Ауснагӡатә азырхоуп ауаажәларратә мчра аиҿкаареи аусуреи рыпроблемақәа.

Аҩбатәи Жәларбжьаратәи аҭҵаарадырра-практикатә конференциа атәылаз иналукааша арыцхәқәа ҩба: Аџьынџьтәылатә еибашьраҟны Аиааиреи Ахьыԥшымреи 30-шықәса рхыҵреи Урыстәылатәи Афедерациа Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьыԥшымра  азханаҵеижьҭеи 15-шықәса аҵреи ирыдҳәалоуп.

Ауснагӡатә еиднакылеит аҳәынҭқарратә напхгараҭара асистема аусзуҩцәеи ауаажәларратә зин аусхк арҵаҩцәеи аҵарауааи.

«Аконференциа иалахәын Москвеи егьырҭ Урыстәыла арегионқәеи рҟынтәи азиндырратә ҵараиурҭақәа рҟынтәи ҳколлегацәа, иара убасгьы Аахыҵ Уаԥстәылатәи ҳколлегацәа», - ҳәа лҳәеит Аԥсны Аконституциатә ӡбарҭа ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ, Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа аекономикеи азини ринститут аҭҵаарадырразы адиректор ихаҭыԥуаҩ Диана Ԥлиаԥҳа.

«Аконференциа еиднагалеит зҵарадырра ҳараку, зымҽхак ҭбаау азиндырра аусзуҩцәа: аҭҵаарадыррақәа рдокторцәа, арҵагашәҟәқәа равторцәа, амонографиақәа равторцәа. Агәахәара унаҭоит Аԥсны абри аганахьала аус аџьа азызбахьоу ауаа рырацәара. Арҭ ахымшк дара еиуеиԥшым ажәахәқәа ҟарҵалоит. Ари иаанагоит ҳҿар, ҳзиндырцәа аҭҵаарадырра аинтерес рымоуп ҳәа», - алылкааит Ԥлиаԥҳа.

Диана Ԥлиаԥҳа аконференциа аиҿкааҩцәа, алахәылацәа, асасцәа иҭабуп ҳәа ралҳәеит. Иналкаан драҭабуит АААК Иреиҳаӡоу Ахеилак ахантәаҩы Мусса Егзакь, ауснагӡатә зхы алазырхәыз  Аконгресс аусзуҩцәа зегьы.

Еизаз аԥсшәа раҳәо дықәгылеит Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа ахада, афилологиатә ҭҵаарадыррақә рдоктор Зураб Џьапуа.

«Ҳаҭыр зқәу ҳасасцәа, иарбанызаалак ажәлар, иарбанызаалак аҳәынҭқарра ирымоуп дара рзы иҷыдоу  арыцхәқәа – рмилаҭ гәазыҳәара анынаӡаз. Абасеиԥш иҟоу рыцхәқәоуп  аԥсуаа ҳзы 1993 шықәса цәыббра 30, 2008 шықәса нанҳәа 26», - иҳәеит Џьапуа.

Аконференциа аиҿкаара иалахәын Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа аекономикеи азини Ринститут, Урыстәыла анапхгараҟаҵаразы Амилаҭтә  ассоциациа, Аԥсны иҟоу Россотрудничество Ахаҭарнакра. Ауснагӡатә адгылара аиҭеит  атәыла ахада.

Аконференциаҿы иқәгылеит: А.А. Тибилов ихьӡ зху Аахыҵ Уаԥстәыла аҳәынҭқарратә университет аректор Вадим Тедеев, Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ахантәаҩы Саида Быҭәԥҳа уҳәа жәпаҩык.

Урыстәыла анапхгараҟаҵаразы Амилаҭтә  ассоциациа ахада ихаҭыԥуаҩ, азиндырратә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Иури Старилов иажәахә аҿы иазгәеиҭеит:

 «Иарбанызаалак атәыла иамоуп ахатәы биурократиатә чынуаа, арҭ амаҵзурауаа рыстатус ахьышьақәыргылахо. Акраанагоит уа азинтә нормақәа апринцип ҳаракқәа шьаҭас рымазаара. Апринципқәа бзиазар, адемократиатә ҟазшьақәа рымазар, рҵакы дузар – азакәанԥҵарагьы иашахоит, аҳәынҭмаҵзуҩгьы иҭакԥхықәра ишақәнаго дазныҟәоит» ҳәа.

Аконференциа аҳәаақәа ирҭагӡаны иӡырган анапхгараҭараз Алада-Урыстәылатәи аинститут азини аҳәынҭқарреи ртеориеи рҭоурыхи ркафедра анапхгаҩы, азинтә ҭҵаарадыррақәа рцентр адиректор, азиндырратә ҭҵаарадыррақәа рдоктора Дамир Шаԥсыӷ ирҵагашәҟәы «Кавказ ажәларқәа рзини аҳәынҭқарра аҭоурыхи».

Аҩбатәи Жәларбжьаратәи аҭҵаарадырра-практикатә конференциа  цәыббра 23 рҟынӡа имҩаԥысуан.