Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс аҟәатәи аофис аҟны имҩаԥысит иаарту алекциа «Аԥсуа бызшәа – ажәлар рҭоурых уеилзыркаауа ижәытәӡатәиу хыҵхырҭоуп» ҳәа хьӡыс измаз, уи мҩаԥигеит аҭоурыхҭҵааҩ Џьамбул Инџьгиа.

Аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, АААК Иреиҳаӡоу ахеилак алахәыла Џьамбул Инџьгиа иаарту илекциа «Аԥсуа бызшәа – ажәлар рҭоурых уеилзыркаауа ижәытәӡатәиу хыҵхырҭоуп» мҩаԥысит АААК аофис аҟны ахаша, лаҵарамза 11 рзы.

Аиԥылара аартуа АААК Аҳәса рхеилакқәа рнапхгаҩы Гета Арӡынԥҳа иазгәалҭеит, Аконгресс акоманда алектори аформат ацҵара шырыӡбаз, избан акәзар уаанӡа аетнограф Марина Барцыц ихацлыркыз (аҭоурыхтә-етнографиатә цикл аҳәаақәа ирҭагӡаны ) алекциақәа даара азҿлымҳара бзиа рыман.

«Џьамбул Инџьгиа Аԥсны аҭоурых аҭҵаараҿы абызшәа ицирхыраауеит. Ажәақәа ретимологиа аҭҵаара, урҭ рҵак иаша, ажәақәа рышьақәгылашьа асистемақәа даараӡа аинтерес зҵоу аинформациа унаҭоит, аԥсуа идунеихәаԥшышьа, идунеидкылашьа, иааикәыршоу аԥсабареи иареи реизыҟазаашьа зеиԥшраз атәы уазҳәо, ажәакала аԥсуа бызшәа акод узаанартуеит», – лҳәеит Арӡынԥҳа.

Џьамбул Инџьгиа еиҭеиҳәеит иарбанызаалак ажәлар рхатәы бызшәа – ҭоурыхтә хыҵхырҭас ишырзыҟоу, аҩыратә, амаҭәартә, аетнографиатә хыҵхырҭақәа инарываргыланы, ажәлар рҿаԥыцтә ҳәамҭақәеи, антропологиатә документқәеи афотосахьақәеи уахь иналаҵаны.

«Ҳбызшәа иалоу ажәақәа еснагь иаҳҳәоит, иҳаҳауеит, аха иахьеи-уахеитәи ҳаԥсҭазаараҿы урҭ рхылҵшьҭра иазхәыцуа даара имаҷуп. Аха дара цқьа унаргәылаԥшыр ҳҭоурых ҵабырг ккаӡа иаадырԥшуеит», – иҳәеит аҭоурыхҭҵааҩ.

Убас, Егры-нырцә иҟоу ҳгәыла жәлар рыҭҵааҩцәақәак – Џьамбул урҭ «аԥаршеиҵарауаа» ҳәа дрышьҭоуп – атезис ҟарҵеит, аԥсуаа амшын терминологиа рымамшәа, убри аҟнытә Аԥсны иашьыгәыҭу жәларны иԥхьаӡатәым ҳәа.

«Абас мцыла еиқәырҽаҽоу алкаақәа имарианы иаҿаԥуҽоит аԥсуа бызшәа удыруазар, уи алексика иалоуп хыԥхьаӡара рацәала амшын иадҳәалоу атерминқәа, урҭ ахархәара рыман анкьа, ирымоуп иахьагьы. Иаагап ажәа «аӷба» мацара, XIX ашәышықәсазы аҭырқәа сулҭан ҷыдала адҵа ҟаиҵеит Аосман империа амшын аҿықә ахьчаразы, избанзар аԥсуаа ашхәарра (мшынла ақәылара) ҵганы ирыман», - иҳәеит аҭоурыхҭҵааҩ.

Алекциа академиатә ҟазшьа амамызт – аҵарауаҩ акафедра дахагыланы иажәахә наигӡо, аудиториа ҿымҭ изыӡырҩуа – аинтерактив аҳасабала имҩаԥысит. Џьамбул Инџьгиа азҵаарақәа ықәиргылон, азыӡырҩцәа ахшыҩҵак иаша иазаазгаша, нас дара рхала аҭак ҟарҵарц. Алектор иаудиториа «ацаԥхақәа» риҭон, ажәа аиҿартәышьеи уи аҵакы иаҳәои доусы «изаатырц».

Ари алекциахь имҩахыҵыз ауаа рацәахеит, уамак идуум Аконгресс аофис кәапеишәа иҭәын. Гета Арӡынԥҳа излалԥхьаӡо ала, ари акрызҵазкуа факторуп, уи иаршаҳаҭуеит ауаажәлар ари атема аганахьала аинтерес шрымоу.

