Сҭамԥыл иҟоу Аԥсуа культуратә центр аҿы аԥсшәа арҵаҩыс иҟоу Дали Санӡааԥҳа ҳкорреспондент изеиҭалҳәеит лҵаҩцәа зеиԥшроу, проблема хадас иахьазы иқәгылоу – арҵага шәҟәы бзиақәа рыҟамзаара шакәу, иара убас лҵаҩцәа рықәҿиарақәа азгәаҭауа, агәра шылгаз – аԥсшәа ахы инаркны аҵара илшоит дарбанызаалак, зуаҩыбжара иҭысхьоу иакәзаргьы.

Аиҿцәажәара мҩаԥылгеит Асҭа Арӡынԥҳа.

– Иҳаҩсыз ашықәс ҭагалан аахыс Сҭамԥыл иҟоу Аԥсуа культуратә центр аҟны аԥсуа бызшәа арҵаразы акурсқәа мҩаԥыжәгоит. Ишԥамҩаԥысуеи арҵара апроцесс, насгьы шаҟаҩ аҭаауеи арҭ акурсқәа?

– Сабшала ахәыҷқәа азыҟаҳҵоит, хашала – адуцәа, уи аҽны агәыԥқәа рацәаны еишьҭагылоуп. Урҭ ирылоу зегьы – Сҭамԥыл инхо аԥсуа-абаза диаспора рхаҭарнакцәа роуп. Ҳара ҳҵаҩцәа русура иахаршәаланы ирымоу аамҭа ҳаҽҭаҳагӡоит, убри аҟнытә ахаша, аусурамшы ашьҭахь ҳаиқәшәоит, нас аахәлаанӡа ҳаиԥырҵуам. Иааидкыланы акурсқәа ирҭаауеит 40-ҩык инареиҳаны.

Иҵегь иҳацлар зҭахугьы даара ирацәаҩуп. Еснагь исазҵаауеит ҳаԥхьаҟа агәыԥ ҿыц ахь адкылара ҟалома ҳәа. Аха макьаназы ари азҵаара аҭак сыздыруам. Зегьы иреиҵбоу сҵаҩы фы-шықәса лхыҵуеит, зегьы иреиҳабцәоу – хынҩажәа ирҭысхьеит. Агәыԥқәа реихшара қәрала мацара акәӡам ишымҩаԥысуа, абызшәа маҷк иадымхаргьы издыруеи зынӡа иззымдыруеи ҳәоуп. Аиҳабацәа рҟынтә имаҷҩым аԥсышәала ацәажәара зылшо, аха аҩышьеи аԥхьашьеи рыздыруам.

Аурок ҩ-сааҭк ицоит, аха уи анынҵәалакгьы ауаа ацара иахыццакуам. Дара рзы арҭ аҽазыҟаҵарақәа мацара роуп абызшәа аҵаразы лшарас иҟоу.

– Излаҳбаз ала, аус здышәуло ахәыҷқәа ргәыԥ ақәҿиарақәа аадырԥшуеит. Аԥсышәала уажәшьҭа ицәгьамкәа рҿахәы рызҳәома?

– Дареи сареи абызшәа аҵара ҳалагеит ҵыԥх, абҵарамзазы. Хәымз рыла аҩышьеи аԥхьашьеи рҵеит. Изыԥхьаз еиҭаргар рылшоит, иара убас дара зусҭцәоу, рҭаацәа зеиԥшроу, бзиа ирбо рзеиҭаҳәоит. Аԥсуа поетцәа ражәеинраалақәа ҿырҳәала ирдыруеит, ирҳәоит. Аграмматика еиҳа ауадаҩрақәа ацуп, аха уигьы ԥшьаала аиааира ҳаҿуп.

Сара акыр сацәшәон ахәыҷқәа абызшәа аҵара ргәы ақәԥҵәоит ҳәа. Аха аханатә агәыԥ иалалаз ааҩык ахәыҷкәа уажәыгьы иныҟәоит, аӡәгьы даҟәымҵӡеит.

– Иарбан рҵага шәыҟәқәоу шәхы иашәырхәо?

– Арҵагатә цхыраагӡақәа иҭыҵхьоу шамахамзар зегь сымоуп, урҭ рҟынтә сҵаҩцәа ирнаало алсыԥшаауеит. Еиҳарак схы иасырхәоит 3-тәи акласс азы аԥсуа бызшәа арҵага шәҟәы (аурыс школқәа рзы), 2014 шықәсазы иҭыҵыз. Аиқәыршәаҩцәа – Ажьиба, Кәартаа. Аурыс школқәа рзы еиқәыршәоу арҵага шәҟәы еиҳа иманшәалоуп. Сҭамԥыл иҭыжьу егьырҭ арҵагатә хархәагақәа ахьԥсыҽу ыҟоуп, абызшәа аҵара иалаго рзы – ажәақәеи, адҵақәеи ирну уадаҩуп, аметодикагьы иҵегь еиӷьындаз уҳәо иҟоуп.

