Аҵарауаа Виачеслав Чрыгбеи Зураб Џьапуеи аԥсуа журналистцәа ирзеиҭарҳәеит иналукааша кавказҭҵааҩ Анатоли Генко изкыз жәларбжьаратәи аҭҵаарадырра-практикатә конференциа шымҩаԥысыз атәы.

Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс апресс-центр аҟны имҩаԥысыз апресс-конференциаҟны аҵарауаа Виачеслав Чрыгбеи Зураб Џьапуеи аԥсуа журналистцәа ирзеиҭарҳәеит жәларбжьаратәи аҭҵаарадырра-практикатә конференциа «Анатоли Нестор-иԥа Генкои Кавкази» ишалахәыз. Аконференциа мҩаԥысуан абҵара 25-26 рзы Ҟарачы-Черқьестәыла.

Апресс-конференциа аартуа, АААК аусзуҩ Изольда Ҳагԥҳа иазгәалҭеит, Анатоли Генко – дышҵарауаҩ дууз: иналукааша кавказҭҵааҩы, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, апрофессор, алингвист, аетнограф, афольклорист, аҭоурыхҭҵааҩ – абарҭқәа зегь еилеигӡон.

«Рыцҳарас иҟалаз, Анатоли Генко алахьынҵа цәгьа изыԥшын. Харада ахара идҵаны, зҭәымҭа иҭагылаз аҵарауаҩ абахҭа дышҭакыз гәаҟрыла иԥсҭазаара далҵуеит, уи ашьҭахь акыраамҭа ихьӡ рхашҭны иҟан. Генко ихьӡ андыриаша аахыижьҭеи раԥхьаӡа акәны имҩаԥысуеит иара игәалашәара иазку аусмҩаԥгатәқәа, еиҭаҭыҵуеит иусумҭақәа», – лҳәеит Ҳагԥҳа.

Аҭҵаарадырра-практикатә конференциа «Анатоли Нестор-иԥа Генкои Кавкази» еиҿкаан Жәларбжьаратәи аиҿкаара «Алашареи», Алиев ихьӡ зху Ҟарачы-Черқьестәи аҳәынҭқарратә университети, Урыстәылатәи Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа иатәу Пиотр Ду ихьӡ зху Антропологиеи аетнографиеи рмузеи (Кунсткамера - аред.) рымчала.

Аконференциа мҩаԥысит Жәларбжьаратәи аколлеџь «Полиглот» ахыбраҿы. Аусмҩаԥгатә аԥшьызгаз АААК Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы, Жәларбжьаратәи аилазаара «Алашара» ахада Мусса Егзакь иоуп. Абҵара 25 рзы аконференциа аартуа иара иҳәеит Анатоли Генко илагала ду шыҟаиҵаз Кавказ ажәларқәа рыҭҵаараҿы, раԥхьаӡа инаргыланы абазақәеи аԥсуааи. Иара ишьҭеиҵаз ауасхыр ауп изықәгылоу иахьатәи абаза жәлар ретнографиатә, рфилологиатә ҭҵаара зегьы.

Жәларбжьаратәи аҭҵаарадырра-практикатә конференциа иалахәын Анатоли Генко иҭҵаарадырратә ҭынха ҭызҵаауа аҵарауаа Москва, Санкт-Петербург, Ставрополь, Адыгатәыла, Ингуштәыла, Даӷьсҭан, Ҟарачы-Черқьестәыла, Аԥсны уҳәа рҟынтә.

АААК Иреиҳаӡоу ахеилак Апрезидиум иалахәу, Аԥсны ахада иҟны иаԥҵоу астратегиатә ҭҵаарақәа рцентр аиҳабы, афилологиатә ҭҵаарыдаррақәа рдоктор Виачеслав Чрыгба имҩаԥысыз аконференциа акрызҵазкуа культуратә хҭысуп ҳәа ахиҳәааит Кавказ зегьы азы.

