Иналукааша аопертә шәаҳәаҩы Хьыбла Гьерзмаа Адунеизегьтәи аԥуа-абаза конгресс алахәылацәа дыруаӡәкхеит.

Саид Барганџьиа

Аԥсныи Урыстәыла Афедерациеи Жәларқәа Рартистка, иахьатәи аамаҭазы адунеиаҿы иналукааша аопертә шәаҳәаҩы Хьыбла Гьерзмаа Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс далалеит.

Лара лажәақәа рыла, дарбанзаалак аԥсуа-абаза жәлар рхаҭарнак изы акыр зҵазкуа акәны иҟалароуп "ахатәы бызшәеи акультуреи реиқәырхареи рырҿиареи иашьҭоу" аиҿкаара алалара, уи ахәҭакхара.

"Сара излазбо ала, Аконгресс хықәкы хадас иамоу – аԥсуа-абаза жәлар реидкылароуп. Иҳалшо ала адунеи зегьы иазеиҭаҳҳәоит ҳмилаҭ атрадициақәа рыԥшӡареи, ҳкультура абеиареи. Ҳазегьы аӡәаӡәала ари аус гәыкала ҳҽазаҳкыр, агәра ганы сыҟоуп ишҳалҳаршо еицаҳзеиԥшу аус арҿиара, иара убасгьы амилаҭтә мазара аизырҳара", – лҳәеит Гьерзмаа.

Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза аконгресс Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы Мусса Егзакь, Хьыбла Гьерзмаа аконгресс лалалара дахцәажәо иазгәеиҭеит, аопертә ашәаҳәаҩы лырҿиаратә мҩеи, есыҽны дацәымаашьакәа имҩаԥылго ауси аҿар рзы хәы-змам ҿырԥштәыс ишыҟоу.

"Хьыбла Гьерзмаа – лхаҭараҟны иаарԥшуп ҳажәлар иреиӷьӡоу атрадициақәеи, акультуреи, иааизакны иуҳәозар - ҳаԥсуара . Сара агәра ганы сыҟоуп, иахьазы лара илырҳаз аихьӡара дуқәа шьаҭас ишрымоу лыԥсадгьыли лыжәлари рахь ҳәаа змам лыбзиабара. Уи абзиабара адунеи зегьы ирызналгоит", – иҳәеит иара.

Егзакь иажәақәа рыла, Хьыбла Гьерзмаа Аконгресс ахыдҵақәа дахьрыдгылаз, еиҳагьы амчи агәацԥыҳәареи унаҭоит, аԥсуа-абаза жәлар рырҿиаразы аусқәа рымҩаԥгараан.