Есышықәстәи акультуратә-спорттә фестиваль «Абаза» 2019 шықәсазы афынтә раан имҩаԥысит Ҟарачы-Черқьестәыла. Черқьесск иҟаз аԥсуа делегациа рыҩныҟа ианыхынҳә ашьҭахь афестиваль ирнаҭаз ацәаныррақәа ҳацеиҩыршеит.

Саид Барганџьиа

VI-тәи акультуратә-спорттә фестиваль «Абаза» зхы алазырхәыз аԥсуа делегациа алахәцәа еиҭарҳәеит аусмҩаԥгатә ирызцәырнагаз ацәаныррақәеи ахәыцрақәеи ртәы.

Черқьессктәи ашәуа қыҭақәа руак аҟны есышықәса имҩаԥырго афестиваль «Абаза» еиднакылоит зымҽхак ҭбаау аусмҩаԥгатәқәа ҩба: Абаза жәлар рыхәмаррақәеи, Абаза жәлар ркультура Амши (Аԥсны Аҳәынҭқарратә бираҟ амш иақәыршәаны имҩаԥырго). Арҭ аусмҩаԥгатәқәа есымша шәҩыла ауааԥсыра аҭаауеит.

Очамчыра инхо авокал арҵаҩы Лика Ҵәыџьԥҳа сынтәа раԥхьӡа акәны афестиваль даҭааит. Афестиваль мҩаԥысижьҭеи мчыбжьык аиҳа шыҵхьоугьы, уи илнаҭаз ацәаныррақәа лхамшҭыцт.

«Аҩны сыҟазшәа сгәы иабон, убас гәаартыла ҳрыдыркылеит. Ҳәарада, даҽазныкгьы афестиваль схы аласырхәуан, даҽазныкгьы зегьы сырԥылон», - лҳәеит Ҵәыџьԥҳа.

Аԥсуа-абаза милаҭ ахаҭарнакцәа ахьынхо атәылақәа рҟынтә 600-ҩык инареиҳаны ауааԥсыра рхы аладырхәит VI-тәи Абаза жәлар рыхәмаррақәа. Аспорттә еицлабрақәа рхы рыладархәит Ҟарачы-Черқьесстәи ақыҭақәа быжьба рыҟнытә акомандақәеи Москватәи аԥсуа диаспора акомандеи.

Хышықәса инеишьҭаргыланы анапылампыл асраҿы актәи аҭыԥ ааныркылоит Аԥсны аҭыԥҳацәа ркоманда. Уи акапитан Амра Лакәиа, акоманда зегьы ахьӡала илҳәеит аӡӷабцәа гәахәарала ахәмаррақәа ишрылахәу атәы.

«Ас еиԥш ахәмаррақәа Аԥсынгьы имҩаԥгалатәуп. Даараӡа ҳгәы иахәоит араҟа еснагь гәыбылрала ҳахьрыдыркыло. Хәарада, ҳгәы иалоуп ахәмаррақәа шықәсык ахь знызаҵәык иахьымҩаԥысуа. Афестиваль иазылху ахымшк ирылагӡаны иҳауа агәахәа рацәаӡоуп. Уи иалахәу ауаа рхыԥхьаӡара есааира иацлалар сҭахуп», – лҳәеит Лакәиаԥҳа.

Аԥсуа делегациа иалахәын Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет ажурналистика аҟәша арҵаҩцәеи астудентцәеи: урҭ амшқәа рзы Чеқьесск имҩаԥысуан ААУ апрофессор Екатерина Бебиаԥҳа иналукааша аԥсуа политик Сергеи Багаԥшь изку лышәҟәы аӡыргара.

«Аусмҩаԥгатәқәа зегьы ҳрыхьӡар ҳҭахын, ҳааԥсарагьы ҳхашҭит. Арҭ амшқәа зегьы схы иҭан Кәтол: ҳара ҳқыҭагьы ари аҩыза афестиваль адкылареи, амҩаԥгареи шалшо. Заҟа ибзиахоз, абас еиԥш аусмҩаԥгатә ҳдиаспора ацхыраарала Аԥсны имҩаԥгазар. Агәра ганы сыҟоуп, ари аидеиа аӡәырҩы адгылареи, аиҿкаараҿы ацхыраареи шарҭо», - лҳәеит Бебиаԥҳа.

Лара иҟалҵаз аҳәарала, ААУ астудентцәа дырԥылеит АААК Иреиҳаӡоу Ахеилак ахантәаҩы Мусса Егзакь.

Аиԥылара далацәажәо, ААУ 4-тәи акурс астудент Аинар Ҷыҭанаа иазгәеиҭеит, Аконгресс Иреиҳаӡоу Ахеилак ахантәаҩы иԥылара иалигаз шырацәоу.

«АААК ахада Мусса Егзакь иԥылара аиҿцәажәаратә формат аман, аинтерес ду ацын, ҩ-сааҭк раҟарагьы имҩаԥысуан. Алшара ҳаиҭеит ҳгәы иаҭаху азҵаарақәа зегьы рыҭиразы, убас ала «дагьҳарцәажәеит» иара. Мусса Ҳабал-иԥа иҳәыҷратә шықәсқәа ртәы ҳзеиҭеиҳәеит, иара убасгьы иԥсҭазааратә ԥышәа ҳамеидеит», - ҳәа еиҭеиҳәеит астудент.

Астудент ажәа ҟәандала дахцәажәоит иааидкыланы иара аныҟәара ахаҭагьы.

«Абаза жәлар рыхәмаррақәа гәахәарала ҳхы рылаҳархәит. Ҟарачы-Черқьессиа ҳаҟанаҵ алшара ҳаман аиашьаратә республикеи уа инхо ауааԥсыреи рабадырра, иара убасгьы ҳзанааҭтә ԥышәара аизырҳара. Черқьесск ҳахьынӡаҟаз хымш рыҩныҵҟала ажурналистика аҟәша астудентцәа аус здыруло анҵамҭақәа рзы аматериалқәа еидыркылон, анаҩс урҭ ркьыԥхьразы. Ибзиахон ари аҩыза аусмҩаԥгатәқәа Аԥсны еиҿаҳкаалозҭгьы», - иҳәеит Ҷыҭанаа.

Акультуратә-спорттә фестиваль «Абаза» шықәсык ахь знык Черқьесск имҩаԥысуеит. Есышықәса уи амҽхак еиҳа-еиҳа иҭбаахоит, зхы алазырхәуа ауааԥсыра рхыԥхьаӡарагьы есааира иацлоит.