Агәыҳалалратә акциа "Агәы аԥхарра" аҩбатәи аетап аҳәаақәа ирҭагӡаны ацхыраара зҭаху аԥсуа ҭаацәарақәа ирызшан амаҭәа ԥхақәа 383 комплект.

Саид Барганџьиа

АААК агәыҳалалратә акциа "Агәы аԥхарра" аусура иацнаҵеит Аҟәа. Жәабран 7 рзы амаҭәа ԥхақәа ркомплектқәеи, ахыза ԥхақәеи рызшан ацхыраара зҭаху аԥсуа ҭаацәарақәа. Уи аҽны имҩаԥгаз акциа аихшьаалақәа рыла, 383-ҩык ахәыҷқәа акуртка ԥхақәеи, акәафҭақәеи, аимаақәеи рыла Аконгресс еиқәнаршәеит.

Аконгресс аҟны иаԥҵоу Аҳәса рхеилак анапхгаҩы Гета Арӡынԥҳа иазгәалҭеит агәыҳалалратә акциа "Агәы аԥхарра" иактивтәу афаза ишҭагылаз атәы.

«Иахьа Аҟәа иааҳартит амаҭәа ԥхақәа ршаразы апункт. Уи аус аулоит мчыбжьык. Иахьатәи амш иалакны ранацәа ирыцны иаҳзааит 220-ҩык ахәыҷқәа, урҭ ирыман алшара ирнаало амаҭәақәеи, аимаақәеи ралхра», – лҳәеит лара.

Аконгресс ахьӡала амаҭәа ԥхақәа 72 комплект Арепатриациазы аминистрра иазынашьҭын, 30 комплект – ауаажәларратә хеилак "Аџьар Ҟаԥшь" ашҟа, 31 комплект – Аҟәатәи ахәыҷтәы реабилитациатә центр ахь, иара убасгьы ацхыраара зҭаху Очамчыратәи араион ахәыҷқәа ирзынашьҭын.

Гета Арӡынԥҳа иазгәалҭеит, акциа рхы шаладырхәыз хыԥхьаӡара рацәала ауааԥсыра, зылшарақәа маҷу аҭаацәарақәа рыԥсҭазаашьа хьаас измоу.

«Иаҳдыруаз ауаа, ҳҩызцәа ҳрыҳәеит ацхыраара зҭаху аҭаацәарақәа рдыруазар, рыӡбахә ҳарҳәарц азы. Иҳалшоз зегьы ҟаҳҵеит акциа «Агәы аԥхарра» аҵакы ахьӡ аҟны мацара акәымкәан, иара анагӡараан иаарԥшхарц азы», – ҳәа азгәалҭеит лара.

Аԥсны Аҳәынҭқарра Арепатриациазы аминистрра ахаҭарнак Шамиль Гыцба иазгәеиҭеит, Аконгресс аҟнытә аминистрра иаиуз ацхыраара ҩымш ирҭагӡаны ацхыраара зҭаху аҭаацәарақәа рыбжьара изшахо атәы.

«АААК ахаҭарнакцәа иахьа иҳарҭаз амаҭәа ԥхақәа ркомплектқәа рзаҳшоит 72-ҩык ахәыҷқәа, арепатриантцәа рҭаацәарақәа 25 рыҟнытә. Урҭ нхоит Аԥсны араионқәа зегьы рҟны, аха еиҳарак Гәылрыԥшьтәи, Аҟәатәи, Гәдоуҭатәи араионқәа рҿоуп. Иҭабуп ҳәа раҳҳәоит ари акциа зхы алазархәыз зегьы», – иҳәеит Гыцба.

Алиса Хәыхәуа-Бигәаа хәҩык ахшара дрануп – зегьы иреиҳабу ихыҵуеит 10 шықәса, иреиҵбаӡоу – 20 мшы. Инхоит Очамчыра араион, Гәыԥ ақыҭан. Ари ацхыраара дара рзы акраҵанакуеит. «Зегьы иҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп. Ҳара ҳзы ари цхыраара дууп, ахәыҷқәа рзы – гәырӷьароуп», – лҳәеит Хәыхәуа-Бигәаа.

Убасгьы Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс иҭабуп ҳәа алҳәеит Гәыԥ ақыҭа иатәу, хҩык аԥаҵәеи хҩык аԥҳацәеи ран Алиона. Иахьазы урҭ нхоит Аҟәа, қьырала иамырхуеит ауаҭах. Алиона гәаартыла илҳәеит ишылцәыуадаҩу ахәыҷқәа рааӡаразы иаҭаху зегьы аахәара, убри азын АААК акциа «Агәы аԥхарра» иҟанаҵо ацхыраара лара лзы хәы змам ак шакәу.

«Иҳарҭеит амаҭәа ҿыцқәа. Акуртка ҿыцқәа, акьаҿқәа, ақалԥадқәа. Урҭ даара иаҳҭахын. Исҳәашагьы сақәшәом, убри аҟара акраҵанакуеит ҳара ҳзы ари аҩыза ацхыраара», – лҳәеит Алиона Аиԥҳа.

Ацхыраара зҭаху аҭаацәарақәа рсиа АААК еиқәнаршәеит Аԥсны Аҳәынҭқарра Арепатриациазы аминистрреи, Аџьеи асоциалтә еиқәыршәареи Аминистрра араионтә ҟәшақәеи, Агәыҳалалратә ауаажәларратә хеилак "Кьарази", ҞЧР аҟны иҟоу жәларбжьаратәи аилазаара "Алашареи", ауажәларратә еиҿкаара "Аџьар Ҟаԥшьи", адинхаҵаратә хеидкылақәеи алархәны.

Агәыҳалалратә акциа «Агәы аԥхарра» аҳәаақәа ирҭагӡаны Аԥсныҟа иаашьҭын: акуртка ԥхақәеи акьаҿқәеи – 1120 комплект, аимаа ԥхақәа – 1060 цыра, ақалԥадқәеи аколготкақәеи – 1008 цыра, иара убасгьы ахыза ԥхақәа 200 цыра. Уи аԥхьаҟа, 2018 шықәса цәыббрамзазы Ҭырқәтәыла инхо ҳџьынџьуаа еидкыланы иаарышьҭхьан 1200 комплект ахаҵеи аҳәсеи рымаҭәа.