Аԥсуа жәлар рашәақәа ирызку Мадина Аргәын лфильм иахәаԥшыз асахьаҭыхцәа қәыԥшқәа рцәыргақәҵа мҩаԥысит Аҟәа Ахәыҷқәа рыхьчара жәларбжьаратәи амш азы.

Асахьаҭыхцәа хәыҷқәа русумҭақәа 60 цәырган Аҟәа, Аԥсуа дараматә театр аҿаԥхьа рашәара 1 азы. Араҟа еидкылан Очамчыратәи ашкол-интернат асахьаҭыхратә кружок иалоу ахәыҷқәеи пицундатәи астудиа «Art.Vabaga» аҵаҩцәеи рҭыхымҭақәа. Дара зегь темак еиднакылон – «Аԥсуа жәлар рашәақәа».  

Ацәыргақәҵа иалахәыз ахәыҷқәа ааигәа Мадина Аргәын лфильм иахәаԥшит, АААК апроект «Амазара» аҳәаақәа ирҭагӡаны иҭыхыз, ирбаз ашьҭахь ироуз ацәаныррақәеи ахәыцрақәеи сахьала иаадырԥшырц рҭаххеит.

Ажәеизатәи акласс аҵаҩы Саниа Адлеиԥҳа «Анцәа рашәа» асиужет аарԥшра лгәаԥхеит, лара лсахьаҿы даҳбоит аныҳәара иаҿу аԥҳәыс.

«Лара шәарыцара иҟоу лыҷкәынцәа рзы Анцәа диҳәоит, еибганы аҩныҟа иаарц, Ажәеиԥшьаа дырзылԥхарц. Асахьа иану ашьхақәа аӷәӷәареи ан лынцәахаҵара аицамкреи ирсимволуп. Ажәҩан амрашәахәа алԥхоит, хьыԥшшәыла иҭысхит, избанзар ари аԥшшәы абрақьаҭра аанарԥшуеит», – лҳәеит аҭыԥҳа.

Жәиԥшь шықәса зхыҵуа Камилла Шьакаиа лсахьаҿы Нарҭаа ашәҩык рашьа Қьаҭауан дҭылхит.

«Сара еиҳарак сгәаҵанӡа инеит Ахәрашәа. Афильм санахәаԥшуаз иаразнак сгәы иҭашәеит Қьаҭауан дҭысхроуп ҳәа – амаҭ зыцҳаз афырхаҵа. Уи иҿыҭыбжьы раҳаны иааит иани иашьцәеи, дагьырхәышәтәит ашҳам илхны. Зны асахьеинырсла ҟасҵеит, нас зегь аш ахь ииазгеит», – лҳәеит Камилла.

Очамчыратәи ашкол-интернат аҟны асахьаҭыхратә кружок напхгара алҭоит Лика Ԥачлиа. Лара иазгәалҭеит, ахәыҷқәа азҿлымҳара шаадырԥшыз абас еиԥш адҵа анроу – аԥсуа жәлар рашәақәа шәырзыӡырҩны шәхаҿы иааиуа ассоциациақәа ҭышәх ҳәа. Абри аҩыза адҵа рыҭан мызкы аԥхьа.

«Мызкала 30 сахьа ҭырхит. Иҟоуп ҩба-хԥа усумҭа знапы иҵызхыз ахәыҷқәагьы. Асиужетқәа даара еиуеиԥшым: ара иҟоуп афырхаҵаратә ашәақәа ирылоу аперсонажцәа, аџьашәа ицәырнаго аҽаҩра ҭагалара асиужетқәа, агарашәа амотивқәа. Аинтерес зҵоу асахьақәа акыр ирацәоуп», – ҳәа лгәаанагара ҳацеиҩылшеит арҵаҩы.

Лара еиҭалҳәеит ахәыҷқәа афильм дырбаразы, нас аԥсуа жәлар рашәақәа ирызку алекциа аԥхьаразы Очамчыра иааны ишыҟаз аҭыхрақәа ирылахәыз – ахор «Ахьышьҭра» анапхгаҩы Есма Гәымԥҳа, ахор артистка Рашида Аиԥҳа, афильм абжьы ахазҵаз, ашәақәа рҭоурых еиҭазҳәо Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист Роман Сабуа.

