Аԥсны иаадыртит «Ашьапылампылтә клуб «Зенит» Академиа» афилиал – ари Санкт-Петербург иҟоу, ахәыҷқәеи ақәыԥшцәеи ахьазыҟарҵо аолимпиатә хәмаррақәа ррезервтә школуп.

Аԥсны ашьапылампылтә школ «Зенит» афилиал аартра иазкыз агәырӷьаратә церемониа мҩаԥысит асабша, хәажәкыра 27 рзы Аҟәа, Аҳәынҭқарратә филармониаҿы.

Ари ахҭыс иалахәын аспорт иадҳәалоу ауаа, ашьапылампыласцәа қәыԥшқәеи урҭ рҭаацәеи, разыҟаҵаҩцәеи, иара убас Санкт-Петербургтәи академиаҟынтә Аԥсныҟа аҽазыҟаҵаразы иааз аспортсменцәа ҿарацәа, ашьапылампыласыҩ нага Гьаргь Сыҷынаа. Аартра даҭааит Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа. Ажәахәқәа рыбжьара асценаҟны иқәԥраауа икәашон ансамбльқәа «Кавкази» «Абазеи».

Ашьапылампыл ҟазарак аҳасабала

Ашьапылампылтә клуб «Зенит» адиректор хада Александр Медведев иқәгылараҿы иазгәеиҭеит афилиал аартра афилармониаҿы иахьымҩаԥысуа машәырым ҳәа: иара ишиԥхьаӡо ала, ашьапылампыли акәашареи злеиԥшу рацәоуп.

«Ашьапылампыл ҟазара хкык аҳасабала изыԥхьаӡо рацәаҩуп. Ҳара уажә иаҳбеит артистцәа рықәгылара бзиахә. Абас иласӡа, иқәԥраауа икәашаларц азы дара акыраамҭа рҽазыҟрҵон. Абаҩхатәра ԥсабарла иаауеит, аха ухы аус адумулозар, уҽазыҟаумҵозар – укәашаҩыз, успортсменыз – апрофессионалра улҵшьа ыҟаӡам. Ҳара абра академиа ааҳартуеит, аспортсменцәа бзиақәа шәеиҵаҳааӡоит ҳәа агәыӷра ҳаманы, ауаҩрагьы шәыланы, ҳәарада. Ақәҿиарақәа шәзеиӷьасшьоит! Санкт-Петербург ҳашәзыԥшуп, ҳара ҳхәыҷқәагьы арахь лассы-лассы ҽазыҟаҵара иаалоит, ашьапылампыл шәеицаслоит. Ишырҳәо еиԥш, аиааира иаԥсоу итәхааит!» – ҳәа изеиӷьшьарақәа иҳәеит Медведев.

Иара аспортсменцәа ҿарацәа ирабжьигеит аиҳабацәа ирҿыԥшларц, занҵамҭақәа ҵәахны иҟоу аматч бзиақәа ирыхәаԥшларц.

«Сара уажәы сывараҿ дтәан адунеи ашьапылампыл аҿы илегендоу аспортсмен Гьаргь Сыҷынаа. Шәахәаԥш 1966 шықәсазы Асовет Еидгыла акоманда адунеи ачемпионат аҟны ишыхәмаруаз. Шәара усҟан шәмиӡацызт. Усҟан иаадырԥшыз ашьапылампыл хазынан, идуӡӡан. Убасҟан заҵәык ҳара ҳкоманда ахԥатәи аҭыԥ агеит, анемеццәа ҳрындаҭлон, хыԥхьаӡарала ҳреиҵын, аха зегь акоуп аҵыхәтәанынӡа ҳақәԥон. Абарҭ акадрқәа шәрыхәаԥшыр еилышәкаауа рацәахоит», – иҳәеит аклуб «Зенит» адиректор.

Ахәылԥаз амҩаԥгаҩ Алхас Манаргьиа иакәзар, еизаз иргәалаиршәеит асовет шьапылампыласцәа Бразилиа еизгоу акоманда ианрыцхәмаруазтәи аматч.

«Усҟан Бразиалиатәи акоманда далан Пеле. Сара ирҳәо исаҳахьеит, ахәмарра иалагаанӡа Гьаргь Сыҷынаа иҩызцәа ажәа риҭеит ҳәа: ижәбап, Пеле ишьапқәа рыбжьара ампыл смыршәуазар ҳәа. Иагьынаигӡеит иажәа! Аматч анынҵәа, зегьы рышәҵатәқәа анеимырдоз, Пеле итәы зиҭаз Гьаргь Сыҷынаа иакәхеит» - иҳәеит амҩаԥгаҩ.

