Абаза поет Қьрым Мыхц диижьҭеи 70 шықәса аҵра иазкыз арҿиаратә хәылԥазы мҩаԥысит Ставрополие.

Лиудмила Аисанова

Ҟарачы-Черқьессиатәи Ареспублика Жәлар рпоет Қьрым Мыхц ииубилеитә хәылԥазы мҩаԥысит Ставрополие мшаԥымза 24 рзы. Ари аусмҩаԥгатә аиҿкаара – еицырзеиԥшу проектуп Михаил Лермонтов ихьӡ зху аҭыԥантәи аҭҵаарадырратә библиотекеи Ставропольтәи атәылаҿацә иқәынхо ашәуаа рмилаҭтә-культуратә автономиеи.

Абиблиотека адиректор Зинаида Долина ажәа ҟәандала ахәылԥаз асасцәа дырԥылеит, иагьазгәалҭеит ас еиԥш аусмҩаԥгатәқәа аҵак ду шрымоу ажәлар маҷқәа рбызшәеи ркультуреи аларҵәара аус аҿы.

Аиԥылара рхы аладырхәит амуниципалтә еиҳабыра ахаҭарнакцәа, Ҟарачы-Черқьессиа аҭҵаарадырратә, арҿиаратә усзуҩцәа, арҵаҩцәа, аҿар, иара убас Қьрым Мыхц иуацәеи иҭынхацәеи. Аиԥылара алахәцәа апоет дыргәаладыршәон, абаза бызшәалеи урысшәалеи иҟоу иажәеинраалақәа ирыԥхьон, иажәеинраалақәа рыла иаԥҵоу ашәақәа рҳәон. Аҭыӡқәа рҟны икыдын Мыхц иԥсҭазаареи ирҿиареи ртәы еиҭазҳәоз астендқәа, абиблиотекеи ИАЕ «Алашареи» идырхиаз.

Апоет иԥсҭазааратә мҩеи ирҿиаратә ҭынхеи ирызкны инарҭбаау ажәахә иманы дықәгылеит апрофессор Пиотр Чкала – амилаҭбжьаратә еиҿцаара ацентр «Диалог» анапхгаҩы, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, Қьрым Мыхц ирҿиара аҭҵааҩы.

«Қьрым Мыхц – абаза литература иреиӷьӡоу хаҭарнакуп. Апоет ирҿиамҭақәа ауаа рацәа ирдыруа иҟаҵатәуп. Уи даԥсоуп Урыстәыла акультурагьы иазнагара, ихьӡ иаҳа инарҭбааны аларҵәара», – иҳәеит Чкала.

Ахәылԥаз далахәын убасгьы Москвантә иааз апоет Андреи Галамага, иара Мыхц иажәеинраалақәа акырӡа еиҭеигахьеит. Пиотр Чкала еизаз рҿаԥхьа аиҭагаҩ дцәыргауа иазгәеиҭеит «ари аус дуӡӡоуп ҳәа, ихадоу амилаҭтә хыдҵақәа ируаку анагӡароуп иаанаго» ҳәа. Алитератураҭҵааҩцәа иҟарҵо ахәшьарақәа рыла, Галамага илшеит профессионала, дақәшәаҵәҟьаны Қьрым Мыхц иажәеинраалақәа реиҭаҳәара, идунеидкылашьа аҵаулара аилкаара, даҽа бызшәак аҟынгьы аиқәырхара.

«Ажәеинраалақәа шәкы инареиҳаны реиҭагара ҩышықәса инарзынаԥшуа саҿын. Ари аамҭа иалагӡаны сара даара дысзааигәахеит Мыхц, иааидкыланы абаза жәларгьы зегьы, – гәаартыла дцәажәон аиҭагаҩ. – Сгәанала, Шекспир Англиа аасҭа деиҳазар, Пушкин – Урыстәыла аҵкыс деиҳазар, убасҵәҟьа Қьрым Мыхцгьы и-Абазашҭа акырӡа хара дахыҳәҳәоит, деиҳауп. Абри иуникалтәу апроект анагӡара ахьсылшаз даара сеигәырӷьоит».

Алитературатә хәылԥазаҟны аҳамҭақәа рыҭан Қьрым Мыхц иажәеинраалақәа рыԥхьара иазкыз мҽхакыҭбаалатәи афлеш-моб «Ҳахьынӡаҟоу ҳаҟаз патуеиқәҵарала» аиааирагаҩцәа. Ари апроект аԥшьылгеит Ставропольтәи атәылаҿацә иқәынхо ашәуаа рмилаҭтә-культуратә автономиа анапхгаҩы Армида Чагәа, иара мҩаԥысуан асоциалтә ҳақәа рҟны жәабран 2 инаркны мшаԥы 12 рҟынӡа.

Лара лажәақәа рыла, афлеш-моб жәларбжьаратәи амҽхак аиуит: авидеонҵамҭақәа аауан Аԥсныи Ҭырқәтәылеи рҟынтә, уи рхы аладырхәит иара убас Таџьықьсҭанынтә астудентцәа.

«Ҳгәы иахәоит абрысҟаҩык ауаа рхьарԥшра ахьҳалшаз абаза поет хазына ирҿиара аларҵәара аус ахь. Ари амчқәа ҳанаҭоит ҳкультура аӡыргареи аларҵәареи рганахьала имҩаԥаҳго ҳусура ацҵаразы», – лҳәеит Чагәа.

Зегь реиҳа иқәыԥшу афлеш-моб алахәцәа Ирина Хавцева, Емир Мамчуеви 4-5 шықәса роуп ирхыҵуа, реиҳа ихатәроу – Ставрополь ақалақь иқәынхо ашәуаа ркультуратә центр аиҳабы Владимир Курчеви, Ставропольтәи атәылаҿацә амилаҭқәеи аказакцәеи русқәа рзы Аилак аспециалист Наталиа Гребеньковеи ракәхеит.

«Уахык аашаанӡа ажәеинраалақәа [аурысшәахь еиҭагоу рҟынтә] срылаԥшаауан, иагьалысхит ажәеинраала «Аҩныҟа», уи даара сгәы иақәшәеит. Абаҩхатәра змоу апоет ирҿиара сахьагәылаԥшыз сеигәырӷьоит. Шьҭарнахыс уи саргьы истәу акоуп», – лҳәеит Наталиа Гребенькова.

Актәи аҭыԥ лгеит Ԥшьмахәа Лиана, Умар Хабеков ихьӡ зху Ҟарачы-Черқьессктәи арҵаҩратә институт астудентка: лара иҭылхыз аролик 1200-ҩык ауаа иргәаԥхеит, 2500-ҩык ахәаԥшит.

Абаза поет Қьрым Мыхц диижьҭеи 70 шықәса аҵра иазкыз арҿиаратә хәылԥазы – зықьҩыла уи ибаҩхатәра абзиабаҩцәа еидызкылаз культуратә хҭысхеит. Ихьӡырҳәагоу абаза поет ииубилеи аламҭалазы ҞЧА иазԥхьагәаҭоуп иҵегь агәаларшәаратә усмҩаԥгатәқәа рынагӡара.