Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәалашәара амш аҽны АААК Аҟәа агәаларшәаратә усмҩаӷатәқәа еиҿнакааит.

Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс лаҵара 21 рзы имҩаԥнагеит Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәалашәара амш иазку аусмҩаӷатәқәа: Амҳаџьырцәа рбаҟа аҿаԥхьа иблын Ашьамаҟа, амшын аԥшаҳәаҿы еиқәҵан Нарҭаа рымца (Нарҭаа репос аҿы абас ахьӡҵаны зыӡбахә уԥыло амца ду – аред.).

Аконгресс ауснагӡаратә маӡаныҟәгаҩ Инар Гыцба иазгәеиҭеит, АААК аҩынтә раан ари амш иазку агәаларшәаратә усмҩаӷатәқәа реиҿкаара ишалахәу.

«Акырӡа аҵанакуеит ари амш ахамшҭра, аҭоурых ҵабырг ҳдыруазароуп, ԥыхьатәи агхақәа уаҳа еиҭаҟамларц», – иҳәеит Инар Гыцба.

Иара иациҵеит, сынтәа Аконгресаа ргәы ишҭаз абас аиҳа зымҽхак ҭбаау аусмҩаԥгатәқәа рынагӡара, аха акоронавирус апандемиа иахҟьаны иалагалоу аԥкрақәа рымшала ауаа рацәа радыԥхьалара залмыршахеит.

Арепатриант Муҳамед Гәаџьа Ҟарачы-Черқьессиантә Аԥсныҟа нхара ҳәа диасит жәашықәса раԥхьа. Есышықәса лаҵара 21 рзы Аҟәа, Амҳаџьырцәа рбаҟахьы дааиуеит.

«Иахьа мчыла зыԥсадгьыл иахырцаз ҳабдуцәа ргәалашәара иамшуп. Абас илахьеиқәҵагоу арыцхәқәа ҳхашҭыр ҟалаӡом, ҳабдуцәа ргәалашәара ҳацзароуп», – иҳәеит иара.

Ҭырқәтәылантә зҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь ихынҳәыз арепатриант Ҳаири Қәҭарба Аԥсны дынхоижьҭеи уажәшьҭа жәашықәса инареиҳауп. Иара игәы излаанаго ала, аҭоурых амырӡреи уи аӡыргареи – арепатриантцәа рыԥсадгьыл ахь ихьазырԥшыша, ишиашоу уи иацхрааша акоуп.

АБРИ АХҬЫС ИАЗКУ АВИДЕО АХӘАԤШРА >>

«Шықәсык ахь знык мацара ҳаиқәшәаны лаӷырӡык нкаҳҭәеит ҳәа, уи ҳахәаӡом аԥеиԥш лаша аргылараҿы. Арҭ ахҭысқәа ирызку аусмҩаԥгатәқәа еиҿкаалатәуп, еиуеиԥшым аиԥыларақәа, аконференциақәа мҩаӷалатәуп, анкьа ахҵәара иақәшәаз ҳауаажәлар рхылҵшьҭрақәа ршьамдгьыл ахь ахынҳәра ргәы азыҳәо иҟаларц азы», – иҳәеит Ҳаири Қәҭарба.

Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәалашәара амш асимволқәа ируканы аҟаҵара ӡбан аԥсхәарақәа раан аԥсуаа иҟарҵо ашьамаҟа. Абри атәы лҳәеит АААК Аҳәса рхеилакқәа рнапхгаҩы Гета Арӡынԥҳа.

«Ари амш – ашықәсан иҟоу ихадароу агәалашәратә рыцхәқәа ируакуп, убри аҟнытә уи ҷыдала аԥсыуа цәак ахаҵаны амҩаԥгара ахәҭоуп ҳәа ҳаԥхьаӡеит. Ҳҿаԥхьа хықәкыс иқәҳаргылеит ҳмилаҭ цәаҩа аазырԥшуа атрибутк аԥшаара, мчылатәи ахҵәара иалаӡыз ргәалашәара ҳаҭыр ақәҵаны иаҳшьартә еиԥш. Ашьамаҟа – ҳадгьыл аҿы атрадициақәа рыԥсы шҭоу иасимволуп, амшын нырцә иагаз ҳашьцәа шаҳхамшҭуа иасимволуп. Абри ацәашьы – лашарбагаҵас ҳахәаԥшуеит», – ҳәа азгәалҭеит Арӡынԥҳа.

Атрадициа аҽагәылахалара

Ари аусмҩаԥгатә мышқәак шагыз АААК еиҿнакааит еицырдыруа аԥсуа ҵарауаа-аҭоурыхдырцәа злахәыз аусуратә еиԥылара. Аиԥылара иалахәын Аконгресс Иреиҳаӡоу ахеилак алахәылацәагьы.

АААК аҟны инҭырҳәцааны еилкаатәуп ҳәа рыԥхьаӡеит иабанӡаиашоу абри амш азы Ашьамаҟа (аԥсхәараан аеҳәшьа, ма аеҳәшьа ду лнапала иҟалҵо ацәашьы рша – аред.) абылра, насгьы есышықәса абри агәаларшәаратә рыцхә иазкны иублыр ҟало иҟамло.

