Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс ирҿыцу Адискуссиатә клуб аҩбатәи аилатәара мҩаԥысит «Аԥсуареи абиԥарақәа реимадареи» ахырхарҭала.

Шьазина Бганԥҳа

Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс Адискуссиатә клуб аилатәара мҩаԥысит «Аԥсуара» аурокқәа ашколтә программа реиҭалагалара азҵаара иазкны. Уи експертк иаҳасабала далахәын Аԥсны жәлар рартист, амузыкант, адирижиор, акомпозитор Нодар Ҷанба (Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра ашьҭахь акультура аминистрс дыҟан – азгәаҭа).

Нодар Ҷанба еиҭеиҳәеит акультура аминистр даныҟаз аамҭазы аԥсуа ҵарауааи арҵаҩцәеи гәыԥҩык идкыланы «Аԥсуара» амаҭәар ашкол аҿы азнагаразы арҵагатә цхыраагӡа аиқәыршәара аџьабаа шадибалаз. Ҷанба иажәақәа рыла, иара ихатә архив аҟны еиқәханы иҟоуп 30 шықәса раԥхьа еиқәыршәаз арҵаратә программа, аусура аплан сааҭ-сааҭла еихшаны иахьарбоу. Ус шакәугьы, иахьатәи ашколқәа реихшанҵаҿы «Аԥсуара» амаҭәар убаӡом. Уи зыхҟьо ҳәа ихадоу мзызс иҟоу, Ҷанба игәаанагарала, аконцепциа змам арҵаратә системоуп.

«Абызшәа ацәыӡра, аморалтә-етикатә кодекс – апсуара аиаӡаара зыхҟьо аконцептуалтә знеишьа ахьҳамам ауп. Аԥсуа бызшәа аҿиара апрограмма – ишдыру еиԥш аԥсшәа иузаҟәымҭхо иадҳәалоуп аԥсуарагьы – аԥсуа ҵарауаа иахьеи-уахеи иаҿызароуп. Сара схы ааздыруа сҟалеижьҭеи еиуеиԥшым абызшәа аҿиара апрограммақәа рыӡбахә акырынтә исаҳахьеит, срыԥхьахьеит. Иахьа уажәшьҭа суаҩыбжара сахысхьеит, арахь абызшәа аҭагылазаашьагьы аԥсуара аныҟәгашьагьы есааира еицәахоит акәымзар еиӷьхаӡом.  Ари иаанаго арҵаратә система аконцепциа ахаҭа иашаӡам ауп. Ҳара иҳамоуп имаҷымкәа ахәыҷқәа ҩба-хԥа бызшәа зҳәо. Урҭ атәым бызшәақәа рызҵазар, ахатәы бызшәеи ахатә ҵас-қьабзқәеи ргәынкылара зырцәыуадаҩхазеи? Избан акәзар арҭқәа зегьы аҭаацәараҿы ианышьҭукаауаз аамҭақәа цахьеит. Иахьа даҽа аамҭоуп, уи ҳацныҟәалароуп. Ҳәарада, «Аԥсуара» амаҭәар арҵага шәҟәы акодификациа азутәуп», – иҳәеит Нодар Ҷанба.

Иара иазгәеиҭеит ари апроблема хыхь-хыхьлатәи азнеира алҵшәа шаанамышьҭуа, уимоу ахықәкы анагӡараҿы аԥықәслара шаԥнаҵо. Аԥсуара – аԥсуа жәлар рыуаҩышәатә-етикатә принципқәа реизгоуп, уи азеиԥшуаҩытәыҩсатә хымҩаԥгашьа аԥҟарақәеи аетикеи ирыдҳәалоуп ҳәа ациҵеит.

«Урысшәала ишеиҭарго ала «абхазство» аԥсуара аҵакы азаарԥшӡом. Избан акәзар, ари амилаҭ ҟазшьа мацара акәӡам иаанаго. Аԥсуара – ауаҩроуп, ауаҩы дуаҩны дҟазҵо зегь аҵанакуеит», – ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Нодар Ҷанба.

Аклуб аилатәараҟны аексперт иаирбеит «Аԥсуара» азы арҵага шәҟәы шьақәгылазар шахәҭоу, ашәҟәы аиқәыршәара ахырхарҭала Адискуссиатә клуб аусура ацхраарагьы дазыразхеит.

АААК Адискуссиатә клуб аусура иацнаҵоит. Анаҩстәи аиԥылара мҩаԥысуеит аексперт ҿыцқәа адыԥхьаланы, уи абаза диаспореи арепатриациа азҵаарақәеи ирызкызаауеит.