәырҩы.

Иахьа «аԥсуаа рышәк» иалахәыз рыхьӡқәа зынӡаск иаҳхашҭит иҳәоит Рулан Гәажәба, егьырҭ Кавказ жәларқәа рҿы урҭ шыргәалашәо ҿырԥшыс иааганы: «Актәи адунеизегьтәи аибашьра шәышықәса ахыҵит. Ингәыштәыла идыргылеит Кавказтәи адивизиа иалахәыз аҽыуаа рбаҟа, уи аартрахь ааԥхьара лырҭеит Кавказтәи адивизиа акомандир Михаил Романов имоҭа, альбом ҭрыжьит, Уаԥстәылагьы убас ҟарҵеит».

Аҭоурыхҭҵааҩ иазгәеиҭоит, жәларыцыԥхьаӡа рфырхацәа ргәалашәозароуп ҳәа, уи уалԥшьоуп – иҟарҵаз ахамшҭра. «Афилософцәа ишырҳәо еиԥш, афырхацәа ргәалашәара – афырхацәа ҿыцқәа ааӡоит, еснагь зыԥсадгьыл ахьчара иазхиоу», – иҳәоит иара.

Ҳауаажәлар ирзеиӷьаҳшьар ҳҭахуп доусы ишилшо ала абри агха дыриашарц, ҳабдуцәа рфырхаҵара ҳгәалашәалааит, урҭ ргәымшәареи рхамеигӡареи ҿырԥшыс ирымазааит изызҳауа абиԥара.