Аԥсны аҳәынҭқарратә музеи аҿы иаатит аԥсуа, абаза жәлар рыхәмаргақәа рцәыргақәҵа

Саид Барганџьиа

Амилаҭтә хәмаргақәа рекспозициа аусура иалагеит Аԥсны аҳәынҭқарратә музеи аҿы, ахаша, лаҵарамза 8 рзы.

Аҳәынҭқарратә музеи Антикатәи аамҭеи Абжьаратә шәышықәсақәеи рҭоурых аҟәша аиҳабы Диана Ахԥҳа аԥсуа-абаза жәлар рыхәмаргақәа рҭоурых ҭылҵаауеижьҭеи жәаа шықәса ҵуеит. Лара имҩаԥылго акыршықәсатәи аус абзоуралоуп, амилаҭтә хәмарга аҟаҵашьа иазку акырзҵазкуа аинформациа злеиқәырхазгьы. Ахԥҳа лоуп иагьеиҿызкааз ари ацәыргақәҵа.

«Ҳаныхәыҷқәаз еиуеиԥшым ахәмаргақәа ҳрылахәмаруан, аха урҭ реиҳарак афабрика иҭнажьуа ахәмаргақәа ракәын. Амала зны-зынла сани сандуи исдырбон рнапала акьанџьа шыҟарҵоз. Исгәалашәоит, урҭ акьанџьақәа даараӡа ишысгәаԥхоз. Уи азы акәзаргьы ҟалап, ижәытәу ахәмаргақәа еидкыланы, урҭ рцәыргақәҵа аиҿкаара зысыӡбаз», -ҳәа еиҭалҳәеит Диана Ахԥҳа.

Акьанџьақәа ирызку аинформациа аизгара Диана далагеит 2001 шықәсазы. Раԥхьатәи аамҭақәа рзы иҟан 25 кьанџьа.

«Сара еилыскаауан аамҭа рацәа шҳацәцахьоу, насгьы, иаарласны амилаҭтә хәмаргақәа рҭоурыхи урҭ рыҟаҵашьеи аҭҵаара напы аҳмыркыр, хәы змаӡам адыррақәа шаҳзеизымго, ишыхьшәацәахо. Сара еидыскылеит ҳани ҳаби, хандуцәеи хабдуцәеи злахәмаруаз акьанџьақәа», - еиҭалҳәеит лара.

Диана Ахԥҳа имҩаԥылгоз аҭҵааратә усура аҳәаақәа ирҭагӡаны дырԥылон хыԥхьаӡара рацәала ауаа – 70 инаркны 96 шықәса зхыҵуаз рҟынӡа. Урҭ рҟынтә ԥыҭҩык иахьа рыдунеи рыԥсаххьеит. Лара илылшеит, амилаҭтә хәмаргақәа шыҟарҵо атәы згәалашәоз Аԥсны инхо ауаа рыԥшаара. Уи адагьы, аизгаҩ иҟалҵаз аҳәарала ақыҭауаа еигәырӷьаны, ажәытәан ишыҟарҵоз еиԥшҵәҟьа, илзырӡахит акьанџьақәа.

Диана Ахԥҳа аус луанаҵы ахәыҷқәа рзы еиҿылкааит апроектқәа ԥыҭрак, ахәмаргақәа рыҭҵаареи, реиҭашьақәаргылареи иазкны.

Убас, Ахԥҳа лколлекциа, аԥсуа жәлар рыхәмаргақәа еизызго, цәыргақәҵан Санкт-Петербург, ахәмаргақәа рмузеи аҟны. Ацәыргақәҵа мҩаԥган 2007 шықәсазы, Аԥсны Аҳәынҭқарра Аминистрцәа Реилазаареи рыцхыраарала, насгьы иара амузеигьы ыцхыраарала.

