АААК аделегациа Египет раҭаара аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥыргеит Египет акультуреи аҟазареи рырҿиаразы Афонд аиҳабыра рԥылара.

Саид Барганџьиа

Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза Конгресс ахаҭарнакцәа русуратә ныҟәара аҳәаақәа ирҭагӡаны иԥылеит Египет акультуреи аҟазареи рырҿиаразы Афонд аиҳабы Иаҳиа Есмат Али, иагьеиқәшаҳаҭхеит ԥхьаҟатәи русеицура аԥшьыргарц азы. Аиԥылара мҩаԥысит ақалақь Гиза, мшаԥымза 25 рзы.

АААК ауснагӡаратә маӡаныҟәгаҩ Инар Гыцба иазгәеиҭеит, Аконгресси Афонди русеицура еиуеԥшым ахырхарҭақәа шамазаауа, аха ихадараны иҟазаауеит акультура ахырхарҭа.

«Инҭырҳәцааны ҳрылацәажәеит акультуратә еимадаразы еиуеиԥшым азҵаарақәа. Еибаҳҳәеит, ацхыраара еицраҳҭарц, аԥсуа аҟазаратә, акәашаратә гәыԥқәа Египет имҩаԥысуа жәларбжьаратәи афестивальқәа руак аҟны ралахәраҿы. Убасгьы ирылацәажәеит египеттәи аҟазаратә гәыԥ Аԥсны рҭааразы иҟоу алшарақәа», - еиҭеиҳәеит Инар Гыцба.

Иаҳиа Есмат Али Афонд адагьы Египет иаԥиҵахьеит абалеттә школ. Урыстәылеи Египети ркультуратә еимадара арӷәӷәаразы ианаршьахьеит аорден – «Аиҩызара арҿиаразы иҟаҵоу алагала».

«Иаҳиа Есмат Али – Египети, уи анҭыҵи еицырдыруа уаҩуп. Убри афакт азгәаҭаны, еиҳагьы ҳазгәдууп, Аԥсны акультура Египет аӡыргаразы илшо зегь шыҟаиҵо ҳәа агәрагара ахьҳаиҭаз», - иҳәеит Гыцба.

Уи аԥхьаҟа, мшаԥымза 22 рзы, Гиза имҩаԥысит ажәла Абаза (Египет иҟоу аԥсуа-абаза диаспора) ахаҭарнакцәа раԥхьатәи инарҭбаау рԥылара.

АААК аделегациа Египет раҭаара аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥыргоит адиаспора активистцәеи, акульутра аузуҩцәеи, ажәла Абаза аҭоурых аспециалистцәеи рԥыларақәа, ԥхьаҟатәи аусеицура амҩақәа ылырхуеит.