«Сара уажәыгьы Мусса Егзакь ибзоурала имҩаԥысыз аконференциа хазынахә сгәы иҭҵәом. Анатоли Генко иеиԥш зџьабаа ҳаду аҵарауаҩ игәалашәара ахьҳацу угәы иамыхәар залшом. Иара асовет кавказҭҵааҩцәа рыхьтәы фонд дахыԥхьаӡалоуп, Николаи Иаковлев, Никәа Марр, Евгени Поливанов днарываргыланы, дара зегьы Нхыҵ Кавкази Аԥсни аҵарадырра аларҵәара, арккаратә ус иалахәын. Генко иусумҭақәа ҭуҵаацыԥхьаӡа, еиҳа-еиҳа иубарҭахоит уи илагала шдуӡӡоу», – иҳәеит Чрыгба.

Аԥсуа ҵарауаҩ хаҭала иҭабуп ҳәа иеиҳәеит Мусса Егзакь, абас еиԥш зымҽхак ҭбаау акультуратә хҭыс ахьеиҿикааз азы.

Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа ахада, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Зураб Џьапуа игәаанагарала, жәларбжьаратәи аҭҵаарадырра-практикатә конференциа «Анатоли Нестор-иԥа Генкои Кавкази» абзоурала иахьа Кавказ ҭызҵаауа аҵарауаа Генко изҿлымҳахоит, иусумҭақәагьы рҵакы еиҳа еилыркаауа иҟалоит. Анатоли Генко иԥсҭазаареи ирҿиамҭақәеи, иуаҩытәыҩсатә ҟазшьақәеи, иусушьеи ртәы дазааҭгыло Џьапуа иазгәеиҭеит Кавказ ажәларқәа рыбзшәақәа рыҭҵаараҿы иааирԥшыз алҵшәақәа рзы Асовет Еидгыла Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа апрезидиум ақәҵарала 1935 шықәсазы Генко абызшәадырра адоктор ҳәа ахьӡ шихҵаз адиссертациа ахьчарада.

Зураб Џьапуа еиҭеиҳәеит аконференциаҿы ишӡыргаз ашәҟәы «Кавказ аетнографиахь алагала», уи шьаҭас иаиуит Кавказ ашьхарыуа жәларқәа ретнографиа иазкны Генко еиқәиршәаз алекциақәа 20. Абарҭ алекциақәа иара дрыԥхьон 1940 шықәсазы Ленинградтәи аҳәынҭқарратә университет астудентцәа рзы.

Ашәҟәы аус адырулеит Зураб Џьапуа ихаҭеи уи иколлегацәеи: Иури Анчабаӡе, Саида Ҳаџьымԥҳа, Наала Барцыц. Ашәҟәы иагәылалаз аматериалқәа Џьапуа иԥшааит 2007 шықәсазы Санкт-Петербург иҟоу Урыстәылатәи аҭҵаарадыррақәа ракадемиа иатәу Мрагыларатәи анапылаҩырақәа ринститут архив аҟны.

Аҵарауаҩ иазгәеиҭеит Мусса Егзакь аҭҵаарадырра аҿиаразы иҟаиҵо шырацәоу, Анатоли Генко игәалашәара иазку аиубилеитә усмҩаԥгатәқәа реиҿкаарагьы уахь иналаҵаны.

Зураб Џьапуа адырра ҟаиҵеит убасгьы, аконференциа анымҩаԥыс адырҩаҽны, абҵара 26 рзы Гәымлоуқыҭ (Красный Восток) ишаартыз Анатоли Генко изку аскульптуратә композициа.

«Сара сзы ипатуун абас еиԥш иҟоу, аҵак ду змоу аҭоурыхтә хҭыс сахьалахәыз. Аҽны амра каххаа иԥхон, ауаа рацәан, ахәыҷқәа, аҿар ыҟан. Генко ибаҟа адунеиаҿ уаҳа џьаргьы игылаӡам», – иҳәеит иара.

Анатоли Генко абаҟа изыргыларазы ахаԥшьгара аазырԥшызгьы АААК Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы Мусса Егзакь иоуп. Ари апроект иаҭахыз аныхтәқәа зегьы ихахьы игеит.

Актәи жәларбжьаратәи аҭҵаарадырра-практикатә конференциа «Анатоли Нестор-иԥа Генкои Кавкази» аихшьалақәа ҟаҵо уи алахәцәа ишьақәдырӷәӷәеит Генко игәалашәара иазку аусмҩаԥгатәқәа ес-ҩышықәса имҩаԥгалазарц.