Ленинград аблокада ианҭакыз ашықәсқәа раан иҭахаз ауааԥсыра анышә иахьамадоу Пискаревтәи анышәынҭраҿы урҭ ргәалашәара аҳаҭыраз ашәҭқәа рышьҭацара ацеремониа мҩаԥысит асабша, ажьырныҳәа 26 рзы.

Санкт-Петербург иҟоу аԥсуа-абаза милаҭ рхаҭарнакцәа АААК Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы Мусса Егзакь раԥхьа днаргыланы рхы аладырхәит Пискаревтәи  амемориалтә нышәынҭраҿы ашәҭшьыҵәрақәа рышьҭаҵара ацеремониа, Ленинград афашисттә блокада ахыхра 75 шықәса ахыҵра инадҳәаланы. 

Ашәҭшьҭаҵара ацеремониа мҩаԥысит ажьырныҳәа 26 рзы. Иара уи аҽны ацеремониа алахәцәа ашәҭқәа шьҭарҵеит Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аҿы иҭахаз Аԥсныи Ҟарачы-Черқьесиеи ртәылауаа ргәаларшәагатә хаҳәқәа рҿаԥхьагьы. 

Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы Мусса Егзакь иазгәеиҭеит аҭоурых ахамшҭреи, ҿыц игыло абиԥара уи  аӡбахә  рзеиҭаҳәареи даара акыр шаҵанакуа. 

“Ҳҭоурых ԥшьоуп, ҳазыгәдууп, амч ҳазҭо акоуп, уи ахьынӡаҳгәалашәо ҳамчгьы ҭазаауеит, ус анакәха, ас еиԥш ихлымӡааху ахҭысқәа уаҳа еиҭаҟалом”, - иҳәеит Егзакь. 

Ацеремониа далахәын иара убас ажурналист, аҟазараҭҵааҩы, ашәҟәыҩҩы Боча Аџьынџьал иҭаацәа иманы. Иара иаԥшьгаралоуп 2004 шықәсазы Ленинград аблокада иалаӡыз аԥсуаа ргәалашәаразы амемориалтә хаҳә ашьҭаҵара шыҟалаз.  

Аџьынџьал АААК аинфопортал иазеиҭеиҳәеит 30 шықәса раахыс есышықәса абри аҽны иҭаацәеи иареи иҭахаз аблокадникцәа ргәаларшәаразы амемориал ишаҭаауа. 

Санкт-Петербург инхо аԥсуааи ашәуааи Ленинградтәи аблокада иалаӡыз ргәаладыршәеит
© АААК / Андреи Тарасов

“Петербург - аҩбатәи сыҩноуп, аҩбатәи сџьынџьуп. Аблокадникцәа агәаҟра цәгьа рхыргеит. Уаҳа еибашьра ҟамлааит. Забацәа зхашҭуа ихаҭагьы дырхашҭуеит. Аҿарацәа рыжәлар ирхыргаз аҭоурых бзианы ирдыруазароуп. Иахьеиԥш иҟоу амшқәа ухашҭыр ҟалаӡом”, - ҳәа азгәеиҭеит Боча Аџьынџьал. 

Пискаревтәи анышәынҭра - Аҩбатәи адунеитә еибашьраан иҭахаз ахьжу зегьы иреиҳаӡоу нышәынҭроуп. 1941-1944 шықәсқәа рзы Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аҿы иҭахоз абраҟа иржуан. Аиашьаратә нышәынҭрақәа рҿы анышә иамадоуп аблокада иахәхаз ауааԥсыреи Ленинградтәи афронт аҟны иҭахаз аибашьцәеи, еиуеиԥшым адыррақәа рыла, иааидкыланы 470 нызқьҩык инадыркны 520 нызқьҩык рҟынӡа. 

Аԥсны иалҵыз аблокада иҭакыз Ленинград ахьчаҩцәа рмемориалтә хаҳә аартын 2004 шықәса лаҵарамзазы, ҞЧА иалҵыз ртәы - 2008 шықәса цәыббрамзазы, иара 101-тәихеит Пискаревтәи анышәынҭраҿы иаарту еиуеиԥшым арегионқәа ирылҵыз Ленинград ахьчаҩцәа ргәаларшәагатә хаҳәқәа рхыԥхьаӡараҿы.