Санкт-Петербург Антропологиеи аетнографиеи рмузеи (Кунсткамера) аетнографиа аҟәшаҟны имҩаԥысыз асеминар «Кавказ: акультурақәа реиқәҿырҭа» аматериалқәа аизгак аҳасабала иҭыҵит.

Пиотр ду ихьӡ зху Антропологиеи аетнографиеи рмузеи (Кунсткамера) аетнографиа аҟәша аамҭа-аамҭала имҩаԥнаго асеминар «Кавказ: акультурақәа реиқәҿырҭа» ахԥатәи аизга ҭыҵит Санкт-Петербург. 

Аизга аредакторс дамоуп аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, хыхь зыӡбахә ҳҳәаз амузеи аҟны Кавказ аетнографиа аҟәша аҭҵаарадырратә усзуҩ еиҳабы Макка Албогачиева, лара лоуп ари асеминар напхгара азҭогьы.

Лара иазгәалҭеит, ахԥатәи аҭыжьымҭа ишеиднакылаз Кавказ ҭызҵаауа аҵарауаа рматериалқәа, уахь иаҵанакит Нхыҵ Кавказгьы Аахыҵ Кавказ ареспубликақәагьы.

«Пиотр ду ихьӡ зху Антропологиеи аетнографиеи рмузеи аҟны мацароуп Санкт-Петербург урыстәылатәи кавказҭҵааҩцәа зегьы егьырҭ аҳәаанырцәтәи аҵарауааи уажәи-уажәи иахьеиқәшәо. Абраҟа есышықәса имҩаԥысуеит «Абжьара Азиеи Кавкази ирызку Лавров иаԥхьарақәа», иара убас асеминар «Кавказ: акультурақәа реиқәҿырҭа». Ес-хышықәса иҭҳажьуеит асеминар аматериалқәа еидызкыло аизга. Уи ианылоит зегь реиҳа аинтерес зҵоу адунеи аспециалистцәа рыстатиақәа», – ҳәа азгәалҭеит Албогачиева.

Макка Албогачиева лхаҭа ажәлар маҷқәа рыҭцаара лнапы алакуп. Лыҭҵаарадырратә интересқәа абаза жәлар ишиашоу ирыдҳәалоуп, убри аҟнытә иахәҭоуп ҳәа лыԥхьаӡеит аизга иагәылаларц абаза жәлар рҭоурыхи ркультуреи ирызку аматериалқәа. 

«Аизга иагәылалеит Мадина Егзакь лажәахә, абаза ҩыра ашьақәгылареи аҿиареи аҭҵаара иазку», – ҳәа азгәалҭеит аҭоурыхҭҵааҩ.

Лара иҟалҵаз ажәалагала иқәныҟәаны, асеминар аҟны ажәахә иманы дықәгылеит Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс аппарат анапхгаҩы Кан Ҭаниа. Иара еиҭеиҳәеит Аконгресс аԥҵара аҭоурыхи иахьатәи аусушьеи ртәы. Асеминар ахԥатәи аизга иагәылалеит ари ажәахәгьы. 

Кан Ҭаниа аус здиулаз аматериал дахцәажәо иҳәеит ахыҵхырҭақәа разымхара ауадаҩра шизцәырнагаз. 

«Акыр исыхәеит Аконгресс акоманда рымчала иазырхиаз алонгрид, иара убас ииасхьоу ҳаизара дуқәа ирызкыз аматериалқәеи», - ҳәа азгәеиҭеит иара.  

Ҭаниа иажәақәа рыла, Урыстәыла Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа ацхыраарала Кунсткамера аҭҵаарадырратә ҭыжьымҭаҿы АААК иазку астатиа ацәырҵра – Аконгресс азы акрызҵазкуа хҭысуп. Аконгресс иазку аинформациа еизганы, еилыршәшәаны еиқәырхатәын, нас ҳаԥхьаҟа АААК ИА ахантәаҩы Мусса Егзакь ишьақәиргылаз, амилаҭ рҵас-қьабзқәеи ркультуреи реиқәырхара иазку амодель аҭҵаара алыршахартә еиԥш.  

«Гәыкала иҭабуп ҳәа расҳәоит амузеи адиректор Андреи Головниови, Макка Албогачиевеи абас ахьӡ-аԥша змоу аҭыжьымҭаҿы ҳастатиа агәылаларатә алшара ахьҳарҭаз. Кунсткамера амузеи Аконгресси русеицура иацҵахоит», – иҳәеит Кан Ҭаниа. 

АААКи абаза ҩыреи ирызку астатиақәа рынахыс аизга иагәылалеит егьырҭ аԥсуа-абаза авторцәа русумҭақәагы, иаҳҳәап: Мураҭ Мыкәа истатиа «Абаза диаспора рыпроблемеи уи аӡбашьа амҩақәеи», Ҭамара Аиба «Аԥсны итрадициатәу аӡахәааӡара аҷыдарақәак», Риҵа Зельницкаиа (Шларба) «Ҟарачы-Черқьестәыла ажәларқәа рҟны арахәааӡаратә цикл Евгениа Студенецкаиа 1940 шықәсазтәи лаҳасабырба аматериалқәа рыла». 
Зынӡа аизга ианылеит авторцәа 17-ҩык рматериалқәа, аҭыжьымҭа еиднакыло азҵаарақәа акыр иҭбаауп: акультура, атрадициақәа, асоциалтә ԥышәа, анцәахаҵарақәа, аҭоурых, акультура уҳәа рыҭҵаара иазку аспектқәа. Иҟоуп Кавказ ажәларқәа реилаҳәашьа аҷыдарақәеи уи аҽеиҭакшьеи иазкугьы. 

Аизга рызкуп аетнологцәа, аҭоурыхҭҵааҩцәа, иара убас Кавказ ажәларқәа ретнографиеи, рҭоурыхи, ркультуреи иазҿлымҳау аԥхьаҩцәа зегьы. 

АААК Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы Мусса Егзакьи Антропологиеи аетнографиеи рмузеи  (Кунсткамера) адиректор Андреи Головниови 2021 шықәса рашәарамзазы аусеицуразы аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит. Уи аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны имҩаԥысхьеит аҭҵаарадырратә експедициақәа, асеминарқәа, астол гьежьқәа, Гәымлоуқыҭ аҵарауаҩ-кавказҭҵааҩы Анатоли Генко ибаҟа ргылан. Аусеицура аҳәаақәа ирҭагӡаны Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресси «Алашареи» алахәуп асеминар «Кавказ: акультурақәа реиқәҿырҭа».