Иара еиқәиԥхьаӡеит аиҳабыратә абиԥара рахь иаҵанакуа егьырҭ аԥсуа шьапылампыласцәа хьӡырҳәагақәагьы: Ниаз Ӡаԥшь-иԥа, Владимир Маан, аишьцәа Вардимиади, Иури

Грамматикопуло, Амиран Зарданиа, иара убас Витали Дараселиа, Ахрик Цәеиба, Руслани Беслани Џьынџьала, Беслан Гәыблиа, Анри Хагәышь; нас Аҟәатәи «Динамо» ахәмарцәа - Роман Ҳагба, Иури Логуа, Саид Ҭарба, Роберт Бостанџьан, Џьума Кәарцхьиа, Џьамал Гәбаз, Гьаргь Чалигәаа, Даур Ахвледиани, Ҭамаз Еныкь уҳәа убас егьырҭгьы. Алхас Манаргьиа ихьӡ иҳәеит убасгьы зыспорттә кариера Аԥсны ихацзыркыз асовет шьпылампыл алегенда Никита Симониан.

Агәазыҳәара анынаӡо

Аспорт азы аҳәынҭеилакы ахантәаҩы Џьамал Гәбази Аԥсны амилаҭтә олимпиатә еилакы Валери Аршбеи иҭабуп ҳәа рарҳәеит ашьапылампылтә школ «Зенит» афилиал Аԥсны иаартхартә еиԥш аџьабаа адызбалаз зегьы.

Валери Аршба иҳәеит иара ихаҭагьы акыршықәса раахыс ашьапылампыл дшазҿлымҳау.

«Сара даараӡа ари аспорт сазгагоуп: Аԥсны сгәы ззыблуа акоманда «Динамо-Аҟәа» ауп, Урыстәыла акәзар – «Зенит-Санкт-Петербург», адунеи аҿы иаҳгозар – «Челси». «Зенит» ахәмаррақәа акгьы бжьасыжьуам, аклуб атрибутқәагьы сымоуп, убас «Зенит» ахәдакәырша сыжәҩахыр иқәсыршәлоит, еснагь риааирақәа сырзыԥшуп», - иҳәеит иара.

Аршба иазгәеиҭеит, аԥсуа ашьапылампыл аҭоурых ду шамоу, хыԥхьаӡарала иугозар, шәышықәса ишреиҳау.

«113 шықәса ҵуеит сынтәа Аԥсны раԥхьаӡатәи акоманда анаԥҵаз аахыс, уи Аҟәа аҵара зҵоз ақәыԥшцәа рыла еиҿкаан 1908 шықәсазы. Ашьҭахь иҵегь акык-ҩбак акомандақәа ҟалеит, дара-дара ампыл иасуан. Убас есааира рԥышәеи рҟазареи еизырҳауа, 1989 шықәсазы аҟәатәи акоманда Асовет Еидгыла ачемпионат актәи алига аҟынӡа инаӡеит, аха усҟан иҟаз аполитикатә мзызқәа ирыхҟьаны акоманда аҽеиҟәнашеит. Уи анаҩс азыҟаҵаҩ еиҳабы Олег Долматови азыҟаҵаҩ Иура Логәуеи рыбзоурала еидкылан акоманда ӷәӷәа, Асовет Еидгыла ачемпионат аҟны 12-тәи аҭыԥ аанызкылаз. Иҭабуп ҳәа расҳәарц сҭахуп, аибашьра ашьҭахьтәи аамҭа хьанҭазы ашьапылампыл аҿиара аанымкыларц азы, ахәыҷқәа рҽазыҟарҵаларц азы аус зуаз, згәы-зыԥсы зегь аԥсуа шьапылампыл аиқәырхара иазызкыз», – иҳәеит Аршба.

АААК аппарат анапхгаҩы Кан Ҭаниа еиҭеиҳәеит Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс, хаҭалагьы уи ахантәаҩы Мусса Егзакь дшацхрааз ашьапылампылтә клуб «Зенит» анапхгареи Аԥсны аиҳабыреи реиҿцаара, анаҩс араҟа афилиал аартхарц азы.

Уи адагьы, Аконгресс аинформациатә, аиҿкаара-техникатә ганқәа рыла адгылара анаҭеит ари ахҭыс: ашәҟәқәа реиқәыршәара, асасааирҭақәеи атранспорттә еиҿкаарақәеи рнапхгара рацәажәара уҳәа ахахьы иагеит. Ҭаниа иазгәеиҭеит убасгьы аиҿкаареи аимадареи рганахьала абри аус аҿы илагала шдуу Санкт-Петербург инхо ҳџьынџьуаҩ Борис Џьергьениа.

АААК аппарат анапхгаҩы излаиԥхьаӡо ала, урыстәылатәи ашьапылампылтә школ афилиал Аԥсны аартра иабзоураны аԥсуа спортсменцәа ҿарацәа рбаҩхатәра еизҳауеит, ишәуеит.