Адҵақәа зегьы схала аҭырқәшәахь еиҭазгоит. Убас амҩақәа ҳаԥшаауеит аҭырқәа бызшәала ицәажәо рзы аԥсшәа арҵара апрограмма злаҟам ала. Шәҟәык ауп иҳамоу насгьы, убри ахҩылаақәа ахыхны зегьы ирхьаҳагӡоит. Шьҭа хара имгакәа ԥхьаҟа ҳцалароуп, аха аԥшьбатәи акласс арҵага шәҟәқәеи анаҩстәиқәеи макьана иҳауртә иҟамлаӡацт. Аԥсныҟа адырра раҳҭеит, Аҵара аминистрра абри азҵаараҿы ацхыраара ҳарҭап ҳәа ҳгәыӷуеит.

– Аҵаҩцәа мчыбжьык ахь знык аҽазыҟаҵарақәа рызхома?

–Иҵегь лассы-лассы ҳаиԥылозар иаҳагьы еиӷьаҳшьон, ҳәарада. Аха ахәыҷқәа ашкол ахь иныҟәоит, адуцәа – аусқәа руеит. Убри аҟнытә асабшалеи, нас ахашала аусура мшы ашьҭахьтәи аамҭеи роуп макьана ҳхы иаҳзархәо. Аԥсуа бызшәа акурсқәа егьырҭ адернеқьқәа рҿгьы имҩаԥысуеит. Иаҳҳәап, Гәында Анқәабԥҳа лакәзар, Кавказтәи акультуратә центр аҟны аԥсшәа длырҵоит, араҟа Сҭамԥыл; Оксана Ҭарԥҳа – Инегиоль ақалақьаҿ; Елис Аргәын – Адаԥазар. Арҭ аҭыԥҳацәа Аԥснынтәи Ҭырқәтәылаҟа иаашьҭын, аха шықәсык инаӡоз урҭ ркурсгьы уажәшьҭа ахыркәшарахь инеиуеит. Сара сҵаҩцәа хәыҷқәа сыҳәоит ҳаԥхьарақәа аԥхынразгьы ирыцаҳҵарц, избанзар дара усҟан аԥсшьарамшқәа рымоуп, ашкол аҟынтә рхы иақәиҭуп. Убри аҟынтә ара нанҳәамзанӡа аус ҳаулоит.

– Аҭырқәа алфавит алатын шьаҭала иаԥҵоуп, иахьатәи аԥсуа алфавит акәзар – акириллица шьаҭас иамоуп. Аҵаҩцәа анбанқәа рыла иалагароуп абызшәа аҵара. Нас абри аиԥшымзаара ауадаҩрақәа ҟанаҵома? Насгьы, адиаспораҿы акыраамҭа ахархәара аман алатын шьаҭала еиқәыршәаз аԥсуа алфавит. Иарбан варианту шәара шәхы иашәырхәо?

– Ҳара аус здаҳуло иахьа Аԥсны ахархәара змоу аԥсуа алфавит ауп, акириллица ашьаҭала еиқәыршәоу. Аха аԥсуа нбанқәа рыҩраҿы, ахәыҷқәа реиԥш адуцәагьы ауадаҩра дуқәа рызцәырҵуам.

– Дали, шәыԥсҭазаара аӷьырак Аԥсны ишәхыжәгеит, уажәы Ҭырқәтәыла шәыҟоуижьҭеи, аҭыԥантәи аԥсҭазаашьа инагӡаны шәашьцылахьама?

– Ҭырқәтәылаҟа сааижьҭеи абар шьҭа жәибжь шықәса ҵуеит. Сара сыԥшәма – адиаспора рҟынтә иреиҳау аҵара аиуразы Аԥсныҟа раԥхьаӡа иааз дыруаӡәкын. Аҵараҿоуп ҳара ҳахьеибадырызгьы. Ҳанасыԥ анеилаҳҵа ашьҭахь даҽа хәышықәса Аԥсны ҳанхон, нас Ҭырқәтәылаҟа ҳцеит. Сыҷқәын х-бызшәак еиԥшны иҳәоит: аԥсшәа, аҭырқәшәа, аурысшәа. Уи аҵара иҵон Сҭамԥыл иҟоу Урыстәылатәи аконсулра ашкол аҟны.

Аҩны аԥсышәала мацароуп ҳашцәажәо, ари азҵаара сара аханатә игәцаракны сахылаԥшуеит. Избан акәзар еилыскаауеит атәым жәҩан аҵаҟа, ақалақь ду аҿы абызшәа аиқәырхара шыцәгьу, убри аҟнытә хаҭала сара исылшо зегь ҟасҵоит. Аҭырқәшәа аҵаразы апроблема ыҟаӡам, адәахьы уаадәылҵыр иароуп иуаҳауа, аԥсшәоуп ихьчатәу, имыӡырц азы аус улатәуп.

