Аԥсны ақьырсианра ықәнагалеит I ашәышықәсазы, уи ажәлақәа арахь иаазгаз Иаса Қьырса ицҳаражәҳәаҩцәа Андреи Аԥхьанаԥхьаҩи Симон Кананити роуп. Азныказы дара Севаст (иахьатәи Аҟәа) иаангылеит. Анаҩс, ишырҳәо ала, ацҳаражәҳәаҩ Андреи Амшын Еиқәа аҿықә ала Кавказ иныҟәара иациҵеит, ацҳаражәҳәаҩ Симон Афон ҿыц азааигәара, Ԥсырцха  бахәык иамаз ҳаԥ хәыҷык иҽыҩнеикит, евангельтәи абжьагажәа аԥсуаа рыларҵәара иҽазикит. Аурым император Диоклетиан ихаантәи ақьырсианцәа рықәцалараан Симон Кананит дшьын иара уа, Ԥсырцха, дахьтәаз азааигәара. Ари ҟалеит 55-тәи ашықәс азы. IX-X ашәышықәсақәа рзы ацҳаражәҳәаҩ анышә дахьамардаз аҭыԥан ауахәама дыргылеит.

Питиунт (иахьатәи Пицунда) Кавказ иахьаҵанакуа раԥхьаӡатәи қьырсиан хәышҭаароуп, арантә ауп ари адин анаҩстәи алаҵәара ахьаиуз. IV ашәышықәсазы араҟа ақьырсиан уаажәларра аҽеиҿнакаахьан, уи напхгара аиҭон аҷҟәандар Сафрони. 325 шықәсазы Питиунт итәаз аҷҟәандар Стратофил далахәын аурым император Константин I ирылеиҳәаз Раԥхьаӡатәи Ақьырсиан еизара ду, иара мҩаԥысит Никеиа ақалақь (иахьатәи Изниқ, Ҭырқәтәыла). Зхы иақәиҭу Абазгиатәи аепархиа Себастополис (иахьатәи Аҟәа) еиҿкаан византиатәи аимператор Иустиниан ихаан, иара хаҭалагьы далахәын ари аус. VI-VII ашәышықәсақәа рзы зыӡбахә ҳамоу аепархиа еиднакылон Аԥсны акырџьара итәахьаз аҷҟәандарцәа: Цандрыԥшь, Пицунда, Анаҟәаԥиа, Себастополис, Ҵабал, Гиуенос (Очамчыра). Абазгаа рыԥскәабазхада (архиепископ) дышиашоу  Константинопольтәи дихьыԥшын.

Абасала ҩ-нызқьшықәса ирылагӡаны Аԥсны идыргылеит ауахәамақәа 140 инареиҳаны. Урҭ рахьтә ирацәоуп еиқәхаз, иаарту, иахьагьы аныҳәарақәа ахьымҩаԥысуа.

Лыхны игылоу ижәтәӡатәиу Анцәадзыхшаз Ацқьа Лылацәеиқәыԥсарҭа ауахәама X-XI ашәышықәсақәа ирыҵанакуеит. Араҟа иахьагьы Анцәа иҳәара мҩаԥысуеит, иара абраҟа джуп Аԥсны аҳ Сафарбеи Чачба-Шервашиӡе. Лыхны ҭоурыхла Аԥсны аҳцәа ахьтәаз қыҭан.

Пицундатәи ауахәама (Андреи Аԥхьанаԥхьаҩ иныхабаа) аҳәырԥсарра «Питиунт ду» иахьаҵанакуа игылоуп, Пицунда ақалақь агәҭа. Ари иуникалтәу ргылароуп, архитерктуратә баҟоуп. Аҩнуҵҟа еиқәхеит убла хызкуа абжьарашәышықәсазтәи аҭыӡсахьақәа, аҟәырг аҵаҟа Иаса Қьырса ихаҿсахьа ануп. Ари ауахәама IV ашәышықәсазы иргылан ацҳаражәҳәаҩ Андреи Аԥхьанаԥхьаҩ ихьӡала. Ауахәама ақардамаҿы иҵәахуп иареи Симон Кананити рыԥсыбаҩ аҟәырҷахақәа. 1970-тәи ашықәсқәа рзы ауахәама аконцерттә зал алхын, араҟа ишьақәдыргылеит ираритету анемец уарӷан, уи иахьагьы иадырҳәоит. Ус шакәугьы, ауахәамаҿы ианаамҭоу аныҳәарақәа мҩаԥыргоит.  

Афон ҿыц иҟоу Симон Кананит иуахәама – аргылараҟазара иабаҟоуп, идыргылеит Анаҟәаԥиа Х ашәышықәсазы. Абраҟа Ԥсырцха аӡиас ахықәан дтәеит иара, акыр атәылақәа дрылсхьаны, I-тәи ашәышықәса аҽеиҩшамҭазы, иара абра аурым легионерцәа дыргәаҟны дыршьит. Ацҳаражәҳәаҩ инышәынҭра рыхьчон аҭыԥан иазыҟаиҵахьаз иара иҵаҩцәеи урҭ рышьҭрамадаҩцәеи, анаҩс уаҟа ихьӡала ауахәама ргылан. Иахьа ари ауахәама аус зуа ирхыԥхьаӡалоуп, уажәазы уаҟа ареставрациа мҩаԥысуеит. 

