Зымҽхак ҭбааз аусмҩаҧгатә мҩасуан ажьырныҳәамза 3-8, иаҵанакит иакымкәа ҳтәыла араионқәа.

 Есма Голанӡиаҧҳа 

Амандаринатә фестиваль мҩаҧысуан 7-ҭыҧк рыҟны, хадарала - амилаҭтә парк «Аҧсны» аҵакыраҿы. 50-ҩык инареиҳаны ауасҭацәа аџьармыкьахь ицәырыргеит русумҭақәа, асасцәа рзы имҩаҧыргеит амастер-классқәеи ахыц ала ахысразы аицлабреи.

Зымҽхак ҭбааз аӡынратә ныҳәа апрограмма иаҵанакит ҭаацәалатәи активтә ҧсшьареи аҿар рдыррақәа еиззырҳауа аҧсшьареи. 

«Афестиваль аартра амш аҽны мацара амилаҭтә парк иаҭааит 3-нызқьҩык инарзынаҧшуа ауааҧсыра. Апрограмма хкы рацәала еиқәыршәан, аинтерес аҵан - аконцертқәа, амастер-классқәа, ҳаамҭазтәи арҿиацәа рцәыргақәҵақәа, аҭааҩцәа зегьы иргәаҧхаз аҳауатә мпышҭақәа рыла аҧырра. Адырҩаҽны еиҿкаан ахәыҷтәы программеи аҿар рацәаны излахәыз акәашарақәеи. Зеиҧшла аныҳәа ҳазгәдууп, ҳгәы иаахәеит абри аҟара ауааҧсыра ахьеиднакылаз, иалахәыз иахьыргәаҧхаз, иахьдырҽхәаз. Еиҳараӡакгьы ауаа иргәаҧхеит мандаринала еибыҭаз аҧсаӡ, уи акәша-мыкәша еснагь асасцәа рацәан», - лҳәеит афестиваль аиҳабы Светлана Габуниаҧҳа. 

Амилаҭтә парк, Амҳаџьырцәа рыҧшаҳәа, аплиаж Marnero, акультура-усуратә платформа «Гәыма», Каман ақыҭа - аҭааҩцәа рзы еиуеиҧшым аҭыҧқәа рҿы еиҿкаан 30 инареиҳаны аинтерактивқәа. Иара убасгьы афестиваль асасцәа аҭааит ацитрустә аарыхырҭа «Софиа», уаҟа дара алахәын аҽаҩра аизгара, афотосахьақәа ҭырхит, аҧсуа мандаринақәа ргьама рбеит. 

«Асасцәа рхыҧхьаӡара ҳаззыҧшыз аасҭа еиҳахеит. Апрограмма еиқәыршәан еиуеиҧшым ақәратә гәыҧқәа рзы, убри аҟнытә ахәыҷқәеи аҿари реиҧш, иаҳҭаауан аиҳабыратә биҧара ахаҭарнакцәагьы - еиҳараӡакгьы аҭыҧантәи ауааҧсыра, иара убасгьы аҧсшьацәа. Ҳәара аҭахума, еиуеиҧшым аиҿкаарақәа аидгылара ҳарҭар аиҧш зеиҧшу аныҳәа есышықәса еиҿаҳкаалоит. Ҳхала ари аҩыза амҽхак змоу аусмҩаҧгатә аиҿкаара ҳцәыуадаҩуп. Алшара схы иархәаны, иҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп ацхыраара ҳазҭаз зегьы», - ҳәа азгәалҭеит афестиваль аиҿкааҩ Сариа Аргәынҧҳа.

Афестиваль еиҿнакааит Иавтономтәу икоммерциатәым аиҿкаара асоциал-культуратә проектқәа рцентр «Аҵла». Аинформациатә дгылара ҟанаҵеит Адунеизегьтәи аҧсуа-абаза конгресс.