Аԥсуа кәалӡы иазку акиносахьа ҭыхын Адунеизегьтәи Аԥсуа-абаза конгресси (АААК) аԥсуа-абаза жәлар иматериалтәым рҭынхазы аиҿкаара "Алашареи" рыпроект "Амазара" аҳәаақәа ирҭагӡаны.

Адокументалтә фильм "Аԥсуа кәалӡы" аԥхьарбара мҩаԥган акультура-устә платформа "Гәыма" цәыббра 19 рзы.

Афильм иунарбоит аԥсуа еибашьҩы ихаҿсахьа, икәалӡы аҷыдарақәа, асахьаҭыхыҩ Баҭал Џьапуа акәалӡы еиҭашьақәыргыланы ишеибиҭоз апроцесс. Афильм арежиссиор — Дауҭ Логәуа.

Афильм мҩаԥигон АААК Аҿар реизҳареи абаҩрҵәыреи рыҟәша анапхгаҩы Валери Берзениа. Иара далацәажәеит афильм аԥҵара аидеиа шцәырҵыз.

 «Акыршықәса ҵуеит АААК аԥсуа-абаза жәлар иматериалтәым рҭынхазы апроект аус аднаулоижьҭеи. Акыр ҳазхәыцуан апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥаагаша аидеиақәа. Убри аамҭа иақәшәеит асахьаҭыхыҩ Баҭал Џьапуа аԥсуа еибашьҩы икәалӡы аиҭашьақәыргылараз иусура. Иҳаӡбеит ари аинтерес аҵоуп ҳәа. Афильм аҭыхразы аидеиагьы ҳазцәырҵит", - ҳәа иҳәеит иара.

Берзениа иара убасгьы далацәажәеит аҭыхрақәа шцоз.

«VI ашәышықәсазтәи аибашьҩы икәалӡы  иазкны афильм аҭыхраан проблеман иҳаман аинформациа аизгара, избанзар  архивтә материалқәа ари атемала акырӡа имаҷуп, аха Баҭал Џьапуеи Дауҭ  Логәуеи ҳареи ҳаицхыраан  аматериал аизгара ҳалҳаршеит. Аҭыхрақәа мҩаԥысуан Ҵабал. Иара уоуп иахьыԥшааз артефактқәа», - иҳәеит  Берзениа.

Ҵабал адагьы аҭыхрақәа мҩаԥысуан Баҭал Џьапуа иҟазарҭаҿы, В.Г. Арӡынба ихьӡ зху  Ахьӡ-аԥша амузеи аҿы, Аҳәынҭқарратә музеи аҿы, ахысырҭа клуб «Афырхы» аҿы. Ахархәара рыҭан археолог Иури Воронов иҭаацәа рархивтә материалқәа. Иара убасгьы ҭабуп ҳәа раҳәан  аҭоурыхҭҵаҩцәа, археологцәа Дмитри Счастныи Шандор Ҟаитани афильм аҭыхра рхы ахьаладырхәыз.

Ахәаԥшыҩцәа идырбан еиҭашьақәыргылоу акәалӡы аӷәӷәара.

Афильм арежиссиор, асценарист Дауҭ Логәуа афильм иамоу акультуратә ҵакы далацәажәеит.

 «Сгәанала зыԥсадгьыл аҭоурых  иазымхәыцуа ауаҩы иԥсҭазаара бжамҽамуп. Схаҭа сзы акыр аинтерес аҵан ари аҭоурых. Аԥсуа еибашьҩы усҟантәи иформамаҭәа атема алаҳхит, ҳҽазаҳшәеит афильм аҭыхра. Сгәы иаанагоит ахәаԥшҩы игәаԥхашт ҳәа», - иҳәеит иара.

Ари акәалӡы Баҭал Џьапуа аҩбатәи иусумҭоуп. Иара ишиҳәаз ала апроцесс аамҭеи алшареи рацәаны иагоит. Аҳәаҭҳа адагьы арахь иаҵанакуеит ақәыршә, аԥынӡар, абџьархк ҷыдақәа. Аҳәаҭҳа ахаҭа аибыҭара 797 даԥа-ҷыда агеит.

«Ажәытәан аиҳарак аҳәаҭҳақәа адаԥа ҳәа ҳзышьҭоу ахәҭаҷ маҷқәа рыла еибырҭон. Саргьы уи амҩа санылеит», - иҳәеит Џьапуа.

Убри аан иазгәеиҭеит ажәытәан акәалӡы еиуеиԥшым аматериалқәа рыла ишеибырҭоз. Аметалл иалхыз ахәҭаҷқәа дасу илшара зеиԥшраз аиԥш акалеи, араӡны, ахьӡы рыхьдыршон имжьакцарц азы. Аԥшшәы аибашьцәа реиҩдырааразы иалыркаауан.

Адокументалтә фильм «Аԥсуа кәалӡы» онлаин абара ҟалоит АААК асаит аҿы.