Аԥсны амилаҭтә банк иҭнажьит Фазиль Искандер иҩымҭақәа рфырхацәа зну агәаларшәагатә ԥараҿырпқәа.

Аԥсны амилаҭтә банк иҭнажьит «Аԥсны иналукааша ахаҭарақәа» асериа иахәҭаку, агәаларшәагатә ҵакы змоу араӡны аԥсарқәа «Искандер ифырхацәа».

Ари ахҭыс 2019 шықәсазы иазгәарҭоз ашәҟәыҩҩы 90 шықәса ихыҵра иадҳәалоуп. Москватәи аԥараҿырпы афабрика Гознак аҟны ичаԥаз аԥсарқәа ирну иара уи ашықәс ауп. Аха акоронавирус апандемиа иахҟьаны аҭыжьра аҿҳәара акыр инахар акәхеит.

Аԥсар ҿыцқәа аԥсуа журналистцәа рҿаԥхьа иӡырыргеит Аҟәа Аԥара амузеи ахыбраҟны. Аԥсарқәа ирну афырхацәа зегьы Фазиль Искандер ироман «Сандро Чагьамтәи» аҟынтә иаагоуп. Зынӡа иҭыжьуп аԥсарқәа фба, доусы 300 цыра атираж рыманы.

Аԥсны амилаҭтә банк адәахьтәи аимадарақәа рыҟәша аиҳабы Лиана Агрԥҳа иазгәалҭеит, Фазиль Искандер илитературатә ҭынха зладуу ала ф-персонажк мацара рҿы аангылара мариамызт ҳәа. Лара еиҭалҳәеит, ашәҟәыҩҩы иҭаацәа ишрыҿцәажәаз иара иаҳа бзиа иибоз афырхацәа ралхразы.

Аԥараҿырпқәа «Хабыгә», «Сандро Чагьамтәи», «Чықь», «Ажьақәеи арқьымаҭқәеи», «Алахьҟьаҟьа» рноминал - 10 аԥсарк ыҟоуп. Аԥара амузеи адиретктор Асҭамыр Ҭаниа ишиҳәаз ала, арҭ аԥсарқәа рыҟаҵара атехника аҿыцрақәа ацын.

«Искандер ифырхацәа» аԥсарқәа рҭыжьраан аинновациақәа акыр ахархәара раҳҭеит уаанӡатәиқәа раан ҳхы иаҳмырхәоз. Ажәҩанԥшшәы уаанӡа иақәчаԥаны акәын ишыҟаҳҵоз, аха акамбашь «Алахьҟаҟьа» зну аԥсар аҟны аӡы аҵаулара аарԥштәын, убри аҟнытә аемаль ҳхы иаҳархәеит. Сгәанала, иманшәалахеит ари ашьаҿа, уи абзоурала аԥсар иаҳагьы улаҿы иааиуа иҟалеит», – иҳәеит Ҭаниа.

Иара иазгәеиҭеит даҽа ҷыдаракгьы: арҭ аԥсарқәа хәба рышәпара абжьааԥны аасҭа ҩынтә еиҳауп, пиедфорт ҳәа изышьҭоу аԥараҿарп иахыԥхьаӡалоуп.

«Астандарт иақәшәо аԥараҿырп 10 аԥсарк иҟоу унциак акапан амоуп, арҭ ракәзар ҩба-ҩба унциа иҟоуп. «Пиедфорт» афранцыз бызшәаҟынтә еиҭоугозар «ашьапы хьанҭа» аанагоит. Ари аҩыза адекоративтә форма раԥхьаӡа акәны ицәырҵит ихьшәоу абжьарашәышықәсазы. Абас иҟаҵаз аԥараҿырпқәа адипломатиатә ҳамҭак аҳасабала еимырдон. Аҳцәа иршон ртәылаҿы ныҳәа дук аныҟаз, убри аҟнытә ҩынтә рышәпара дуны ирчаԥон ҳамҭас иҟалашаз аԥара. Ҳаргьы абри атрадициа иацаҳҵоит. Абасала, иахьазы адунеи аҿы иҟоу апиедфортқәа ирхыԥхьаӡалоуп Аԥсны абанк иҭнажьыз ахкқәагьы», – иҳәеит Асҭамыр Ҭаниа.

Афбатәи аԥараҿарп акәзар – уи «Аныҳәаҵла» ахьӡуп, иара 100 аԥсарк иҟоуп, ари аноминал азы истандарту ашәагааи акапани амоуп – адиаметр 60 миллиметр, акапан хә-унциак, аиубилеитә сахьа ануп.

