Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс аҿы иҟоу аҳәса  ркоординациатә хеилак астол гьежь мҩаԥнагеит аиааира арааигәараҿы аԥҳәыс лроль атемала. Ауснагӡатә азырхан 1992-1993 шықәсқәа рзтәи Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьраҿы аиааира агара 30-шықәса ахыҵра.

Аиԥылара аартуа Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс иатәу Аҳәса  ркоординациатә хеилак ахантәаҩы Екатерина Бебиаԥҳа илҳәеит аиааира аагараҿы аҳәса рлагаламҭа ду  инагӡаны ахәшьара шамам.

«Иахьа иаҳҭоу ҳасасцәа дасу ихатә ҭоурых имоуп, ихатә лагала ҟаиҵеит. Иазгәасҭар сҭахуп, ара иҟоу рҟынтә зыӡбахә зынӡа имаҷны иҳәоу шыҟоу. Исҭахуп урҭ ауаа ирдырырц», - лҳәеит лара анаҩс хаҭа-хаҭала лысасцәа дрыхцәажәо.

 «Ара дыҟоуп зԥеиҳаб дҭахаз Ирина Анқәаб-Амҷԥҳа.  Лыԥсҭазаараҿы убасеиԥш иҟалеит – аҩбатәи лԥагьы дылцәыӡит. Иара иԥсҭазаара ҿахнаҵәеит аибашьра ахҟьа-ԥҟьа: амина иҵаԥжәеит. Ари аԥҳәыс лаамысҭашәара илылнамыршеит лхьаа аӡбахә аҳәара. Еснагь лхьааи лареи еицыҟан. Ара иҳалатәоуп Лиуна Шармаҭԥҳаи Аида Ашәԥҳаи. Арҭ аҳәсақәа ҳҭоурых азы хәы змаӡам аматериал еизыргахьеит. Иҭахаз ҳаибашьцәа рзы аинформациа еизго урҭ рҭаацәарақәа ирҭаауан, еидыркылон адокументқәа, афотосахьақәа, асаламшәҟәқәа. Аибашьра аамҭа уадаҩ азы аӡәгьы даҳмыҳәеит абас жәуроуп ҳәа, аха ҳара усҟангьы еилаҳкаауан ԥхьаҟатәи абиԥарақәа ирызныжьтәыз шыҟаз. Иахьа урҭ аматериалқәа рыхәҭак сышәҟә ҿыц иашьаҭахоит. Ара иҟоуп афырԥҳәысцәа - Нанули Ашәԥҳа, Марина Бганԥҳа, зашьцәа ирывагыланы абџьар кны еибашьуаз», - лҳәеит лара.

АААК Аҟәатәи аофис анапхгаҩы Ҭемыр Рекәаа асасцәа аԥсшәа раҳәо иазгәеиеҭит аиԥылара аҵак ду шамоу, асеиԥш иҟоу ауснагӡатәқәа иахьынӡауа ала лассы-лассы ишымҩаԥаглатәу.

 «Зыԥсы ҭоу афырхацәа еснагь иҳарҭоит алшара ргәалашәарақәа ҳацеиҩыршарц, аҭоурых ахаҭаҵәҟьа ҳалаԥшырц. Ихымԥаданы исшьоит ахҭысқәа рлахәылацәа, избоз-изаҳауаз рацәажәара, рԥылара. Урҭ иҳарҭо аинформациа ҵабыргыхаҭоуп,  аҿар рзы ихымԥадоуп. АААК Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы Мусса Егзакь раԥхьа днаргыланы ҳколлектив зегь рыхьӡала иҭабуп ҳәа шәаҳҳәоит шәылшараз, шәымчхараз, шәџьабаазы», - иҳәеит иара.

Астол гьежь алахәылацәа еиҭарҳәон рҭоурыхқәа, рыхҭысқәа. Ирылацәажәон алаӷырӡ аазгоз рыҷкәынцәа-фырхацәа рыӡбахәқәа.

Аиԥылара иалахәыз ажурналистика афакультет астудентцәа рлымҳа кыдҵаны иӡырыҩуан, агәалашәара аӡбахә ала еилацәажәон.

Аиԥылара хыркәшо астол гьежь алахәылацәа АААК анапхгареи хаҭала ауснагӡатә мҩаԥызгоз Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс аҿы иҟоу аҳәса  ркоординациатә хеилак ахантәаҩы Екатерина Бебиаԥҳаи ҭабуп ҳәа рарҳәеит аиԥылара иаҵаз аԥхарразы.

Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс аҿы иҟоу Аҳәса  ркоординациатә хеилак АААК аструктура иалоуп, иазырхоуп Аԥсны аҳәса рмилаҭтә стратегиа адгылара аҭара.