28301

Нанҳәамза 26 рзы Аԥсны иазгәарҭоит ҳтәыла ахьыԥшымра жәларбжьаратәи азхаҵара амш. АААК аинфопортал ишәгәаланаршәоит 11 шықәса раԥхьа ари ахҭыс иацыз агәырӷьара ду, жәлары зегь анасыԥ рыманы ишыҟаз.

11 шықәса раԥхьа, нанҳәа 26, 2008 шықәсазы Урыстәыа ахада (усҟан иҟаз Дмитри Медведев иакәын – аред.) инапы рыҵаиҩит Аԥсныи Аахыҵ Уаԥстәылеи жәларбжьаратәи разхаҵаразы Аусԥҟақәа. Медведев иҟаиҵаз ааԥхьараҿы иазгәеиҭеит: "Ауаԥс жәлари аԥсуа жәлари рхы иақәиҭны рҿы иадырҳәаз агәаҳәара ҳасаб азуны, Еидҵоу Амилаҭқәа Реилазаара Аԥҟаԥҵәа аԥҟарақәеи, аҳәынҭқаррақәа рыбжьара аиҩызаратә еизыҟазаашьақәа ҳәаақәызҵо жәларбжьаратәи азин апринципқәа ирызку 1970 шықәсазтәи адекларациеи, Европа ашәарҭадареи аусеицуреи ирызку аилацәажәара 1975 шықәсазтәи Хельсинктәи ахыркәшаратә акти, егьырҭ ишьаҭанкылатәу жәларбжьаратәи адокументқәеи инарықәыршәаны – сара снапы рыҵазҩит Урыстәылатәи Афедерациа Аахыҵ Уаԥстәылеи Аԥсныи рхьыԥшымрақәа шазханаҵо азы Аусԥҟақәа". 

Медведев иааԥхьара Урыстәылатәи афедералтә каналқәа рыла ианырышьҭ аамышьҭахь, Аԥсны ауааԥсыра Аҟәа, Ахақәиҭра ашҭаҿы иеизо иалагеит, абраҟа игылоу Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан иблыз уаанӡатәи аиҳабра рыҩны аҿаԥхьа. Сааҭқәак рыла ашҭа уаала иҭәит, жәанызқьҩыла ҳауаажәлар ааит арахь Аԥсны ақалақьқәеи араионқәеи зегьы рҟынтә. Ажәлар ргәырӷьара ҳәаак амамызт, икәашон, ишәаҳәон, игәыдеибакылон, акыраамҭа жәлары зегь ззыԥшыз ҳтәыла ахьыԥшымра жәларбжьаратәи азхаҵара амш еидырныҳәалон. Еизаз рҿаԥхьа дықәгылеит усҟан Аԥсны ахадас иҟаз Сергеи Багаԥшь, иара убас атәыла аиҳабыра, ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа рҟынтә Аԥсны ахы иақәиҭызтәуаз. Ашҭаҿы ныҳәаран.