Аџьынџьтәылатә еибашьра ду ахаантәи ашәуа литературатә интеллигенциа ирызку аишьцәа Чкалаа рышәҟәы ҞЧА ахада ипремиа анаршьеит.

Саид Барганџьиа

Раԥхьатәи ашәуа литераторцәа ирызку ашәҟәы ианаршьеит алитературеи аҟазареи рҟны 2018 шықәсазтәи Ҟарачы-Черқьессиатәи Ареспублика ахада ипремиа. Аусумҭа иахьӡуп «Аибашьра аламҭалеи уи ахаантәи ашықәсқәа раани ашәуа литературатә интеллигенциа рлахьынҵақәа: архивтә материалқәа рышьаҭала», иара рыҩит аишьцәа Гьаргьи Пиотри Чкалаа. Гьаргь Чкала ИАЕ «Алашара» аинформациатә-аналитикатә ҟәша напхгара азиуеит, уи иашьа Пиотр Чкала – афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдокторс дыҟоуп.

Ашәҟәы авторцәа иҭырҵааит раԥхьатәи ашәуа поетцәеи, ашәҟәыҩҩцәеи, ажурналистцәеи рлахьынҵақәа, архивтә документқәа ҵаҵӷәыс иганы. Зыӡбахә ҳәоу алитераторцәа реиҳараҩык рыхьӡ маҷны ирдыруеит аԥхьаҩцәа, иара аспециалистцәагьы уахь иналаҵаны. Ашәҟәы еиднакыло 29-ҩык афырхацәа рҟынтә ԥшьҩык арепрессиақәа ирықәшәеит, ааҩык Аџьнџьтәылатә еибашьра ду адәаҿы иҭахеит, даҽа хҩык аибашьра ашьҭахь рҭоурыхтә ԥсадгьыл анҭыҵ иаанхеит. Ашәуа литераторцәа афронт аҿтәи рбиографиақәа уажәаԥхьа иҭҵааны иҟамызт, убри аҟнытә аишьцәа Чкалаа русумҭа даара хра злоу акы акәны иҟоуп.

Аишьцәа Чкалаа рыҭҵаарақәа мҩаԥысуан Жәларбжьаратәи аиҿкаара «Алашара» имҩаԥнаго аҭҵаарадырратә программа «Ашәуааи аԥсуааи: абызшәеи аҭоурыхтә-культуратә ҭынхеи реиқәырхареи рырҿиареи» ҳәа хьӡыс измоу аҳәаақәа ирҭагӡаны.

Аусумҭа аҳамҭа ҳаракы ахьанаршьаз иаҳҳәарц ҳалнаршоит «ииашаҵәҟьаны аҵакы амоуп» ҳәа иԥхьаӡоит Гьаргь Чкала.

«Сашьеи сареи шықәсык аҟара ашәҟәы аҩра ҳаҿын. Аматериал ахәҭак аус адуланы иҟан, егьи ахәҭа еизаҳгеит. Ашәҟәы атираж хышә цыра ыҟоуп. Ианҭыҵ иаразнакала ашколқәеи абиблиотекақәеи ирзаҳшеит, ахәҭак Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа иазынаҳашьҭит», – иҳәеит алауреат.

ҞЧР ахада ипремиа роуит иара убас ашәҟәыҩҩы Ҟазы-Магомеҭ Ҭаҭаркәыла, апоет қәыԥш Артур Кенчешао, аскульптор Кәашали Зарманбетов, насгьы Ҳалимаҭ Баирамыҟәа лыхьӡ зху Ҟарачы-Черқьессктәи амилаҭтә библиотека аколлектив.