Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс еиҿнакааит аԥсуаа рҭоурыхи, ркультуреи, ретнологиеи ирызку алекциақәа раԥхьара.

АААК ихацнаркит аԥсуаа рҭоурыхи, ркультуреи, ретнологиеи ирызку алекциақәа рцикл. Раԥхьатәи алекциа мҩаԥысит жәабран 24 рзы, иагьазкын иара итрадициатәу аԥсуа ԥҳәызба летикет. Алекциа даԥхьон АААК Иреиҳаӡоу ахеилак алахәыла, аԥсуа етнолог Марина Барцыц. Алекциаҿы лара еиҭалҳәеит итрадициатәу аԥсуа ԥҳәызба летикет закәу, ҭоурыхла аԥсуа ҳәсақәа рхымҩаԥгашьа зеиԥшраз, аԥсуаа ҳмилаҭтә культураҿы аԥҳәыс иаанылкылоз ароль, иара убас ҳазҭагылоу аамҭазы зқьышықәсала ишьақәгылоз аҵасқәа рыҽшырԥсахуа.

Аетнолог лажәаҿы хазы дазааҭгылеит кавказтәи аибашьратә культураҿы аԥҳәыс иаанылкылоз аҭыԥ, иагьазгәалҭеит Кавказ жәларқәа рҟны аԥҳәыс еснагь ҷыдала аҳаҭыр шлықәыз.

«Аԥҳәыс ианакәызаалак лаҳаҭыр ршьон, аибашьратә культура атәы ҳҳәозар, уи арыцарра иадҳәалоуп, ус анакәха – аԥҳәыс азин ҷыдақәа лыман», – лҳәеит аҵарауаҩ

Марина Барцыц излалԥхьаӡо ала, аетикеи аетикети рыҭҵаара акырӡа аҵанакуеит, избанзар дара ауаа рхымҩаԥгашьеи реизыҟазаашьақәеи ҳәаақәырҵоит. Иаҳҳәап, аҭаацәаратә еизыҟазаашьақәа ииашаны реилкаараҿы ицхыраагӡоуп.

«Атрадициатә бзазаратә культураҿы ахаҵагьы аԥҳәысгьы хаз-хазы нхашьа, ӷьацашьа рымаӡамызт. Иеибахаз аԥҳәыс лашьцәа дырбар акәын, мамзаргьы даҽазнык хаҵа дрышьҭуан. Зыԥҳәыс дзыԥхаз ахаҵа иакәзаргьы, ихала ахәыҷқәа изааӡаӡомызт: иаҳәшьа аҩны даанхар акәын урҭ рааӡаразы, мамзар даҽазнык аԥҳәыс дааигон. Избан акәзар даҽакала нхашьа имаӡамызт, адәынтәи аусқәа зегь ҟаҵаны (аарыхра, арахә-ашәахә), аҩнтәиқәагьы рыхьӡара, ахәыҷқәагьы рхәы-рыԥхь рыҭара, рбара – аӡә имацара ишилымшо ҩашьом», – лҳәеит алектор.

Иахьатәи аамҭа далацәажәо аҵарауаҩ иазгәалҭеит аԥсуаа рхатә культуреи рҭоурыхи рҽаҟәыҭхара апроблема рзықәгылоуп ҳәа.

«Иаҳзымдыруа даара ирацәоуп, арахь аԥсҭазаара аангылаӡом, ирлас-ырлас аҽаԥсахуеит, убри аҟнытә акультура амадараҿы аиԥҟьара ҳауеит. Ҳхатә культура аныҟәгараҿы ауадаҩрақәа ҳамоуп: ахәыҷқәа ари асистема иагәылааӡаӡам, иара иааҳакәыршаны иҟазароуп», – ҳәа лгәы иаланы илҳәеит Марина Барцыц.

Лара лгәаанагара злаҟоу ала, аҭаацәараҿы арҭ адыррақәа ахәыҷы имоуазар, ашкол аҟны идырҵозароуп.

Алекциа анынҵәа уи иазыӡырҩуаз ргәаанагарақәа рҳәеит.

АААК Аҳәса рхеилак алахәыла Аза Гәымԥҳа алекциа даара аинтерес аҵан ҳәа дахцәажәеит. Азыӡырыҩцәа азҵаара рацәа шрызцәырҵыз азгәалҭеит, ус анакәха еиҳа инарҵауланы атема рҽагәыладырхалар рҭаххеит ҳәа алкаа ҟалҵеит.

«Аԥсуа ԥҳәыс летикет иазкны еиҳагьы ҳаҳар ҳҭаххеит. Уаанӡа зегь шԥаҟаз, нас иахьа ҳшыҟоу ахь ҳашԥааи? Иҳауз аинформациа еиҭа ҳазхәыцроуп, иҳарсароуп. Атрадициа ҿыцқәа рыдкылара мариоуп, аха ухатә ҭоурых узымдыркәа ухәыҷқәа ирылауааӡои?» – лҳәеит Аза Гәымԥҳа.

Агәыҳалалратә еиҿкаара «Кьараз» аԥҵаҩы Камма Гоԥиа илҳәеит, абас еиԥш иҟоу алекциақәа еиҳарак аҿарацәа рзы ахәарҭара ду шрылоу, избанзар аҭоурых иазхьанарԥшуеит, уаанӡа аҭаацәаратә еизыҟазаашьақәа уасхырс ирзышьҭаз реилнаркаауеит ҳәа.

«Абарҭ атрадициақәа зегь еиқәырханы иааиуа абиԥара ирымаҳдалароуп. Аиҳабацәа иҳарымҳәар иабаҳбои шьҭа ҳаргьы?!» – ҳәа ацылҵеит лара.

Алекциа дазыӡырҩырц дымҩахыҵит аҭыԥҳа қәыԥш Шьазина Жьиԥҳа. Лара лгәаанагарала, Аԥсны имаҷуп абас еиԥш иҟоу ацәажәарақәа ахьымҩаԥысуа аҭыԥқәа.

«Сара исгәаԥхеит аԥҳәызба лҭыԥ, уи лхаҵацара аамышьҭахь лхымҩаԥгашьа зеиԥшразар акәу аазырԥшыз атема. Ааԥхьара ҟасҵоит аҿар абри алекциа иахәаԥшырц, асоциалтә ҳақәа рҿы ианцәырҵлак, агәра ганы сыҟоуп сара сеиԥш даргьы аинтерес шроуа. Арҭ алекцақәа ԥхьаҟагьы сырҭаалоит, иҭабуп ҳәа расҳәоит аиҿкааҩцәа абас еиԥш алшара ахьҳарҭаз», – лҳәеит аҭыԥҳа.

Ацикл аҳәаақәа ирҭагӡаны иазԥхьагәаҭоуп еиуеиԥшым атемақәа рыла иҵегь алекциақәа рацәаны. Агәаҳәара змоу зегьы аҭаалар рылшоит. Иааиуа алекциа иазку инарҭбаау аинформациа Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс адаҟьақәа рҿы икьыԥхьхоит.