Ҟарачы-Черқьессиатәи Ареспублика иқәынхо ажәларқәа рбызшәақәа реиқәырхареи рырҿиареи ирыдҳәалоу азҵаарақәа ирылацәажәан есышықәсатәи аҭҵаарадырра-практикатә конференциа «Ҟлычев иаԥхьарақәа-2019» аҟны.

Саид Барганџьиа

Ҟарачы-Черқьессиа иқәынхо ажәларқәа рбызшәақәа ирызку есышықәсатәи Урыстәылазегьтәи аҭҵаарадырра-практикатә конференциа «Ҟлычев иаԥхьарақәа» мҩаԥысит Карачаевск ақалақь, мшаԥымза 11 рзы.

«Ҟлычев иаԥхьарақәа» еиднакылеит Урыстәыла акәакьқәа зегьы рҟынтәи абызшәадырыҩцәа. Аконференциа алахәцәа ҞЧА ажәларқәа рбызшәақәа реиқәырхареи рырҿиареи рзы реиҳа иеффекитвтәу амҩақәа ылырхуан, ахатәы бызшәа арҵаразы иактуалтәу аметодикақәа ирылацәажәон.

Аԥхьарақәа аазыртуаз апленартә еилатәараҿы дықәгылауа АААК Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы, ахеидкыла «Алашара» ахада Мусса Егзакь раԥхьаӡа иргыланы иазгәеиҭеит аконференциа зыхьӡ аху аҵарауаҩ нага Рауф Ҟлычев илшамҭақәа. Асовет аамҭақәа раангьы ари абызшәадырҩы ажәлар маҷқәа рыбзшәақәа рыхьчара иадҳәалоу азҵаарақәа шьҭихуа далагахьан.

«Афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, иналукааша ашәуа бызшәадырҩы, аҭоурыхҭҵааҩ, ажәахырҿиаареи, аморфологиеи, адиалектологиеи, аԥсуа-адыга бызшәақәа рҭоурыхи рзы специалист хазынас иҟаз аҵарауаҩ хәы змаӡам аҭҵаарадырратә ҭынха ҳзынижьит. Иара дравторуп, амонографиақәа ҩба, арҵага шәҟәқәа ҩба, ажәарқәа хԥа, ауниверситети ашколи рҟны аҵара зҵо рзы арҵагатә, аметодикатә цхыраагӡақәа фба, иара убас инапы иҵыҵхьеит 70 инареиҳаны аҭҵаарадырратә усумҭақәа», – ҳәа еизаз иргәалаиршәеит Мусса Егзакь.

Егзакь иазгәеиҭеит арҭ аԥхьарақәа рформат акраҵанакуа ишыҟоу абызшәатә проблемақәа рыӡбаразы иаку знеишьак ашьақәыргылара аганахьала. Иагьациҵеит 2019-шықәсазтәи аконференциа алҵшәақәа рыла «абжьаратә школқәа рҟны ахатәы бызшәа арҵаҩцәа рзы хра злоу абжьгарақәа» шрыдыркыло.

«Уи абзоурала абызшәа арҵараҿы ҽаԥарак ҟаҳҵартә алшара ҳауеит, ус анакәха ҳхатәы бызшәа аиқәырхара анахысгьы, уи арҿиаразы – ҳаамҭа иақәшәо ажәа ҿыцқәа рыла арбеиаразы иаҳа ҳмазеины ҳҟалоит», – иҳәеит Мусса Егзакь.

Урыстәылазегьтәи аҭҵаарадырра-практикатә конференциа «Ҟлычев иаԥхьарақәа» Ҟарачы-Черқьессиа раԥхьаӡа акәны имҩаԥысит 2015 шықәсазы. Уи аахыс есышықәса иара еизнагоит шәҩыла аҵарауаа-абызшәадырыҩцәа, арҵаҩцәа, ауаажәларратә усзуҩцәа. Аконференциақәа реихшьалақәа рыла иҭыҵуеит иреиӷьу ажәахәқәа зныло аизга.

Аконференциа аиҿкааҩцәас иҟоуп: Аԥсуа-абаза милаҭ рыҿиара ацхырааразы жәларбжьаратәи ахеидкыла «Алашара», У. Б. Алиев ихьӡ зху Ҟарачы-Черқьессиатәи аҳәынҭқарратә университет, Аҵара аусзуҩцәа рзанааҭдырра аизырҳаразы Ҟарачы-Черқьессиатәи аҳәынҭқарратә институт. Аконференциа ихьӡ ахуп иналукааша алингвист, кавказҭҵааҩы Рауф Ҟлычев, иара сынтәа иԥсы ҭазҭгьы 85 шықәса ихыҵуазаарын.