КВН акоманда «Нарты из Абхазии» акаԥдан, аԥснытәи, урыстәылатәи актиор, арежиссиор Ҭемыр Ҭаниа Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс далалеит.

Саид Барганџьиа

Аԥсны еицырдыруа алафҳәаҩ, КВН акоманда «Нарты из Абхазии» акаԥдан, урыстәылатәи арлахҿыхратә телеканал ТНТ аеҵәахә, арежиссиор Ҭемыр Ҭаниа Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс алахәылас дҟалеит.

АААК иалалара ахҳәаа азуа Ҭемыр Ҭаниа иазгәеиҭеит Аконгресс алахәра ишаанаго аԥсуа-абаза милаҭ реиқәырхаразы уи имҩаԥнаго апроектқәа активла ралахәхара.

«Иҳамоу зегьы иреиҳауп – ҳмилаҭтә культура. Доусы ҳахьыҟоу аҭыԥаҿы иҳалшо зегь ҟаҳҵалароуп ҳмилаҭтә хаҿра аиқәырхаразы, иара убри алагьы ҳшьапы ҳақәзыргылаз ҳаԥсадгьыл аҿаԥхьа иҳаду аулԥшьа наҳагӡоит», – иҳәеит иара.

Ҭаниа излаиԥхьаӡо ала, амилаҭтә культура аҿиара ишиашоу иадҳәалоуп ажәлар рхеиқәырхара азҵаара.

«Даара акраҵанакуеит абиԥарала иааиуа адыррақәа рԥымҵәара. Абри акультуратә рахәыц ԥҵәар, ажәларгьы ыӡуеит. Уи цәыӡ духоит адунеи зегь азы», – иҳәеит Аконгресс алахәыла ҿыц.

АААК ахықәкы хадақәа ируакны актиор иԥхьаӡоит аԥсуа-абаза жәлар рмилаҭтә хаҿра аиқәырхара, уахь иаҵанакуеит ҳажәлар абеиара хадақәа зегьы: абызшәа, атрадициақәа, акультура.

«Егьырҭ ажәларқәа ҳрылазмырҩашьо, адунеи ажәларқәа рҭаацәара ду аӡәыкны ҳалазырхәуа – ҳкультура ауп. Ибеиоу ҳҵас-қьабзқәеи, ижәытәӡатәиу ҳкультуреи аӡбахә заҳауа егьырҭ атәылақәа рхаҭарнакцәа хымԥада зегь дара рыблала ирбар рҭаххоит, ҳтәылахь еихо иалагоит. Ари џьабаа дууп, аха Аконгресс амчқәа ақәхоит», – ҳәа ациҵеит Ҭемыр Ҭаниа.

Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс алалара илшоит дарбанзаалак аԥсуа-абаза милаҭ ахаҭарнак. Уи азыҳәан иара ихаирҭәаароуп Аконгресс аофициалтә саит аҟны ихшьу арзаҳал, анаҩс иара абри аелектронтә ҭыӡҭахьы ишьҭтәуп: info@abaza.org. Мамзаргьы АААК арегионалтә ҟәшақәа руак аҿы иныжьтәуп.

Ҭемыр Ҭаниа диит 1980 шықәсазы, Аҟәа. 2005 шықәсазы КВН акоманда «Нарты из Абхазии» акаԥдан иаҳасабала КВН Иреиҳаӡоу алига дачемпионхеит. Актиор еиҳагьы деицырдыруа дҟалеит ателеканал ТНТ арлахҿыхратә проектқәа «Дружба народов», «Однажды в России» реиԥш иҟоу рҟны ихадоу акомедиатә рольқәа ахьынаигӡоз иабзоураны. Ҭемыр Ҭаниа 2018 шықәсазы Москва дрылгеит Асценаристцәеи арежиссиорцәеи рзы иреиҳаӡоу акурсқәа. Раԥхьаӡа акәны дахьцәырҵыз акомедиатә фильм иахьӡуп «Спасибо деду за победу».