Жә-шықәса зхыҵуа ацәыргақәҵа алахәыла Симона Габлиа Пицундантә лан длыцны дааит. Лҭыхымҭа дадгыланы аӡӷаб иаҳзеиҭалҳәеит уаҟа иану анхаҩ шиакәу.

«Ари абду иоуп, аҭәа ирхуеит, абар ивараҿ аҭәаҟәагьы ахьгылоу. Иааигәара акәытқәа ашьац илхоит», – ҳәа еиҭалҳәеит Симона.

Лара лан Салита Агрԥҳа ишылҳәаз ала, ахәыҷы гәахәарыла дырҭаауеит астудиа «Art.Vabaga» аҟны Валери Багдаӡе имҩаԥиго аҵатәхәқәа. Ан иазгәалҭеит аҳҭнықалақь аҟны имҩаԥысуа ацәыргақәҵа алахәхара лыԥҳа лзы ишыхҭыс дуу.

«Иҭабуп ҳәа расҳәоит абри аҩыза аидеиа бзиа зхаҿы иааиз, еиҿызкааз Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс. Даараӡа иҭабуп ахәыҷқәа ахьалашәырхәыз, ацәыргақәҵахь ааԥхьара ахьрышәҭаз – уи гәырӷьароуп дара рзы, ргәы шьҭнахит. Абас иҟоу аусмҩаԥгатә аҟны уҭыхымҭа цәырыргозар – ихьӡуп», – лҳәеит Салита Агрԥҳа.

Акомпозитор Ҭемыр Агрба, Пицунда иҟоу АААК аҭыԥантәи аҟәша анапхгаҩы, игәалаиршәеит ахәыҷқәа афильм ианахәаԥшуаз иара уа иштәазгьы сахьақәас иҭырхша алацәажәара ишалагаз.

«Ҳара адуцәа усс иаҳзаанхаз – ахәыҷқәа рыгәҭакы анагӡаразы алшара рыҭара акәын. Валери Багдаӡе истудиа ахәыҷқәа иааидкыланы 30 сахьа ҭырхит. Дара зегь аҟәатәи ацәыргақәҵахь ишьҭын. Уи аԥхьагьы Пицундатәи ауахәама ашҭаҿы асахьақәа цәыраҳгеит. Гәыкала ааԥхьара ҟасҵарц сҭахуп зегь рахь «Амазара» еиԥш иҟоу апроектқәа адгылара рырҭаларц. Избан акәзар абасеиԥш иҟоу аусқәа рыбзоурала ахәыҷқәа, аҿар рмилаҭтә культура еиҳа инарҵауланы ирдыруа иҟалоит», – иҳәеит Агрба.

Аԥсуа драматә театр аҿаԥхьа ицәыргаз асахьақәа дрыхәаԥшырц дааит афильм «Аԥсуашәа» арежиссиор Мадина Аргәын лхаҭагьы. Ахәыҷқәа рырҿиаратә фантазиа шџьалшьаз лҳәеит, даараӡагьы лгәы иахәеит апроект «Амазара» абасала иахьацҵахаз.

«Ҩышықәса раԥхьа афильм аҭыхрақәа ҳанрылагоз ҳхахьгьы иааиуамызт абри аҩыза ацәыргақәҵахь ҳкылнагоит ҳәа. Аҟазара знапы алаку ауаҩы уск данаҿу ихы дазымҵаар ауӡом: абри ҟасҵеит, аха нас иҟалои ҳәа. Иахьа избаз ахәыҷқәа рсахьақәа, атемахь аинтерес ироуз – сара сзы иреиӷьӡоу ҳамҭоуп афильм авторк лаҳасабала. Аиашазы, иеиӷьу иҟоузеи уусумҭа ауаа рацәа азхьаԥшзар, атема азҿлымҳара цәырнагазар? Уи акраанагоит, избанзар афильм зызку ҳмилаҭтә культуроуп. Абри аҩыза ареакциақәа ҟаларц азакәын аус заҳуазгьы», – лҳәеит арежиссиор.