«Иахьа асасцәа рацәаҩны иаҳҭан. Ҳаигәырӷьоит ҵыԥх аапынразы Марина Барцыц лыбзоурала ҳазлагаз апроект абасала иахьацҵахаз. Агәра згоит Џьамбул Инџьгиа илекциақәа рциклгьы азҿлымҳара ду шроуа, анаҩстәи аиԥыларақәа раангьы абасҵәҟьа ауаа рацәа шааиуа», – лҳәеит лара.

Џьамбул Инџьгиа иакәзар, иҳәеит ари атемала алекциа аҟаҵара дшазхәыцыз «хә-сааҭк инарзынаԥшуа ицоз Аконгресс аусзуҩцәеи иареи реицәажәара ашьҭахь».

«Аицәажәара ҵаула ҳаман аԥсуа ажәақәа рхылҵшьҭра иазкны, сара иаазгон аҿырԥштәқәа. Абызшәа бзиаӡаны издыруа рацәаҩуп, аха ажәақәа зхылҿиааз рыздырӡом, ма иазымхәыцӡацт. Ари даара аинтерес аҵоуп. Убас ҳагьазааит аԥсуа бызшәа атемала алекциа ҟасҵарц, избанзар абызшәа – ижәытәӡатәиу ҭоурыхтә хыҵхырҭоуп», – иҳәеит аҭоурыхҭҵааҩ.

Алекциа азыӡырҩцәа дыруаӡәкын ашәаҳәаҩ Ерик Миқаа. Иара игәалашәеит, абра иаҳаз аԥсуа ажәақәа жәпакы рҵакы дхәыҷаахыс ишидыруаз, иҭаацәараҿы ишиаҳахьаз.

«Схәыҷны сандуцәеи сабдуцәеи рахь аангылара ҳәа ақыҭарахь санцалоз игәныскылаз рацәоуп. Иахьа еилыскааит, усҟангьы издыруаз акрыҟазаарын ҳәа. Сықәлацәа ихарҵаӡомызт абри ажәа абас аанагоит ҳәа анрасҳәалак, аха иахьа аҭоурыхҭҵааҩ санизыӡырҩ агәра згеит сышиашаз. Исҳәоз харҵар акәымзи», – иҳәеит Миқаа, итәаз рахь ааԥхьарагьы ҟаиҵеит анаҩстәи алекциақәа ирҭаарц.

Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҭоурыхтә факультет 4-тәи акурс астудент Милана Шамԥҳаи уи лҩызцәеи алекциа мҩаԥысраны ишыҟоу рбеит АААК асоциалтә ҳақәа рҟны. Уаанӡа дара Џьамбул Инџьгиа илекциақәа ирзыӡырҩхьан ауниверситет аҿы, убри аҟнытә уажәтәи аиԥыларагьы бжьарыжьыр рҭахымхеит.

«Аҵараҿы ҳаззыӡырҩыз Џьамбул Инџьгиа илекциақәа ркурс ҳзымхаӡеит, ҳара ҳзы иара – дыррала иҭәу хаҭароуп, иҵегь «иаҳгашаз» шыҟало ҳдыруан. Убри аҟнытә Аконгресс аҿы имҩаԥысуаз илекциагьы ҳаҭааит. Араҟа иаҳирбеит абызшәеи аҭоурыхи шеидҳәалоу, ак ада егьи ҟалашьа шамам», – лҳәеит аҭыԥҳа.

Алекциа дазыӡырҩны ажәақәа рхылҵшьҭра аганахьала акыр заҳаз арежиссиор Дауҭ Логәуа аԥсшәа еиҳа еиӷьны издыруандаз игәахәит.

«Сықәра цацыԥхьаӡа еиҳа-еиҳа еилыскаауеит шаҟа иҵаулоу, шаҟа иԥшӡоу ҳбызшәа, уи иазкны еиҳа здыруазар сҭахуп. Иахьа иҳаҳаит ажәлар рҭоурых рхатәы бызшәа ишузаҟәымҭхо. Даара аинтерес сызцәырҵит, атема сагәыланахалеит, иҵегь инарҭбааны иҭысҵаарц сҭаххеит. Уи сагьалагар ҟалап», – иҳәеит арԥыс.

Аҟәатәи АААК аофис аҟны имҩаԥысраны иҟоуп аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Џьамбул Инџьгиа иаарту илекциақәа даҽа ҩба: алабашьеи аԥсуаа рметрологиеи ирызкны. Алекциақәа аныҟало арыцхәи аамҭеи Аконгресс аофициалтә даҟьақәа рҿы икьыԥхьхоит. Шәырҭаар шәылшоит изгәаԥхо зегьы.