Афонҿыцтәи Симон Кананит ихьӡ зху аберҭыԥ адунеи ахьынӡанаӡааӡо аӡбахә рдыруеит. Иара ашьапы ркит Бырзентәыла иҟоу Иԥшьоу ашьха Афон игылоу Ацқьа Пантелеимон ихьӡ зху аурыс уахәама иҭыҵны иааз аберцәа. Аберҭыԥ - ақьырсиантә хыбрақәа ркомплекс ауп, ари аблахкыгарҭа есышықәса зықьҩыла аԥсшьаҩцәа аҭаауеит. Аҭыԥԥшьаныҟәаҩцәагьы арахь рымҩа хоуп ацқьаҭыԥқәа ирҭааны иреихырхәарц, иуникалтәу архитектуреи аҭыӡсахьақәеи рбарц.

Агәырӷьаҿҳәаша аныхабаа – Аҟәа алакҭа зырԥшӡо ргылароуп, анеовизантиатә стиль ала ишьҭыхуп, аҳҭнықалақь агәҭа игылоуп. Асеиԥш ишкәакәоу аныхабааи уи иахагылоу аџьар хьыԥшшәылеи харантәи иубарҭоуп, мшынла Аҟәа уазааигәахозар. Ари аныхабаа ргылан 1909 шықәсазы аҟәатәи абырзен қьырсианцәа рхеилак ахарџь ала, иԥшьан 1917 шықәсазы Анцәадзыхшаз ацқьа Лгәырӷьаҿҳәаша аҳаҭыразы.

Цандрыԥшьтәи ауахәама – иуникалтәу жәытә баҟоуп V-VI ашәышықәсақәа рахь иаҵанакуеит, Гагра араион Цандрыԥшь аҳаблан иҟоуп. Абазилика архитектура уадаҩны ичаԥоуп, ауаргьақәеи, аварахьтәи анефқәеи рацәоуп, иара убас архәа амоуп. Абарҭқәа зегьы рымшала иара иалкаау стильк иузадкылом, мамзаргьы иеиԥшу даҽа уахәамак ԥшаашьа амам. Цандрыԥшьтәи абазилика Амшын Еиқәа аҿықәантәи абаҟақәа ирхыԥхьаӡалоуп. Иҟалап, абраҟа акәзар раԥхьатәи абазгаа рыҷҟәандар дахьтәаз.

Елыр иҟоу Гьаргь Ацқьа иныхабаа – Аԥсны реиҳа пату зқәу ауахәамақәа ируакуп. Аҳашҳа иалху ауахәама ргылан  XI ашәышықәсазы Абжьныха иатәу Елыр-ныха азааигәара. Ауахәама аҩнуҵҟа абжьарашәышықәсазтәи аҭыӡсахьақәа хәҭа-хәҭала еиқәханы иҟоуп, иара убас азаҷга ҟазара аелементқәа. Адәахьтәи аҭыӡқәа ҩычоуп аџьар асахьа ҭаԥҟаны изныз ахаҳәҟьаԥсқәа рыла. Асовет аамҭазы ауахәама аркын, иахьа аныҳәарақәа мҩаԥысуеит. Араҟа иҵәахуп Гьаргь Ацқьа иԥсыбаҩ аҟәырҷахақәа, аныхачаԥақәа. Ари ауахәама абжьарашәышықәсан еиԥш иахьагьы ауаа рацәа аҭаауеит.

Анаҟәаԥиатәи ауахәама – Афон ҿыц, Аԥсара ашьха ақәцәан игылоуп, ажәытә Анаҟәаԥиатәи абаагәара иахьаҵанакуа, абракәын Аԥсны ақьырсианра раԥхьатәи ацентрс иахьыҟаз. Ауахәама ақьырсианра иахыршьааз Феодор Тирон ихьӡала иргылан. Аԥхьаӡа,  VI-VII ашәышықәсақәа рзы ара даҽа уахәамак гылан Анцәадзыхшаз Ацқьа Мариа илызкыз: ахыҵхырҭақәа рҿы иуԥылоит инашаноу Анаҟәаԥиатәи Анцәа Иан лныхачаԥа.

Агәыӡера иҟоу Илиа Аԥааимбар иуахәама иргылеит ахьӡ-аԥша змаз амеценат, абнанхамҩа знапы алакыз Николаи Николаи-иԥа Смецкои. XIX-ХХ-тәи ашәышықәсақәа реилыҵымҭазы Костроматәи аамысҭа Аҟәа, Гәылрыԥшь, Агәыӡера адгьыл ҿыҭқәа ааихәан арглырақәа дрылагеит, 1908 шықәсазы ихатә ԥарала ауахәама иргылеит, даҽакы иузадымкыло астиль аҭаны.

