Санкт-Петербург имҩаԥысит иналукааша ашәҟәыҩҩы Фазиль Искандер ииубилеи иазку алитературатә хәылԥазы.

Саид Барганџьиа

Иҳаҩсыз аԥсшьара мшқәа рзы Санкт-Петербуг имҩаԥысит иналукааша ашәҟәыҩҩы Фазиль Искандер 90-шықәса ихыҵра иазкыз алитературатә хәылԥазы. Ахәылԥаз еиҿыркааит Санкт-Петербург иҟоу АААК аҭыԥантәи ҟәшахьы иаҵанакуа аҿарацәа рактив.

Санкт-Петербургтәи Аконгресс аҟәша аиҳабы Ҭемыр Рекәаа АААК аинфорпортал иазеиҭеиҳәеит, ари аҩыза аусмҩаԥгатә раԥхьаӡакәны ишеиҿкааз.

«Угәы иахәоит, ҳазегьы бзиа еицаҳбо Фазиль Искандер ииубилеи иазку ахәылԥаз амҩаԥгареи аиҿкаареи аҿар ираԥшьгамҭаны иахьыҟалаз. Ҳара ҳаҟәшазы, иааидкыланы иуҳәозар, ари ахԥатәи усмҩаԥгатәуп. Даҽа зныкгьы иазгәасҭарц сҭахуп ишгәахәара дуу аҿар урҭ зегьы иахьрылахәу», – иҳәеит иара.

Рекәаа убасгьы иазгәеиҭеит, ахәылԥаз аҟны ихадоу акцент шыҟаҵаз Фазиль Искандер ирҿиараҿы.

«Искандер иҩымҭақәа ҳахьынӡарыԥхьо, ҳахьынӡарылацәажәо, Фазиль Абдул-иԥа ирҿиара наунагӡа аԥсы ҭазаауеит. Убас ала иус иацаҳҵоит, иажәа ҟәыш еиҵагыло абиԥара ирымдауа», – ҳәа азгәеиҭеит Рекәаа.

Алитературатә хәылԥазы аартын АААК Иреиҳаӡоу Ахеилак ахантәаҩы Мусса Егзакь ихьӡала изыԥхьаз ааԥхьаратә ажәа ала.

«Фазиль Искандер ихазы иҳәалон, Аԥсны акыр иазышәаҳәахьоу шәҟәыҩҩны схы сыԥхьаӡоит ҳәа. Иашаҵәҟьаны, иҩымҭақәа рфырхацәа: Сандро иоума, мамзар аҷкәын хәыҷы Чықь иоума, араҟоуп иахьынхо. Иара убасгьы, Аԥсноуп иахьымҩаԥысуа Фазиль Абдул-иԥа иаԥҵамҭақәа рҟны аҭыԥ змоу ахҭысқәа реиҳараӡакгьы», – иҳәоит Егзакь иааԥхьаратә ажәа аҟны.

Уи убасгьы иналкааны иазгәеиҭеит, Фазиль Искандер ирҿиараҿы аҭыԥ ҷыда шааныркыло акультуреи атрадициақәеи реиқәырхара азҵаарақәа.

Мусса Ҳабал-иԥа игәаанагарала, алитературатә хәылԥазы еиԥш иҟоу аусмҩаԥгатәқәа рҵакы даараӡа идууп. «Ҳәарада, гәахәароуп, даҽазнакгьы, абри аҩыза аформат ала Санкт-Петербург иҟоу аԥсуа-абаза диаспора ахьеиқәшәаз. Акырынтә ҳалацәажәахьеит ас еиԥш иҟоу аиқәшәарақәа традицианы рыҟаҵара. Иаҳхашҭыр ҟалаӡом ашәуааи аԥсуааи жәларык шҳакәу, ҳаидгыланы аԥсуа-абаза етнос аԥеиԥшгьы шҳаргыло атәы», – иҳәеит иара.

АААК Иреиҳаӡоу Ахеилак аппарат анапхгаҩы Кан Ҭаниа иазгәеиҭеит, Аконгресс ахықәкы хадақәа ишыруаку – аԥсуааи ашәуааи ретнокультуратә акзаара.

«Иахьатәи аусмҩаԥгатә иаҳнарбоит акыр шаҵанакуа ҳаиқәшәара, ҳаилацәажәара. Ахәылԥаз аҟны, Фазиль Искандер ирҿиамҭақәа рыдагьы, Абазашҭа Жәлар рпоетцәа Микаель Ҷкатуи, Қьрым Мыхци ражәеинраалақәа ирыԥхьеит. Аиԥылара иалахәыз аԥсуаа шьоукы-шьоукы раԥхьаӡакәны арҭ ажәеинраалақәа раҳауан. Убригь иаҳнарбоит ас еиԥш аиԥыларақәа заҳҭаху, аҿар реиқәшәареи, реибадырре азы ишхәарҭоу», – иҳәеит Ҭаниа.

Алитературатә хәылԥазы далахәын ажурналист, аҟазараҭҵааҩы, ашәҟәыҩҩы Боча Аџьынџьал. Уи игәаанагарала, ахәылԥаз ҩаӡара ҳаракы аманы имҩаԥган.

«Иахьа ҳара иазгәаҳтеит Фзаиль Искандер диижьҭеи 90 шықәса аҵра иазку аиубилеи. Уи иалахәыз ауаа зегьы аусмҩаԥгатә даараӡа иргәаԥхеит. Ҳәарада, ас еиԥш иҟоу алитературатә еиԥыларақәа лыссы-лассы еиҿкаалатәуп», – иҳәеит Аџьынџьал.

Ахәылԥаз аҳәаақәа ирҭагӡаны АААК арегионалтә ҟәша амчала еиҿкаан аконцерт –аҿарацәа ирыԥхьеит Фазиль Искандер иажәеинраалақәеи, иажәабжьқәа рцыԥҵәахақәеи, иара убасгьы инарыгӡеит аԥсуа-абаза жәлар рашәақәеи рыкәашарақәеи.

Фазиль Искандер иԥсҭазаара далҵит 2016 шықәса, ԥхынгәы 31 рзы, 88 шықәса дшырҭагылаз. Иналукааша ашәҟәыҩҩ ду иԥсҭазаара иалҵра харҭәаашьа змам цәыӡны иҟалеит адунеизегьтәи алитературатә еилазааразы. Фазиль Абдул-иԥа иҩымҭақәа бызшәарацәала еиҭагоуп, адунеитә литература ахьтәы фонд иалоуп.