Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза Конгресс Ахәыҷқәа рыхьчара жәларбжьаратәи амш аҽны Аҭара ақыҭан ахәыҷтәы ныҳәа мҩаԥнагеит.

Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс рашәара 2 азы Очамчыра араион, Аҭара ақыҭан ахәыҷкәа рзы аныҳәа еиҿнакааит, Ахәыҷқәа рыхьчара жәларбжьаратәи амш инадҳәаланы.

Аныҳәа алагамҭазы ахәыҷқәа зегьы цәаҳәак иқәгыланы ргәы хыҭ-хыҭуа иазыԥшын бзиа ирбо амультфильм аперсонажцәа рсахьақәа рхы-рҿқәа рҿы ианбаҭырхуеишь ҳәа. Егьырҭ амультфильм аперсонажцәа – ауаҩ ишәара иҟоу акьанџьақәа – аныҳәа аанҵәаанӡа ауаа дырлахҿыхуан. Еиҳарак зегьы иџьаршьеит атрансформер Бамблби акостиум зшәыз акьанџьа, ахәыҷқәа алшара рыман иара иадгыланы рпатреҭ аҭыхра.

Аниматорцәа ахәыҷқәа ирыздырхиеит даҽа ҳамҭакгьы – асапын қәақәа ашоу. Изҭаху зегьы уи рхы аладырхәырц рылшон, зегьы иреиҳау ақәақәа аҭарчраҿы еиндаҭлон.

Ахәылԥаз ахыркәшамҭазы асасцәа ақьаадтә шоу дырбан. Ахәыҷқәа кәашон, аамҭа лахҿыхрала ирхыргон ақьаад иалху асерпантин еибагәыдҵауа. Ҳәара аҭахума, акы иузадымкыло агәахәара рнаҭеит ҳамҭас ирзырхиаз ахаа-мыхаақәагьы, АААК аныҳәахь иааиз ахәыҷқәа зегьы ирзашеит ахаақәа.

АБРИ АХҬЫС ИАЗКУ АВИДЕО АХӘАԤШРА >>

АААК Аҳәса рхеилакқәа рнапхгаҩы Гета Арӡынԥҳа иазгәалҭеит Аконгресс ахәыҷқәа рымш азгәамҭакәа ааныжьра шзалымшоз.

«Абри аныҳәамш шԥамҩаԥаҳгари ҳәа аӡбара ҳанаҿыз, ус ҳазхәыцит: ҵыԥх аныҳәа ду Аҟәа агәҭа имҩаԥаҳгеит, сынтәа аҳҭнықалақь иацәыхароу ақыҭақәа ҳрызхьаԥшыр ҳҭаххеит, убас ҳагьазааит Аҭара ақыҭантә ҳалагарц. Ҳара убас иҳаԥхьаӡоит, абри аныҳәаан ахәыҷқәа гәырӷьарак еиднакылароуп аҳҭнықалақь аҿы инхо реиԥш, ақыҭаҿы инхогьы, абас иҟоу агәалаҟара бзиа ргәалашәараҿы иаанхарц, рхәыҷра иахәҭакхарц. Убри азоуп иахьа Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс ара изыҟоу», – лҳәеит Арӡынԥҳа.

Аҭаратәи абжьаратә школ аҟны аматематика арҵаҩыс аус зуа Маврик Кәыҵниа излаиԥхьаӡо ала, ас еиԥш иҟоу аныҳәақәа ахәыҷқәа рзы иааӡагоуп, имҩақәҵагоуп, насгьы изыргәырӷьо акоуп – уигьы даара акраанагоит.

«Ари аныҳәа ахәыҷқәа агәырӷьара рзаанагеит, уи акыр ирыгын, избанзар аҵыхәтәантәи амзақәа рзы акоронавирус амшала ахәыҷқәа дара-дарагьы ҽеила изеибабомызт (акоронавирус апандемиа иахҟьаны атәылаҿы аԥкрақәа алагалан – аред.). Иахьатәи аиԥылара ашколтә ԥсҭазаара гәаларшәагас иазыҟалеит. Абри зегь даара акраҵанакуеит. Абри аныҳәа еиҿызкааз зегьы Анцәа иныҳәаиит! Ахәыҷқәа ахьыҟоу еснагь анасыԥ ыҟоуп. Ахәыҷқәа ҳауадаҩрақәа ҳхадыршҭуеит. Адунеи иқәу ахәыҷқәа зегьы аҭынчреи аманшәалареи рымазааит!» – иҳәеит арҵаҩы.