«Ҳала ишабо алшара ҿыцқәа аатуеит ахаарԥшразы, умаашьар адунеи ухьӡ ахыҵәоит иахьа, убас аамҭак ҳҭагылоуп. Избан акәзар «Зенит» аспортсменцәа алшра роуеит егьырҭ аҳәаанырцәтәи аклубқәа рахьгьы ииасырц, уаҟа игәарҭартә еиԥш рҽаадырԥшыр. Убас рхы бзианы ицәырырго иалагар, уи зегь ҵабыргхоит, ҳәарада. Ари иуникалтәу лшароуп ҳхәыҷқәа рзы», – иҳәеит Ҭаниа.

«Ҳгәырӷьара ҳәаак амам!»

Ашьапылампылтә школ афилиал аартра ахәыҷқәа рзеиԥш, азыҟаҵаҩцәа рзгьы ихҭыс дуӡӡоуп. Ашьапылампыл азыҟаҵаҩ Роман Ҵкәуа иҳәеит уажәшьҭарнахыс аԥсуа зыҟаҵаҩцәа алшара шроуа «Зенит» академиаҿы рзанааҭдырра аизырҳаразы.

«Ҳара питертәи академиаҿы аҵара ҳҵоит, актәи аетап ҳахысит, адипломқәа ҳанаршьеит, акатегориа «Д» ҳахырыԥхьаӡалеит, ҳаԥхьаҟа иҵегь ҳдырра еизҳарҳалоит, – иҳәеит иара, иагьациҵеит иааӡамҭацәа рахь ихы нарханы, – ахәыҷқәа гәырӷьаҵәа иҟоуп. Зенитаа рышәҵатәы анырзырша рымҵәыжәҩақәа ирызҳазшәа иҟалеит, ргәы ҭԥраауеит. Уажәшьҭа ирылшо нагӡаны иаадырԥшыртә иҟоуп. Реиҳа зҽалызкаауа еиуеиԥшым атурнирқәа рахь иаҳгалоит. Уаҟа иргәаԥхо ақәыԥшцәа аилазаара хадахьы ааԥхьара рырҭоит, Санкт-Петербург рҽазыҟарҵалоит».

Аашықәса зхыҵуа Умар иан Шьазина Амҷыԥҳаи иаб Реваз Кусиси агәыӷра рымоуп «Зенит» афилиал аатра – рыҷкәын изы илшара духоит ҳәа.

«Иара ихала игәаԥхеит ашьапылампыл асра, уажәшьҭа ҩышықәса ҵуеит асекциахь дныҟәоижьҭеи. Сара анык лаҳасабала даара сеигәырӷьоит. Аиҩызара, аидгылара аҟазшьақәа ушыхәыҷу нахыс ишьҭукаауазароуп, уи наҟ-наҟ аԥсҭазаараҿы егьараан иухәоит. Ахәыҷқәа аспорт иауҭозар даара ибзиоуп», – лҳәеит Шьзина Амҷыԥҳа.

Мирослав Рагимов ҩышықәса раахыс Иракли Кациа иҟны иҽазыҟаҵоит, уажәшьҭарнахыс иазыҟаҵаҩ дахьиасыз академиа «Зенит» афилиал ахь дныҟәалоит.

«Ҳгәырӷьара ҳәаак амам!», - лҳәеит аҷкәын иан Лика Маанԥҳа.

Зыҩаӡара ҳараку аиндаҭлара

Афилиал аартра аламҭалазтәи амшқәа рзы хәажәкыра 19 инаркны 31 рҟынӡа Аԥсны имҩаԥысуан ашьапылампылтә клуб «Зенит» ахәыҷқәеи-ақәыԥшцәеи ракадемиа ахәмарцәа рҽазыҟаҵарақәа. Ҩышәҩык инареиҳаны зенитаа – аспортсменцәа рхаҭақәа, урҭ разыҟаҵаҩцәа, аҳақьымцәа уҳәа – Аҟәеи Афон ҿыци иаангылеит. Аклуб ԥхьаҟагьы абас Аԥсныҟа ҽазыҟаҵара иаалоит шықәсык ахь хынтә-ԥшьынтә.

Даниил Трифонов фышықәса раахыс дныҟәоит Санкт-Петербургтәи академиахь, Аԥсныҟа раԥхьаӡа акәны дааит. Аспортсмен еиҭеиҳәеит аҟәатәи акомандеи дареи реиҩызаратә хәмарра шымҩаԥысыз.

«Араатәи акоманда ҳрыцхәмарит. Ицәгьамкәа иазыҟаҵоуп, зыҩаӡра ҳараку аиндҭлра ҳаман. Дара қәрала хәыҷык иҳаиҳабын, аха зегь акоуп ҳаргьы ҳхы ҳмырԥхашьеит», – иҳәеит арԥыс.

Академиа афилиал аартра иазкыз агәырӷьаратә церемониа ахыркәшамҭаз аԥсуа шьапылампыласцәа асцена иқәлеит, нас питертәи рҩызцәа «Зенит» асимволика зну ашәҵатәы ҳамҭас ирырҭеит. Уи ашьҭахь асценахь ихалеит ахҭыс иалахәыз асасцәагьы – азеиԥш гәаларшәагатә фото ҟарҵарц.