Ахԥҳа лыпроектқәа руак аҳәаақәа ирҭагӡаны, аҟазацәа ахәыҷқәа напыла ахәмаргақәа рыҟаҵашьа ддырҵон. Уи апроект адгылара анаҭеит Апснытәи ауаажәларратә- рҿиаратә фонд «Амшра». Убасгы, Диана Ахԥҳа иааигәаны аус ацылуан Жәларбжьаратәи ахеидкыла «Алашара», апроект «Абаза, аԥсуа жәлар рыхәмаргақәа рыҭҵаареи рыҟаҵашьеи» аҳәаақәа ирҭагӡаны.

«Иԥшаан даара аинтерес зҵоу абаза жәлар рыхәмаргақәа, урҭ рыҭҵаара алҵшәақәа рыла астатиа азырхиан, 2017 шықәсазы Аҟәа еиҿкаан ацәыргақәҵа «Абаза, аԥсуа жәлар рыхәмаргақәа» ҳәа хьӡыс измаз», – ҳәа ҳаиллыркааит Диана Ахԥҳа.

Иахьазы аколлекционер лыҭҵааратә усура иацылҵоит, адәынтәи аматериал еизылгоит, Аԥсны еиуеиԥшым араионқәа рҟынтә ахәмаргақәа рыҟаҵашьа здыруа аҟазацәа дырԥылоит, ианыхәыҷқәаз знапала ахәмаргақәа ҟазҵоз.

Абри ахҭыс иазку афотолента ахәаԥшра>>

«Абарҭ ахәмарга хазынақәа рзы аҭыԥ уԥшаар ҟалоит Аҟәа – уада ҭбааҭыцәк, нас иара убра аԥсуа жәлар рыхәмаргақәа румзеи хәыҷ аартразы. Абри атәы иасҳәеит ақалақь ахада (2015 шықәса инаркны Аԥсны аҳҭнықалақь ахада Адгәыр Ҳаразиа – аред.), иара даара дазҿлымҳахеит ари атема, аҭыԥ азы дшазхәыцуагьы ажәа ҳаиҭеит. Агәра ганы сыҟоуп Аԥсны ауааԥсыра реиԥш, ҳтәыла иаҭаауа асасцәагьы рыбжьара ари амузеи аинтерес ду шаиуа, избан акәзар ахәмаргақәа рҭоурых – шәышықәсала ишьақәгылоз ажәлар ркультура иахәҭакуп, ахәмаргаҟаҵашьа иазку иуникалтәу адыррақәа ҳзаанартуеит, имырӡкәа абиԥарала еимыздоз», – ҳәа азгәалҭеит Ахԥҳа.

Иаатыз ахәмаргақәа рцәыргақәҵа, аиашазы, аинтерес ду цәырнагеит Аҟәа ақалақьуааи асасцәеи рыбжьара. Ари аекспозициа аџьабаа ду шаду убаратәы иҟоуп лҳәеит ацәыргақәҵа аҭааҩ Ирина, избан акәзар «ажәытә аԥсуа, абаза хәмаргақәа ирызку аинформациа здыруа маҷны иаанхеит».

«Апроект автор даараӡа иҭабуп ҳәа ласҳәоит ажәлар рҭоурых азы абас акрызҵазкуа аинформациа ахьеидылкылаз азы. Сара сзы иџьашьатәхеит абрысҟатәи аиуеиԥшымзаара, аформа аганахьалагьы, ахәмаргақәа злырхуаз аматериалқәа раганахьалагьы. Урҭ зегьы ԥсабаратәқәан, иара убри мацарагьы усҟантәи абзазара зеиԥшраз азы иаҳәо рацәоуп. Ҳандуцәеи ҳабдуцәеи рхәыҷра аамҭа ҳагәылаԥшызшәа ҳҟалеит», – лҳәеит ацәыргақәҵа аҭааҩ.

Аԥсуа, абаза жәлар рыхәмаргақәа рцәыргақәҵа аартызаауеит лаҵарамза 10 рҟынӡа, изҭаху зегьы уи иаҭаар рылшоит.