Ҭырқәтәылатәи апсуа культуратә центрқәа рфедерациа, Ҟабарда-Балкариатәи Ареспубликеи, Ҟарачы-Черқьессиатәи Ареспубликеи иҟоу аԥсуа, абаза уаажәларратә еиҿкаарақәа аус рыцуразы аиқәшаҳаҭра аднакылеит, арҭ ареспубликақәа рҿы имҩаԥнагоз аусуратә ныҟәара аҳәаақәа ирҭагӡаны.

Саид Барганџьиа

Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуа-абаза диаспора аделегациа алахәцәа – Аԥсуафед ахантәаҩы Аҭанур Аҟәысба, Сҭамԥылтәи аԥсуа центр аиҳабы Шамиль Иашба, Адунеизегьтәи аԥсуа-абазатә конгресс Иреиҳаӡоу Ахеилак алахәыла Ведаҭ Маҟар, Ҭырқәтәыла иҟоу азинмчра змоу Аԥсны ахаҭарнак Вадим Ҳаразиа, уи ицхырааҩ Асҭамыр Багаҭелиа – аҭааит Ҟабарда-Балкариеи Ҟарачы-Черқьессиеи. Аныҟәара аҳәаақәа ирҭагӡаны, Аԥсуафеди, ҞЧА, ҞБА иҟоу ауаажәларратә еиҿкаарақәеи аиқәшаҳаҭрақәа рыбжьарҵеит. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп – Кавказ амилаҭқәа рҭоурыхи ркультуреи ҭызҵаауа Ацентр «Абаза», ИАЕ «Алашара», ҞБА иҟоу Аԥсуа культуратә центр.

Аԥсуафед ахантәаҩы Аҭанур Аҟәысба иазгәеиҭеит, зыӡбахә ҳәоу ауаажәларратә еиҿкаарақәеи Афедерациеи ишрыбжьоу «акыраамҭатәи аиашьаратә еимадара».

«Хықәкы хадас иҳамоу – ҳаимадара арӷәӷәара, насгьы, акультуратә усмҩаԥгатәқәа реиҿкаареи, ахатәы бызшәа арҵареи, аҟыбаҩ бзиа злоу аҿар рыдгылареи рыҟны аицхыраароуп. Убри азоуп аиқәшаҳаҭрагьы зҳабжьаҳҵаз», – иҳәеит Аҟәысба.

Аусуратә ныҟәара аихшьалақәа ҟаҵо, Аҭанур Аҟәысба еиҭеиҳәеит, ҭырқәтәылатәи аделегатцәа алшара шрымаз жәларбжьаратәи ахеидкыла «Алашара» имҩаԥнаго аусура «ҩныҵҟала аҭҵаара», насгьы, уи аиҿкаара фышықәса рыла иарҳаз аԥышәа аҿҵаара.

Аԥсуафеди, Кавказ амилаҭқәа рҭоурыхи ркультуреи ҭызҵаауа Ацентр «Абазеи» реимадара атәы уҳәозар, урҭ аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵаанӡа, Ацентр аиҳабы Владимир Ԥшьеноҟәа иԥыларақәа акырынтә Аԥсны имҩаԥгахьан.

«Ҳусеицура еиуеиԥшым ахырхарҭақәа заа ҳрызхәыцхьан, аус рыдаҳулахьан, аиқәшаҳаҭра еффективла аус ауразы, иара убасгьы, ҳаимадараҟны уи иӷәӷәоу цхыраагӡас иҟаларц азы», – иҳәеит Аҟәысба.

Ацентр «Абаза» ахантәаҩы Владимир Ԥшьеноҟәа иазгәеиҭеит, аԥсуа-абаза диаспора ахаҭарнакцәа ахьанхозаалакгьы, урҭ реимадара шырӷәӷәатәу. «Аиқәшаҳаҭра хықәкы хадасгьы иамоу убри ауп. Ҳара ҳзы ихадақәоу ируакуп акультуратә аспект, ахатәы бызшәа арҵара», – иҳәеит Пшьеноҟәа.

Иара инацҵаны иазгәеиҭеит, аиқәшаҳаҭраҿы ишарбоу, еиуеиԥшым аинформациа аимдара, аҿар рырҿиаратә хаԥшьгарақәа рыцхыраара, аҭҵаарадырра-практикатә конференциақәа реиҿкаара, уҳәа убас егьырҭ еиуеиԥшым ахырхарҭақәагьы.

Ҭырқәтәылатәи аделагациа Ҟабарда-Балкариатәи Ареспубликеи, Ҟарачы-Черқьессиатәи Ареспубликеи ҩымш ирҭааны иҟан – лаҵарамза 7 инаркны 9 рҟынӡа.