Ахәыҷқәа рхы-рҿқәа гәырӷьарыла ишылашоз умбартә иҟамызт.

«Сара даара лахҿыхрала аамҭа схызгеит, зегь реиҳа исгәаԥхеит асапын қәақәа акра. Абас иҟоу аныҳәақәа иҵегь ирлас-ырласны имҩаԥысларц сҭахуп», – ҳәа лцәаныррақәа ҳацеиҩылшеит ашкол аҵаҩы Сариа Кәыҵниаԥҳа.

Уи лаҳәшьа Милена Кәыҵниаԥҳа аныҳәа ишналагаз еиԥшҵәҟьа дкәашо адәы дықәлеит. Лара излалҳәаз ала, иагьлызгәамҭеит аамҭа ахьцаз.

«Сара иахьатәи аныҳәа даара сгәы иахәеит, зегьы иҭабуп ҳәа расҳәоит. Лымкаала исгәаԥхеит ацуфарақәа рҭак аҟаҵара, асапын қәақәа алахәмарра. Абри аҩыза аныҳәа еиҭа иҳауп ҳәа ҳгәыӷуеит», – лҳеит лара.

Аӡӷаб хәыҷы Наала Гыцԥҳа ари аныҳәахь дааит Аҟәантә, лаб дицны. Лара иҳалҳәеит сааҭқәак рыла Аҭаратәи ахәыҷқәа аӡәырҩи лареи шеибадырыз, аҩызцәа ҿыцқәа рырҳара дшахьӡаз.

«Ҳара ирацәаны ҳахәмаруан, ақәақәа ҭаҳарчуан. Зегь реиҳа исгәаԥхеит ахәыҷқәа рахәмарра. Ирацәаҩны аҩызцәа соуит», – лҳәеит лара.

11 шықәса зхыҵуа аҭаратәи арԥыс қәыԥш Анри Сангәлиа иакәзар, агәыӷра аирԥшит АААК иааиуа ашықәсазгьы абри аҩыза аныҳәа рзеиҿнакаап ҳәа.

«Сара даара зегь сгәаԥхеит, аха зегь реиҳа сгәы иахәеит ақәақәа аԥжәара. Акәашарагьы сгәы иахәеит. Аиҿкааҩцәа зегьы иҭабуп ҳәа расҳәоит», – иҳәеит аҷкәын.

Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс ахәыҷқәа аус рыдулара азҵаара зҿлымҳара дула иазнеиуеит. 2019 шықәсазы рашәара 1 азы АААК аныҳәа ду еиҿнакааит Аҟәа агәҭа, ари аусмҩаԥгатә иаҭааит 300-ҩык инареиҳаны ахәыҷқәа еиуеиԥшым Аԥсны араионқәа рҟынтә.

Ахәыҷқәа рыхьчара жәларбжьаратәи амш – ижәытәӡатәиу жәларбжьаратәи аныҳәақәа ируакуп. Уи азгәаҭара ахәҭоуп ҳәа азыӡбан 1925 шықәсазы, ахәыҷқәа рыманшәалара азҵаарақәа ирызкыз адунеизегьтәи аконференциаҿы, Женева. Аха раԥхьаӡа акәны аныҳәа азгәаҭара аналыршаха даҽа 25 шықәса рнаҩс ауп – 1950 шықәсазы. Уи аахыс есышықәса иазгәарҭоит. Ахәыҷқәа рыхьчара амш – баша хәыҷтәы ныҳәам, ари амш ауаажәларра иргәаланаршәароуп ахәыҷы изинқәа шыхьчалатәу, ахәыҷқәа зегьы гәырӷьаҵәа изҳаларц, аҵара рҵаларц, бзиа ирбо аус рнапы алакызарц, иандухалакгьы иҿырԥшыгоу рхатә ҭаацәарақәа аԥҵаны, узықәгәыӷуа тәылауааны иҟаларц азы.