– Изныкымкәа ирҳәо ҳаҳахьеит Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуа ҿар рхатәы бызшәа рцәыӡхьеит, ирыздырӡом ҳәа. Аиҳабацәа абызшәала ицәажәоит, аҩышьеи аԥхьашьеи рзымдыруазаргьы, аҿар ракәзар, ҩ-ажәакгьы рзеидҳәалом ҳәа.

– Ааи, усоуп. Уи ус шакәу агәра згеит сара сҵаҩцәа рыла. Ҩынҩажәа шықәса ирҭысхьоу абызшәа рдыруеит, аха еиҵбацәоу рҟынӡа имааӡеит. Ус ҟалеит избанзар, урҭ аиҳабацәа рабиԥара ахаҭарнакцәа иахьрызҳауаз ақыҭақәа рҿы акәын, аԥсуаа жәпаҩны иахьынхоз. Аха 30-40 шықәса раԥхьа ауаа ақалақьқәа рахь ииасуа иалагеит. Уи апроцесс иахьагьы ацара иаҿуп. Ақалақь дуқәа рҿы ус уеизааигәаны, уҽеидкыланы узынхаӡом, убри аҟнытә изызҳауа ахәыҷкәа еиҳарак аҭырқәшәоуп ираҳауа. Нас ишнеи-шнеиуа ҭырқәшәала ихәыцуа, ицәажәо иалагоит. Убас изызҳаз рзы ахатәы бызшәа аҵаразы иахьа лшарак оуп иҟоу – Аԥсуа культуратә центр аҭаара.

– Шәҵаҩцәа Аԥсны иаҭаахьоума?

– Адҵақәа рҿы лассы-лассы иаҳԥылоит Аԥсны аҭыԥхьыӡқәа, нас ахәыҷқәа сазҵаауеит, иаҳҳәап, Гагра абаҟоу ҳәа, ма Аҟәа акәу, Гагра акәу иаҳа иԥшӡоу ҳәа. Избан акәзар дара реиҳараҩык Аԥсны зныкгьы имааӡацт, рыблала ирымбаӡацт. Аԥсны аӡбахә еснагь ирзеиҭасҳәоит, уи аҭоурых, акультура зеиԥшроу, Аԥсуара закәу.

Сынтәа ҳара иҳаӡбеит ахәыҷқәа ргәыԥ аҟны иреиӷьу аҵаҩы аԥхынразы Аԥсныҟа дҳашьҭырц. Аха Арепатриациа аминистрраҿы ари анраҳа, аҵаҩцәа зегьы рсиа рзынаҳашьҭырц иҳаҳәеит. Иҟалап, сынтәа сҵаҩцәа хәыҷқәа зегьы раԥхьаӡа акәны Аԥсны раҭаара алыршахар.

– Аԥсуа литература рдыруама дара? Дырмит Гәлиа дазусҭоу рдыруоу?

– Дырмит Гәлиа дырдыруеит. Аԥсшәа ануҵо иара иӡбахә умҳәакәа узавсуам. Аха, аԥсуа литература рдыруеит ҳәа шәасҳәар, шәызжьоит. Аҭырқәшәахь еиҭаргаӡом. Еиҭагақәак ыҟазаргьы, рыԥшаара даара иуадаҩуп.

– Ус агәаанагара шьақәгыланы иҟоуп, аԥсшәа аҵара убас иуадаҩуп, ушыхәҷу иумҵар, нас ҵашьа амам ҳәа. Ииашоума убри, шәгәы ишԥаанаго?

– Сақәшаҳаҭӡам. Ишәцәызӡом, саргьы акыраамҭа ус сгәы иаанагон, апрактикаҿы схаҭа аҿырԥшқәа сымбазҭгьы. Аԥсшәа аҵара алшоит шықәсқәак рыла. Сҵаҩцәа акыр аихьӡарақәа рымоуп. Алексикаҿы апроблема рымаӡам, аграмматикаҿоуп ауадаҩрақәа ахьцәырҵуа.

Мчыбжьык ахь ҩ-сааҭк роуп иҳамоу абызшәа аҵаразы, аха егьи абжьара еснагь ҳаимадоуп. Мессенџьер аҟны еицаҳзеиԥшу агәыԥ ҳамоуп, сҵаҩцәа аҩныҟатәи адҵақәа ианырҿу, зҵаарак рызцәырҵуазар, уа исырҭоит. Саргьы иахьынӡауа ирласны аҭак рысҭоит, иарбан темазаалакгьы, еилсыргоит.

Аилыркаа

Дали Санӡааԥҳа – Сҭамԥыл иҟоу Аԥсуа культуратә центр аҟны аԥсуа бызшәа арҵаҩы, ибзиаӡаны илдыруеит аԥсшәа, аҭырқәшәа, аурысшәа. Диит, илызҳаит Кәтол ақыҭан, Аԥсны. Ҭырқәтәыла дынхоижьҭеи 17 шықәса ҵуеит, лыԥшәма иҭаацәа рахь нхара даниас инаркны