Мықәтәи ауахәама Х-тәи ашәышықәса анҵәамҭазы иргылеит Аԥсны аҳ Леон III. Анцәадзыхшаз Ацқьа Лылацәеиқәыԥсара иазку Мықәтәи ауахәама аҳаракыраҿы игылоуп аӡиасқәа Мықәи Дәаби ахьеилало.  Ари ауахәама Аԥсны иахьаҵанакуа иакзаҵәыку хә-нефк змоу, аџьар-ҟәырӷтә уахәамоуп. Уи ашьҭыхшьеи аизышәарақәеи рыла ажәытә аурыс уахәамақәа ирзааигәоуп (иаҳҳәап Киевтәи Софиа). Ауахәама аҩнуҵҟатәи аиҿкаашьа даара улаҿы иааиуан, адашьмаҿы амармалташь ҟаԥшь иалху агьежь ықәчаԥан, ашәахәақәа лбаауашәа асахьа анҵаны. XVII ашәышықәсазы, Аԥсны аҭырқәа нырра ӷәӷәахо ианалага, Мықәтәи ауахәама дырҳәит, наӡаӡа иӡит уа иҟаз аџьоуҳар, аныхаҭӡы, ахьымаҭәеи, аныхақәеи. XIX ашәышықәса аҽеиҩшамҭазы ауахәама ареставрациа азыруит, аха аиҭашьақәыргыларатә усурақәа раан аргылара адәахьтәи асахьа еицакит – аҳамԥ ҭыҟҟақәа еиқәымхаӡеит, акыц иалхыз ахыб аихатәала ирыԥсахит.

Бзыԥтәи ауахәама. Архәақәа хԥа змоу абжьарашәышықәсазтәи аџьар-ҟәырӷтә уахәама ахыжәжәарақәа иахьа уажәраанӡа еиқәханы иҟоуп, еиқәхаз аҭыӡқәа роуп, аиԥшьырҭақәеи аҟәырӷи еилаҳаит. Иара гылоуп Бзыԥ аӡиас иахагылоу абахәраҿы. Џьара-џьара аҭыԥантәи аҟазацәа рнапала иҟарҵаз аџьоуҳар еиқәхеит. Аргыларатә техникала ари ауахәама Цандрыԥшьтәи иазааигәоуп.

Аԥсуа уахәаматә архитектура иахьыршәыгәны иԥхьаӡоуп X-XII ашәышықәсақәа рахь иаҵанакуа Мысратәи ауахәама, иара гылоуп Мысра ақыҭан, Амбара аӡиас амшын иахьалало азааигәара. Аҭырқәцәа Аԥсны иааны ианыҟаз ари ауахәамагьы рбган.

Ижәытәӡатәиу еицырдыруа Бедиатәи ауахәама Бедиа ақыҭан иргылан 999 шықәсазы Аԥсны аҳ Баграт III ихаан. Ауахәамазы иара иалихыз аҭыԥ аҳаракыраҿы иҟан аҟынтә уи хырӷәӷәарҭак аҳасабала ихьчахеит. Ауахәама авараҿы ахаҳә иалху ахан ахыжәжәарақәа аанхеит. Ара иҟан бедиатәи аҷҟәандарцәа рынхарҭақәа. Аҩадахьала ахан иадын асаркьалсырҭа, уи актәи аиахыгыла ала ауахәамахь унеиртә иҟаҵан.

Анцәадзыхшаз Ацқьа Лылацәеиқәыԥсарҭа иазку Драндатәи ауахәама ргылан инықәырԥшны VI—VII ашәышықәсақәа рзы. Абжьарашәышықәсазы араҟа аҷҟәандарцәа тәарҭас ирыман. 1880 шықәсазы ауахәамаҿы ишьаҭаркын ахацәа рберҭыԥ, уи адыркит 1928 шықәсазы.  

Каман ақыҭан иҟоу ақьырсианра иахыршьааз Василиск Комантәи иуахәама — рацәак идуум амҿтәы уахәамоуп (аныҳәарҭа хәыҷы). Иара дыргылеит ауаа еидыркылаз аԥарала уаанӡа игылаз ажәытә уахәама аҭыԥан, Василиск ихаҭа анышә дахьамадоу. Иара дыршьит ҳәа иахьыршьо аҭыԥ азааигәара иԥшьоу аӡы ыҵыҵуеит.

Ашьхақыҭа Ԥсҳәы иҟоу Иоанн Аӡӡаахҩы Ихсарҭа ауахәама жәышықәса аргылара иаҿын уаанӡа уи аҭыԥан игылаз, аха иблыз аҭыԥан, иара рыԥшьеит Анцәа Дзыхшаз Ацқьа Лирамш аҽны, цәыббра 21, 2016 шықәсазы. Ақыҭа акыр ишхароугьы ауахәамаҿы аныҳәарақәа еиԥмырҟьаӡакәа имҩаԥысуеит.

Зҭоурых ашәышықәсақәа иргәылсны иаауа Аԥсни уи ауахәамақәеи ирҭаауеит зықьҩыла аҭыԥԥшьаныҟәаҩцәа адунеи акәакьқәа зегьы рҟынтә.