22026

Аԥсуа видеограф, астудиа «ALAN studio» аԥҵаҩы Валери Кәакәасқьыр Аԥсны ашьхақәа рҭыхра иациҵоит, уажәы иазирхеит ашьхаҳаракыра Пыв иазку авидеонҵамҭа.

Пыв ҳәа иахьашьҭоу ашьхаҭыԥ аҟынтә иалагоит аҳаракыраҿтәи аӡиақәеи адәҳәыԥшқәеи рахь узго амҩахәасҭақәа рацәаны. Иара 2-километрак аҳаракыраҿы иҟоуп, амшын аҩаӡараҟынтә иуԥхьаӡозар. Абрантә иаатуеит иблахкыгоу асахьақәа: Кавказтәи ашьхеибаркыра хада апанорама, иара убас ашьха қыҭа Ԥсҳәы уаҿаԥшуеит.

Пыв бзиа еицырбоит аҭыԥантәи ауааԥсыра реиԥш ҳтәыла иаҭаауа аԥсшьаҩцәагьы. Араанӡа аара алшоит амашьына ҳаракы уақәтәаны, хаҭала, мамзаргьы аекскурсиа уацны. Иажәа духом адунеи ашәыгақәа зегьы абра иуԥылоит ҳәа ҳҳәар.

Валери Кәакәасқьыр еиҭеиҳәеит аԥсуа шьхақәа рҭыхра дазхәыцуеижьҭеи акрааҵуан ҳәа.

«Абас иҟоу аԥшӡара ублала иумбацзар, агәрагара уадаҩуп. Абарҭқәа зегьы ҭысхырц сҭахын есымша, ҳашьхақәа зеиԥшроу Аԥсны анҭыҵгьы хараӡа зегьы ирбарц. Насгьы, сара видеографк иаҳасабала схатә ԥышәа ҿыц сырҳароуп, сзанааҭ ала сеизҳаларц азы», – иҳәеит иара.

«ALAN studio» аԥҵаҩы абри аамҭазы иҵегь Аԥсны ашьхаҭыԥ ԥшӡақәа дрышьҭоуп. Ажәа ҳаиҭеит лассы авидеонҵамҭа ҿыц адунеи ишаирбо ала.