Аԥснытәи арежиссиор Инар Нарманиа ифильм «Махаз сыхьӡуп», Миха Лакрба иновелла амотивқәа рыла иҭыху, аиааира агеит Архангельск имҩаԥысуаз жәларбжьаратәи афестиваль аҟны, аноминациа «Зметр кьаҿу асахьаркыратә фильм иреиӷьу арежиссиор» ала.

Саид Барганџьиа

Аԥснытәи арежиссиор Инар Нарманиа ифильм «Махаз сыхьӡуп» аиааира агеит «Зметр кьаҿу асахьаркыратә фильм иреиӷьу арежиссиор» аноминациа аҟны, Архангельск ақалақь имҩаԥысуаз жәларбжьаратәи афестиваль Arctic open аҳәаақәа ирҭагӡаны. АААК аинформациатә портал азыҳәан абри аиааира ахҳәаа азыҟаҵауа, арежиссиор иазгәеиҭеит уи «шгәахәара дуу, аха убри аан аҭакԥхықәрагьы шацу».

Афильм «Махаз сыхьӡуп» – асовет аамҭа аазырԥшуа ностальгиатә комедиоуп, иҭыхуп Миха Лакрба иновелла ала. Акиноальманах «7 новеллак» аҳәаақәа ирҭагӡаны афильмқәа рҭыхра хацыркын 2017 шықәса нанҳәамзазы, иагьхыркәшан 2018 шықәса, ажьырныҳәамзазы.

«Усҟантәи аамҭахь агәхьаагара цәыраҳгарц ҳҭахын. Иҟалап, уи ихыҭхәыцаау дунеизар, иҵабыргны усҵәҟьа иҟамызҭгьы, аха ахәаԥшцәа аекранаҿ ирбо иахәҭакушәа агәалаҟара роур ҳҭахын», – ҳәа азгәеиҭеит иара.

Асахьа аперсонажцәа рлахьынҵақәа уадаҩуп, аха зегь акоуп, дара зегь ҩныҵҟала иблахкыгақәоуп ҳәа иԥхьаӡоит Нарманиа.

Арежиссиор еиҭеиҳәеит акинофестиваль Arctic open аҵыхәтәантәи асиахь ишаҵанакыз 48 сахьа, зынӡа инашьҭыз ҩ-нызкь инареиҳаны афильмқәа рҟынтә. Аицлабра апрограмма еихшан зметр кьаҿу, зметр аууи афильмқәа ҳәа. Архангельсктәи акинофестиваль аҟны аиааира – раԥхьатәи ҳамҭам ари афильм зыԥсахахьоу рҟынтә.

«Зегь раԥхьа иҳауз, зегь реиҳагьы ҳгәы ззыбылуа ҳамҭоуп – Аҟәатәи жәларбжьаратәи афестиваль SIFF (Аҟәатәи жәларбжьаратәи акинофестиваль – аред.) аҟны иҳанаршьаз, уи анаҩс иҟан Москватәи афестиваль Konik film festival аҟны Агран-при, ашьҭахь ҳдәықәлеит Калининградҟа, уи имҩаԥысуаз афестиваль «Короче» аҟны иҷыдоу аҳамҭа ҳанаршьеит. Ҳазҭоу амзазы еилкаахеит Урыстәыла амилаҭтә киноакадемиа 2018 шықәсазтәи акинопремиа «Золотой Орел» абжьгаратә сиахь ҳшаларҵаз», – иҳәеит Инар Нарманиа.

Жәларбжьаратәи акинофестиваль Arctic open мҩаԥысуан ԥхынҷкәын 6-9 рыбжьара, сынтәа ҩынтәуп иара мҩаԥысуеижьҭеи. Акинофестиваль аҟны еицлабуан Урыстәыла, Аԥсны, ЕАШ, Даниа, Исландиа, Канада, Швециа, Норвегиа, Даниа уҳәа атәылақәа рҟынтә арежиссиорцәа рфильмқәа.