2530

Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс ихацнаркит «Асаламшәҟәы» ҳәа хьӡыс изауз апроект. Аибашьра иалахәыз, ма шаҳаҭс иамаз ауаа рыуацәеи рҭынхацәеи ирзырышьҭуаз асаламшәҟәқәа ирызку. Асаламшәҟәқәа ирыԥхьоит Аконгресс аусзуҩцәа. Авидеонҵамҭақәа ес-хымш икьыԥхьхалоит цәыббра 30 рҟынӡа, Аконгресс асоциалтә ҳақәеи асаити рҟны. Виачеслав Кәыҵниа исаламшәҟәы лызҩуп аамзы ихабар ззымдыруаз иаҳәшьа Маиа Кәыҵниа.