Аескизқәа равтор еицырдыруа аԥсуа сахьаҭыхҩы Адгәыр Ӡиӡариа иоуп. Фазиль Искандер ифестиваль «Ауаҩы итәарҭа» акуратор, Ацәыргақәҵатә зал хада адиректор Ельвира Арсалиаԥҳа илҳәан еиԥш, асахьаҭыхҩы акрааҵуеит Искандер иҩымҭақәа аус рыдиулоижьҭеи, иара иажәабжьқәа рзы асахьақәа ҭихуа далагахьан 1980—тәи ашықәсқәа раан.

«Адгәыр илоуп Фазиль Искандер «аетикатә ҽырххара» ҳәа дзышьҭаз аҟазшьа. Уи иабзоураны иара иескизқәа хазы игоу сахьаркыратә аԥҵамҭақәаны урыхәаԥшыртә иҟоуп. Убас ҟазарыла, гьама ҳаракыла иҟаҵоуп», – лҳәеит Арсалиаԥҳа.

Лара иазгәалҭеит убасгьы Искандер илитературатә дунеи агәацԥыҳәара ду шырнаҭаз асахьаҭыхцәа реиԥш арежиссиорцәагьы, иаҳҳәап Александр Сокуров, Валери Ақаҩба, Искандер Сакаев, Мадина Аргәын, Аслан Галазов, Антон Корнилов уҳәа.

«Ааигәа Фазиль Искандер ихьӡ зху Аурыс драматә театр аҟны «Абырг Хабыгә иҽада ажәабжь» захьӡыз аспектакль апремиера мҩаԥысит, иқәиргылеит Антон Корнилов. Иџьашьатәуп, аха есышықәса еиуеиԥшым атәылақәеи ақалақьқәеи рҟны Искандер иҩымҭақәа ҩаԥхьа ауаа арҿиаратә импульс рырҭоит. Абарҭ аԥсарқәа рҭыжьрагьы абри аҭоурых иацнаҵоит. Фазиль Искандер иҩымҭақәа реиԥш даргьы адунеитә культуратә еикәыршара иахәҭакхоит. Аидкылаҩцәа рколлекциақәа хадырҭәаалоит, аҟазареи алитературеи бзиа избо рнапаҿы иҟалоит», – лҳәеит Ельвира Арсалиаԥҳа.

Агәаларшәагатә араӡны аԥсарқәа «Искандер ифырхацәа» хара имгакәа аҭиразы ҳтәыла акоммерциатә банкқәа рахь инаргоит. Аекспертцәа абжьгара ҟарҵоит, урҭ аазхәар зҭаху аццакра аадырԥшырц, избан акәзар иаразнакала зегь рыхәҳар ҟалоит. Иҳәатәуп, 2009 шықәсазы иҭыжьыз Фазиль Искандер 80 шықәса ихыҵра иазкыз, ашәҟәыҩҩы ипрофиль зныз агәаларшәагатә аԥсарқәа иаразнакала ишеимырҵәаз. Усҟан иара ихаҭа аескиз ашьақәыргылара далахәын, ишьақәзырӷәӷәазгьы Искандер иоуп. Уи аиубилеитә аԥсар 1000 цыра атираж змаз иахьа иузаахәараны иҟаӡам, аламалагьы иуԥыхьашәом.

Апоет, ашәҟәыҩҩы, афилософ Фазиль Искандер (хәажәкыра 6, 1929 - ԥхынгәы 31, 2016) ибжа аԥсыуан: иан Лели Мишьелиаԥҳа абжьыуаа дыртәын, иаб Абдул – дџьамын. Ашәҟәыҩҩы ихәыҷра Аҟәа ихигеит, аԥхынра анааиуаз еиҳарак ианшьцәа рахь аангылара дцалон Чагьамҟа (Џьгьарда аҩадахьы – азгә.). Иахьа, аклассик ибзоурала, Чагьам ахьӡ адунеи абжеиҳара иахыҵәахьеит, избанзар аброуп уи иреиҳаӡоу иаԥҵамҭа афырхаҵа хада Сандро дахьынирхаз. Фазиль Искандер урысшәала дыҩуан, аԥсшәагьы бзиаӡаны идыруан. Иара ихаҭа Аԥсны иазышәаҳәо аурыс шәҟәыҩҩуп ҳәа ихы иазиҳәон, аиашазы Аԥсноуп иахьыҿио ифырхацәа рҭоурыхқәа зегьы. Фазиль Искандер ишәҟәқәа адунеи алитературатә бызшәақәа зегь рахь еиҭагоуп, аԥхьаҩцәа деицырдыруеит, иҩымҭақәа бзиа еицырбоит, алаҵәара бзиагьы рымоуп.