Аԥсуаа – зхатә цәаҩа зхоу акультуреи аҵас-қьабзқәеи змоу жәларуп, урҭ реиҳарак зқьышықәсала иҿио иахьанӡа иааит. 

Ашәышықәсақәа иргәылсны иаауа аԥсуаа рҭоурых иацҿион иуникалтәу рхатә кульутрагьы, уи шьаҭас иамоуп ажәлар руаҩышәаратә-етикатә кодекс аԥсуара. Еицырдыруа аԥсуа етнолог, апрофессор Шьалуа Инал-иԥа ишиҳәаз ала, «аԥсуара» - ҭоурыхла ишьақәгылаз амилаҭтә хдырра аҽцәыргашьа аформоуп, аԥсуаа рҽызлашьақәдырӷәӷәо, џьара ианҵамкәа ажәлар рыбзазарала идырҳаз дыррақәоуп,  ақьабзқәеи, адунеихәаԥшышьеи, ахымҩаԥгашьа аԥҟарақәеи зымҽхазкуа. Даҽакала иаҳҳәозар,  аԥсуаа рыламыс иадоуҳатә кодексуп, узхыԥар иҟамло ауаҩышәатә ҟазшьақәа.

Аԥсуара ныҟәызго ауаҩы еснагь дудыруеит ауаа рҿы ихымҩаԥгашьала, итәашьа-игылашьала, аиҳабы, аиҵбы мамзаргьы иқәла дышиацәажәо ала. Аԥсуара асоциалтә хымҩаԥгашьа ашьаҭа акуеит, ихадароу принципсгьы иамоу аламыс ауп. Аԥсуаа рзы ари ажәа аҵакы еилкаауп, иалкаау аетникатә ҟазшьа амоуп. Ажәаԥҟа ишаҳәо ала, аԥсуа иԥсра иламыс иалоуп. Уи иаанаго – зыламыс иаӷрагылаз аԥсуа дшыбзаз дыԥсит ауп. Анкьагьы иахьагьы аԥсуараҿы акрызҵазкуа принципқәоуп ақәиҭымтәратә принципқәа, иаҳҳәап «ԥхашьароуп», «ҵасым» реиԥш иҟоу ажәақәа иаԥу ахымҩаԥгашьатә ԥҟарақәа реилагара азин урҭом.

Ажәытә аамҭақәа инадыркны аԥсуаа рыӡбахә рдыруан абарҭ ахьӡқәа рыла: «абаӡа», «азеха», «апхаза», «абхазы», «абаза». Рхы иашьҭоуп «аԥсуаа» ҳәа, рыԥсадгьыл – «Аԥсны».

Ҭоурыхла аԥсуаа зқәынхоз адгьыл ҩбаны иршон Егри Бзыԥи рыбжьара – Аԥсынра ду, Бзыԥи Мӡымҭеи рыбжьара – Аԥсынра хәыҷы. Алшықәсан аҳауаԥхарра иалнаршон абыцала ишышны ишьҭыхыз, нас аҭырас, ма аҟәынџь хыбс изқәыз аҩн хәыҷқәа рҿы анхара. Ари аҩыза ахыбра аԥацха ахьӡуп. Ус ишнеиуаз аԥсуаа амҿтәы ҩнқәа дыргыло иалагеит – акәасқьақәа. Ҭауади-аамсҭеи ҩ-еихагылакны иҟаз акәасқьақәа дыргылон.

Аԥсны атәра ыҟаӡамызт ахаан. Ҭауади-аамсҭеи анхацәеи рыгәра еибагон, ахәԥҳара рыбжьан. Ажәытәан аҭауад иԥа ааӡара ҳәа анхаҩы дииҭон, ирааӡоз аҭауад ҷкәын дыхәԥҳан, дзааӡоз – абаӡӡеи иакәын. Арԥыс дандухалак иҭаацәа рахь дгьежьуан, аха абасала ахши ааӡареи зыбжьаз аҭауадцәеи анхацәеи еизааигәахәон, ус иагьаанхон.

Аԥсуаа рзы аҵасқәеи ақьабзқәеи рықәныҟәара азакәан иаҩызоуп, уи азоуп иахьатәи ҳаамҭазгьы урҭ реиҳарак зеиқәхаз. Ари аԥсҭазаара аганқәа зегьы амҽханакуеит, аҭаацәараҿы аизыҟазаашьақәа инадыркны – иаҳҳәап аҭаца абхәа иҿы лымцәажәара еиԥш иҟоу – ацәгьа-абзиа аиҿкаашьа аҟынӡа. Аԥсуаа рыбзазараҿы изықәныҟәо аҵас-қьабзқәа реиҳарак шьҭрала анхара аамҭақәа раан ишьақәгылаз роуп: асасдкылара, аиҳабы пату иқәҵара, аицхыраара. Аԥсуаа аматериалтә цхыраара рибаҭоит реиҳа ихадароу ахҭысқәа раан: аҭаацәара ианалало, аԥсра ма ауадаҩра ианақәшәо, анхамҩа амҩаԥгараан. Аҵас бзиақәа реиԥш иҟоуп узмырӷьацо, иҽеим, аха зегь акоуп ҳа ҳҟынӡа иааӡазгьы, иаҳҳәап ашьоура. Ԥыхьа ашьа зыбжьаз ажәлақәа ахьынӡанаӡааӡоз ашьа рыдны рхы рыԥхьаӡон, иршьыз игәакьацәа мацара ракәымкәа.

Аԥсуаа заа ақьырсианра шрылаҵәазгьы дара рхатә дунеихәаԥшышьеи рынцәахаҵареи рхашҭуамызт. Ажәлар зегьы еицырзеиԥшыз аныхақәа быжьба рынахыс жәлацыԥхьаӡа ажьирақәа рыман. Ажьырныҳәа (Хьачхәама – бзыԥаа ртәала) ауха аҭаацәа зегь ажьира иаҵагыланы иныҳәон, ацәымза адыркуан, ашьтәа шьны агәи-агәаҵәи иахныҳәон, аҭаацәара зегьы алԥха-агәаԥха роурц, нас иалоу зегь хаз-хазгьы ирныҳәон. Ҳаамҭазы Ажьырныҳәа амҩаԥгашьаҿы ажәытәрақәа акыр еиқәханы иҟоуп. Иахьа Аԥсны араионқәа зегьы рҿы ақыҭақәа рҿы иазгәарҭоит.