Ҟарачы-Черқьессктәи Ареспубликаҿ имҩаԥысуа афестиваль «Абаза» еизнагеит 300-ҩык инареиҳаны алахәцәа, аԥсуа-абаза жәлар рхаҭарнакцәа ахьынхо еиуеиԥшым атәылақәа рҟынтә.

ЕгзакьСаид Барганџьиа

Аԥсуа-абаза хәмаррақәа рыла иаатит Ахәбатәи акультуратә-спорттә фестиваль «Абаза», сынтәа уи аиҿкаара иалахәын Аԥсуа-абаза жәлар рыҿиара ацхырааразы Ассоциациа «Алашареи», «Аԥсуа-абаза жәлар рконгресси» (АААК).

АААК Иреиҳаӡоу Ахеилак ахантәаҩы, аилазаара «Алашара» ахада Мусса Егзакь иазгәеиҭеит, афестиваль амҩаԥгара аус аҿы Аконгресс ахьалахәыз иабзоураны, алҵшәа дуқәа раагара шалыршахаз, хаҭалагьы, раԥхьаӡа акәны сынтәа ари афестиваль иаҭааит Ҭырқәтәыла, Шьамтәыла, Иорданиа рҟынтә аделегатцәа, иалахәхеит иара убас Ҟабардатәи акоманда.

«Абаза хәмаррақәа рымҩаԥгара ҵакыс иамоу аилкаара мариоуп – абас еиԥш иҟоу аибабара иабзоураны ҳгәалаҟа бзиа еимаҳдоит, иҳазгәамҭаӡакәа еиҳа ҳаизааигәахоит, ҭаацәара дукны ҳҟалоит. Убри ала ҳара зегь иаҳҵоит хадара злоу еицаҳзеиԥшу аус – аҽеидкылара – амҩаԥгашьа. Агәабзиара, агәамч, аӷәӷәара – традициахоит ҳара ҳзы», – иҳәеит Мусса Егзакь.

АААК ахантәаҩы излаиԥхьаӡо ала, ахәмаррақәа рхықәкы хадақәа ируакуп аҿар рыбжьара ииашоу астереотип ашьақәыргылара: «аспорт – аԥсҭазааразы иақәнагоу акоуп» ҳәа.

Хәышықәса раахыс ахәмаррақәа рыҿиашьа дазааҭгыло, Егзакь иазгәеиҭеит арҭ аицлабрақәа реиҿкаашьа аҩаӡара шаҳаракхаз. Иара иажәақәа рыла, уаанӡа аҭыԥ заулоз агхақәа риашан, иара убас алахәцәа рхыԥхьаӡара иацҵан, урҭ шьҭа аҳәаанырцәынтәгьы иаауеит.

Иахьатәи амилаҭтә хәмаррақәа рҟны еизеит хышәҩык инареиҳаны аԥсуа-абаза хылҵшьҭрақәа, ҳашьцәа ахьықәынхо адунеи еиуеиԥшым атәылақәа рҟынтәи.

Ҟарачы-Черқьессктәи Ареспублика акультура аминистр Рамазан Бороков, афестиваль аартраҿы дықәгылауа, алахәцәа зегьы бзиала шәаабеит ҳәа раиҳәеит, атәыла ахада Рашьыд Темрезов ихьӡалагьы гәыкала ирыдиныҳәалеит ари агәырӷьаратә хҭыс.

«Иҭабуп зегь ҳаидызкыло абри аныҳәазы! Ари афестиваль – агәаартра ианыҳәоуп, уи арҵабыргуеит алахәцәа рырацәарагьы», – иҳәеит Бороков.

Ахәбатәи аԥсуа-абаза хәмаррақәа сынтәа раԥхьаӡа акәны ирылахәхеит арегионалтә уаажәларратә еиҿкаара «Ставропольтәи атәылаҿацә иқәынхо ашәуаа рмилаҭтә-культуратә автономиа Абаза» захьӡу.

«Араҟа алшара бзиақәа ыҟоуп аибабаразы, аибадырразы, аҩызцәа рырҳаразы. Даара ҳаигәырӷьоит абри аныҳәа ҳахьалахәхаз, агәыӷрагьы ҳамоуп уажәтәи ҳаҭаара ҵыхәтәантәихом ҳәа», – лҳәеит Ставропольтәи аделегациа аиҳабы, арегионалтә уаажәларратә еиҿкаара ахантәаҩы, АААК Иреиҳаӡоу Ахеилак алахәыла Армида Чагуа.

Афестиваль аартра далахәын иара убас АААК Иреиҳаӡоу Ахеилак алахәыла Нури Кәарҷиа, Аԥснытәи аделегациа напхгара азызуаз. Аԥснытәи аделегациа аиҳабы иҭабуп ҳәа реиҳәеит акультуратә-спорттә фестиваль аиҿкааҩцәа, иагьазгәеиҭеит ас еиԥш иҟоу аныҳәақәа еиҳагьы лассы-ласс имҩаԥгалатәуп ҳәа избанзар урҭ рыбзоурала адунеи иалаԥсоу аԥсуа-абаза жәлар рхаҭарнакцәа реизааигәара алыршахоит.

«Сара уажәаԥхьагьы арҭ ахәмаррақәа схы рыласырхәхьеит, уи даарагьы сгәы иахәоит. Араҟа ҳара иаҳбарҭоуп ҳҿар шеиббо, аиҩызара шрыбжьало, уи акырӡа аҵанакуеит ҳара ҳмилаҭтә хаҿра аиқәырхара аус аҿы», – ҳәа ациҵеит Кәарҷиа.

Аицлабрақәа реиҿкааҩцәа ирыӡбеит сынтәа иҷыдоу аҳамҭа аларгаларц: еицырдыруа аҵарауаҩ, ауаажәларратә усзуҩы Тарас Шамба 80 шықәса ихыҵра иазку ахраҿа.

«Ҳара гәахәара дула ари ахраҿа ықәҳаргылеит. Тарас Мирон-иԥа данқәыԥшыз ашьапылампыл бзиа ибон, профессионаллагьы уи даҿын, убри аҟнытә ҳара иҳаӡбеит иреиӷьу ашьапылампылтә команда иара ихьӡ зху ахраҿа анаҳшьарц. Иара убри алагьы шаҟа ҳаҭыр ду иқәаҳҵо ааҳарԥшырц», – ҳәа азгәеиҭеит Мусса Егзакь.

Абаза жәлар рыхәмаррақәа Ҟарачы-Черқьессктәи Ареспубликаҿы сынтәа ахәынтә раан имҩаԥысуеит. Уи алахәцәа рхыԥхьаӡара есышықәса иазҳауеит, дара ахьынтәаауа аҭыԥқәагьы ишрыцло еиԥш: аҭааҩцәа ргеографиа иамҽханакуеит Урыстәыла еиуеиԥшым арегионқәеи, аҳәаанырцәтәи атәылақәеи.