Аԥсны аҳәынҭқарратә музеи аетнографиа аҟәша аҭҵаарадырратә усзуҩ еиҳабы, аетнолог Инга Шамԥҳа иазгәалҭеит абри аҽны Ашьамаҟа абылра аханатә иара иамоу аҵакы иаҿагылом ҳәа.

«Ашьамаҟа – аԥсреи аԥсҭазаареи шеибарку аанарԥшуеит, аԥсҭазаара аинҭәылареи аԥсабареи ирсимволуп. Наӡаӡатәи аԥсҭазаара иасимволны иахәаԥшуан. Убри аҟнытә сара цәгьарак аҵаны избом, амшын ахылара зқәашьхази наҟтәи аҟәараҿынӡа изымнаӡази ҳџьынџьуаа рыԥсқәа ҭынчзарц азы ари ацәашьы аркызар», – лҳәеит Шамԥҳа.

Даҽакала игәы иаанагоит Д. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт адиректор, АААК Иреиҳаӡоу ахеилак алахәыла Арда Ашәба. Иара излаиԥхьаӡо ала, аԥсхәы аура иазку ацәашьы ари амш иасимволны ахархәара аиоур, ауаа ус ргәы иабар ауеит «зыԥсадгьыл иқәҵны ицаз зегьы ҳара ҳзы иԥсызшәа». Аха уи ус акәым, дара ахьнеизгьы урылаҽхәартә еиԥш рыхьӡ ҭыргеит, ирацәаҩуп зыԥсадгьыл ахь ихынҳәны араҟа зыҵәҩаншьап азырсыз.

Аилацәажәара ашьҭахь аиԥылара иалахәыз азааит сынтәа ахҵәацәа рыхьӡала Ашьамаҟа аркызарц, аха ари ақьабз иадҳәалоу акәамаҵамақәа зегьы нагӡаны рыҭҵаара иацҵазарц.

Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс аинформациатә портал уажәы архиара иаҿуп Ашьамаҟа иазку инарҭбаау аматериал, уи хара имгакәа икьыԥхьхоит.

Еснагь еиԥш ҳаӡәыкны

Есышықәса лаҵара 21, Кавказтәи аибашьра анеилгаз амш азы адунеи аҭоурых аҟны зегь реиҳа ишьаарҵәыроу атрагедиақәа ирукау Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәаладыршәоит Аԥснеиԥш адиаспора ахьынхо атәылақәа зегьы рҟны. 2020 шықәсазы акоронавирус апандемиа иахҟьаны иалагалоу аԥкрақәа рымшала официалла амассатә уснагӡатәқәа абри аҽны имҩаԥымсит.

Аха ус шакәызгьы, агәалашәара амш раҩрмыжьит Ҟарачы-Черқьестәылангьы. Черқьесск ақалақь аҟны агәаларшәаратә усмҩаԥгатәқәа ирылахәын ауаажәларратә еиҿкаарақәа «Алашара», «Абаза», «Адыгэ хасэ» уҳәа рхаҭарнакцәа. Инџьықь-Ҷкәын акәзар – ақыҭа ахада Фуад Џьанҭемыр, иара убас Ассоциациа «Аԥсадгьыл» аҭыԥантәи аҟәша активистцәа.

«Кавказтәи аибашьреи уи алҵшәа гәыҭшьаагақәеи – ашьагәыҭ жәларқәа рхырҵәара – абаза жәлар рҭоурых аҟны зегь реиҳа илахьеиқәҵагоу даҟьоуп. Ҳара иахьагьы-уаҵәгьы уи ҳхаҳаршҭыр ҟалаӡом, ҳабдуцәа ршьам дгьыл аҟны ԥхьаҟа игыло абиԥарақәа аҭынчреи аҳәоуеиқәшәареи рыманы инхаларц. Аҭынчреи аҵас-қьабзқәеи еиқәырханы шәышықәсала ԥхьаҟа ргара ҳуалԥшьоуп ҳаԥсадгьыли уи ахьчара зхы ақәызҵаз ҳашьцәа гәымшәақәеи рҿаԥхьа», – иҳәеит Черқьесск иҟоу ИАЕ «Алашара» аҟәша анапхгаҩы Мураҭ Мықәа.

Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәалашәара амш азгәарҭоит есышықәса лаҵара 21 рзы. Абри аҽны 1864 шықәсазы Гәбаадәы имҩаԥысит арратә парад шәышықәсабжак ицоз Кавказтәи аибашьра (1817-1864шш.) ахыркәшара ахьӡала. Ари аибашьра амшала шә-нызқьҩыла ауаа наӡаӡа рҭоурыхтә ԥсадгьыл иаҟәыгахеит. Ажәлар шҳәыԥкыз Османтәи аимпериахь ихҵәон, уантәи нас адунеи еиуеиԥшым акәакьқәа ирықәнаԥсеит.