Ацәыргақәҵа аофициалтә хәҭа цонаҵы АААК Аҳәса рхеилакқәа рнапхгаҩы Гета Арӡынԥҳа авторцәа қәыԥшқәа иҭабуп ҳәа ралҳәеит аԥсуа жәлар рашәақәа рдунеи рҽагәылархаланы асахьа ахьҭырхыз азы. Анаҩс ацәыргақәҵа лара лхаҭа илызцәырнагаз ахәыцрақәа ҳацеиҩылшеит.

«Ҳара агәахәара ҳнаҭеит ахәыҷқәа афильм атмосфера рҽаҭаны, ажәлар рашәа ирызцәырнагаз ахаҿсахьақәа ахьаадырԥшыз. Иԥшӡаны, рнапы иадырны, баҩхатәрала ирылшеит рус анагӡара. Абжьааԥны асахьаҭыхратә кружокқәеи астудиақәеи рҟны ахәыҷқәа еиҳарак анатиурмортқәеи апеизажқәеи роуп иҭырхуа, араҟа иалкааз адҵа рзықәгылан. Убри инақәыршәаны афильм иахәаԥшуан, аԥсуашәақәа ирзыӡырҩуан, ашәақәа риишьа шыҟаз аҭоурых раҳауан. Убри азоуп иаадырԥшыз асиужетқәагьы ашәақәа изырзааигәоу», – лҳәеит Гета Арӡынԥҳа.

Аҟәатәи ацәыргақәҵа аҳәаақәа ирҭагӡаны аконцерттә программагьы еиҿкаан. Очамчыратәи ашкол-интернат амузыкатә арҳәагақәа рсекциа аҵаҩцәа аԥсуа мелодиақәа адырҳәеит. Ари акружок жәашықәса раахыс аус ауеит, напхгаҩыс дамоуп Марина Шьнелиа.

Лана Ԥачлиа аашықәса раахыс аҩымаа алырҳәоит. Лара лажәақәа рыла, акружок даналалоз ари арҳәага лыблала иагьылымбацызт.

«Аха абжьы агашьа ансаҳа исгәаԥхеит, зегьы рҟынтә иалысхит арҳәашьа сҵаразы. Иара аԥшралагьы иԥшӡоуп, абжьы иахылҵуа анахысгьы», – лҳәеит аӡӷаб лҩымаа ҳарбо.

Ацәыргақәа иалахәыз зегьы аҳаҭыр бӷьыцқәеи аҳамҭақәеи ранашьан.

Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс аусмҩаԥгатә аиҿкаараҿы ацхыраара иҟарҵаз азы иҭабуп ҳәа рарҳәоит «Москва аҩны» - уи адиректор Сандро Бигәаа, Аҟәа ақалақь ахадара акультура аҟәша аиҳабы Наала Ҳашыг, Аҿари аспорти рызҵаарақәа рзы аҟәша, иара убас аиалахәыра «Ауараш адунеи» - ахәыҷқәа ирыздырхиаз аҳамҭа хаақәа рзы.

Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресси ИАЕ «Алашареи» рыпроект «Амазара» аԥсуа-абаза жәлар рдоуҳатә-культуратә ҭынха ахьчара иазкуп. Аидеиа авторс дамоуп АААК Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы Мусса Егзакь. Апроект хықәкыс иамоуп ҳажәлар рдоуҳатә-культуратә ҭынха аиқәырхареи аларҵәареи ҳаамҭазтәи аинтернет-технологиақәа рхархәарала. Уаанӡа ари апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны ицәырган афильмқәа хԥа: аԥсуа кәашара иазку, аԥсуа жәлар рашәа иазку – «Нарҭаа рышьҭыбжь», абаза ҳәызбақәа ирызку.

Рашәара 1 азы иазгәарҭо Ахәыҷқәа рыхьчара амш – қәрала иреиҳаӡоу Жәларбжьаратәи аныҳәақәа иреиуоуп. Уи амҩаԥгара ӡбан 1925 шықәсазы, Женева имҩаԥысуаз ахәыҷқәа рыԥсҭазаара арманшәалара иазкыз аконференциаҟны.