19552

АААК аинформациатә портал иазнархиеит Аԥсны зегь раасҭа иԥшӡақәоу ируаку Ҳашԥсытәи аиҩхааҭшәа иазку авидеонҵамҭа кьаҿ.

Аӡиас Ҳашԥсы иаӡәӡәо аҳашхәа ԥаҩқәа идырҿиаз, аламала уаҩы ибла ахьзымнеиуа аҭыԥ ԥхьакырҭақәа ирҭаҵәахуп километрак аҟара зоура наӡо Ҳашԥсытәи аиҩхааҭшәа, Гагра араион, Ҳашԥсы ақыҭа азааигәара.

Цандрыԥшь аҳабла быжьбаҟа километр иаацәыхараны, аӡиасқәа Жәҩаԥси Цандрыԥшьи ахьеилало рзеиԥш ӡышьҭра аҩадахьалагьы иҟоуп аиҩхааҭшәа хәыҷқәа. Урҭ реилаларҭа аладахьала иалагоит аӡиас Ҳашԥсы. Ҳашԥсытәи аиҩхааҭшәа – зыӡбахә ҳҳәо аӡышьҭра раԥхьатәи акилометр ауп. Уи ашьҭахь аӡиас иаҳа ииашарҭоу адгьыл иқәланы иааиуеит, ацҳа кнаҳа анаҩс абӷанҷ зҭоу иаабац аӡиас иеиԥшхоит.

Ари иџьашьахәу ҭыԥуп, адунеи иақәлоу уи аԥшӡара блахкыгоуп. Ари аиҩхааҭшәа «аҳ иитәу» ҳәагьы иашьҭоуп. Уи аԥаҩқәа раҳаракыра шә-метрак рҟынӡа иҩаӡоит, зегь реиҳа иахьыҭшәоу аҭыԥқәа х-метрак иреиҳам, убри аҟнытә арахь шамахамзар амра шәахәа зҭаԥшуам, ашьацлымшә ахиааны иҟоуп.

Ҳашԥсытәи аиҩхааҭшәа аҟынӡа анеира усҟак иуадаҩым. Ари аҭыԥ аҭаара бзиа ирбоит аԥсшьаҩцәа реиԥш аҭыԥантәи ауааԥсырагьы. Аиҩхаа аҭалара улшоит иҷыдоу азыҟаҵара умамзаргьы. Ҳашԥсытәи аиҩхааҭшәа еиҳарак аԥхынразоуп ианаҭаауа, избанзар аӡы даара ихьшәашәоуп, аӡынразы иҷыдоу агидрокостиум ушәымкәа узҭало иҟаӡам.