6280

Ажурналист Екатерина Бебиаԥҳаи ашкол арҵаҩы Мери Тхагушевеи реиҿцәажәара, автортә дырраҭара "Аԥсуара амҩахәасҭақәа" аҟны

Екатерина Бебиаԥҳа лавтортә дырраҭара "Аԥсуара амҩахәасҭақәа" аҟны сасны дылҭааит Гдоуҭатәи 2-тәи абжьаратә школ адиректор, арҵаҩы Мери Тхагушева. Лара дазааҭгылеит ашколқәа рҿы "Аԥсуара" маҭәарк аҳасабала ахысра аҭахны ишыҟоу. Аинтервиу анҵан Аԥсуа ҳәынҭқарратә телехәаԥшра астудиаҿы 2009 шықәсазы. 
"Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра анцоз аамҭақәа рзы Нодар Ҷанба ибзоурала "Аԥсуара" маҭәарны ашколтә программа иалаҵан. Аха аибашьра анеилга ашьҭахь апрограмма иалырхит. Сара изласыԥхьаӡо ала, "Аԥсуара" аҵара ҳаиҭазыхынҳәроуп. Ус зҳәо рацәаҩуп, аха ари ахырхарҭала макьана иҟаҵоу ҳәа егьыҟам. Иаҳԥырхагада?" - ҳәа азгәалҭон Мери Тхагушева.