Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс ахаҭарнакцәа Тҟәарчал араион ауааԥсыра ирԥылеит ахаша, абҵара 14 рзы.

Саид Барганџьиа

АААК ахаҭарнакцәа абҵара 14 рзы Тҟәарчал араион иаҭааны еиҿыркааит, иагьымҩаԥыргеит аҭыԥантәи ауааԥсыра рԥылара, ирзеиҭарҳәеит Аконгресс аӡбахә, уи аусура ахықәкқәеи ахыдҵақәеи зеиԥшроу.

Аконгресс ауснагӡаратә маӡаныҟәгаҩ Инар Гыцба имҩаԥигоз апрезентациаҿы иазгәеиҭеит АААК аусура ахырхарҭақәа ишыруаку – ақыҭаҿы инхо ауааԥсыра рыԥсҭазаара аиӷьтәра. Иара еиҭеиҳәеит убасгьы Аконгресс аилазаашьа зеиԥшроу, уи ԥхьаҟатәи гәҭакқәас иамоу ртәы.

Аиԥылараҿы дықәгылеит иара убас Аконгресс Иреиҳаӡоу ахеилак алахәыла Виачеслав Чрыгба. Иара ҷыдала иазгәеиҭеит, Аконгресс политикатә еиҿкаарам, ҳажәлар иаԥырҵаз еиҿкаароуп ҳәа.

«Иреиҳау хықәкыс иҟоу – аглобализациа аамҭа аламӡра ауп, ҳбызшәеи ҳкультуреи реиқәырхара ауп», – иҳәеит Чрыгба, иагьациҵеит Аконгресс амчала адунеи иалаԥсоу аԥсуа-абаза жәлар рхаҭарнакцәа зегьы реидкылара шалшо, иҵегь аус бзиақәа рацәаны рынагӡарагьы шыҟало.

Аиԥылараҿы иӡырган АААК аинформациатә портал. Аинфопортал апресс-маӡаныҟәгаҩ Саид Барганџьиа еиҭеиҳәеит асаит аҟны ишҭыҵуа Аконгресс аусура иазку ажәабжьқәа, иара убас аԥсуа-абаза милаҭ рыԥсҭазаашьеи, ркультуреи, рҭоурыхи, ретнографиеи ирызку аматериалқәа. Арҭ анҵамҭақәа ирымоу аинформациатә ҟазшьа инаваргыланы, хықәкыс ишрымоу Аԥсны абзиаӡбахә адунеи аларҵәара.

Иҭыҵуа аматериалқәа зегьы ф-бызшәак рыла ишқьыԥхьхо: абаза бызшәа, аԥсшәа, аурысшәа, аҭырқәшәа, англыз бызшәа, араб бызшәа рыла. Иахьазы асаит хә-бызшәак рыла аусура иалагахьеит, араб бызшәатә версиа макьаназы аус адулара иаҿуп, уигьы хара имгакәа иаартхоит.

Барганџьиа еизаз ирзеиҭеиҳәеит апортал аҟны аҽҭаҩра иунаҭо алшарақәа ртәы.

«Изҭаху зегьы апортал аҟны рыҽҭарҩыр рылшоит, уа еизгоу ахархәаҩцәа рбаза ҭырҵаар ҟалоит, уи абзоурала аԥсуа-абаза етнос ахаҭарнакцәа адунеи ҭыԥс иахьынхозаалак рыԥшаара улшоит», – ҳәа азгәеиҭеит АААК апресс-маӡаныҟәгаҩ.

Аиԥылараҿы иқәгылеит АААК аҟны иаԥҵоу Аҿар рхеилаки, Аҳәса рхеилаки рнапхгаҩцәа. Убас, Аҿар рхеилак анапхгаҩы Леван Торчуа еиҭеиҳәеит Аконгресс аусура дахьалахәу иара хаҭала иинаҭаз ацәаныррақәа ртәы.

«Сара Аконгресс ахь сааит егьырҭ реиԥш «аԥеиԥш лаша аргыларазы», аха сгәы иаанагон, сара сҭыԥ хәыҷуп, хаҭалатәи слагала маҷхоит ҳәа. Аха нас лассы еилыскааит, Аконгресс аҿы уанааи, раԥхьаӡа иргыланы уазусҭахарц иуҭаху шалхтәу: аус зуа амеханизм ду аҟны абру хәыҷык уаҩызахо, мамзаргьы ҳтәылаҿы аԥсҭазаара аиӷьтәра иазынархоу амеханизм ахаҭа аус азыруа уакәхо. Абри аҩбатәи алсхит сара. Уи дарбанзаалак иара иҭыԥ аҿы иҟаиҵалар илшоит, доусы иҩны-игәараҭа ахаҿра арԥшӡара инаркны иқыҭа ма иқалақь рҟны аԥсҭазаара аиӷьтәра аҟынӡа», – ҳәа азгәеиҭеит Торчуа.

АААК аҟны иаԥҵоу Аҳәса рхеилак анапхгаҩы Гета Арӡынԥҳа иалылкааит ахеилак аусура ахырхарҭа хадақәа. Раԥхьаӡа иргыланы, Аԥсны иахьаҵанакуа активра аазырԥшуа аҳәсақәа реидкылара, анаҩс Аԥсны анхарҭа ҭыԥқәа зегьы рҟны АААК аҳәса рхеилак араионтә ҟәшақәа раартра. Нхарҭа ҭыԥцыԥхьаӡа ахатәы «тәылауаҩшәҟәы» азырхиахоит, уи лшарақәас иамоу, аекономика арҿиаразы мчхарас иамоу зныԥшуа ҳәа еиҭалҳәеит Арӡынԥҳа.

Тҟәарчал араион ахада Аида Чачхалиаԥҳа излалԥхьаӡо ала, аиԥылараҿы излацәажәаз аидеиақәеи ахықәкқәеи хымԥада аԥсҭазаара иаларҵәахоит.

«Ҳара аҿар бзиа ҳамоуп, иҳамоуп иара убас активра аазырԥшуа аҳәсақәагьы, урҭ адгылара арҭалоит ас еиԥш иҟоу ахеилакқәа инарыгӡо аусқәа», – лҳәеит лара.

Аиԥылара анхыркәшаха, изҭахыз зегьы, иҷыдоу анкета харҭәааны, Аконгресс иалалар рылшон. АААК ҿыц иалалаз руаӡәы – Тҟәарчал ақалақь аҟны инхо Анжела Дарчан аҽны илбаз-илаҳаз шлыдылкылаз ҳзеиҭалҳәеит.

«Адунеи еиуеиԥшым акәакьқәа рҟны шәнызқьҩыла ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи нхоит, убри аҟнытә гәахәара дууп урҭ реидкылара зылшо, насгьы ақыҭатә ԥсҭазаара аиӷьтәра иазықәԥо абас еиԥш аиҿкаара ӷәӷәа ахьаԥҵахаз», – лҳәеит лара.

Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс ахаҭарнакцәеи Тҟәарчал араион активистцәеи реиԥыларала ихацыркхеит Аԥсны араионқәа зегьы рҟны зымҩаԥгара азгәаҭоу аиԥш зеиԥшу аиԥыларақәа. Ари аҩыза аиԥыларақәа еиҿкаахоит Аԥсны ақалақьқәеи араионқәеи зегьы рҟны Аԥсны ауааԥсыра Аконгресс аӡбахә рзеиҭаҳәаразы, иара Аконгресс аилазаарахь, уи аусурахь алахәцәа ҿыцқәа рыдаԥхьаларазы.