20232

Аҟәа имҩаԥысыз Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс VII-тәи Аизара ду аҩбатәи аилатәараҟны Аконгресс Аԥҟаԥҵәа ҿыц шьақәырӷәӷәан, иара убас ишьақәыргылан АААК Иреиҳаӡоу Ахеилак.

Актәи аилатәара мҩаԥысит 2017 шықәса ԥхынҷкәын 7-9 рзы, уи анҟы,Аконгресс аԥҵоижьҭеи 25 шықәса раахыс раԥхьаӡа акәны иара анапхгара ԥсаххеит. Ари аилатәараҿы АААК Иреиҳаӡоу Ахеилак ахантәаҩ ҿыцс далырхит амеценат, аҵарауаҩ, анаплакҩы, ашәуа хылҵшьҭра змоу Мусса Егзакь. АААК анагӡаратә маӡаныҟәгаҩыс далхын Инар Гыцба.

Абри ахҭыс иазку авидео ахәаԥшра>>