Аԥсуа-абаза милаҭ рыҿиара иацхраауа жәларбжьаратәи аилазаара «Алашара» еиҿнакааз VII-тәи Абаза жәлар рыхәмаррақәа мҩаԥысит Ҟарачы-Черқьессиатәи ареспубликаҿы.  

Есышықәсатәи  акультуратә-спорттә фестиваль «Абаза» мҩаԥысит ԥхынгәы 23-24 рзы Ҟәыбина ақыҭан, Ҟарачы-Черқьестәыла Абаза араион иахьаҵанакуа. Афестиваль еиҿнакааит Жәларбжьаратәи аилазаара «Алашара».

Сынтәа афестиваль аспорттә хәҭаҟны рхы аадырԥшит ашәуа қыҭақәа жәба рҟынтә акомандақәа (Ельбырӷан, Ҟара-ԥагәа, Тапанҭа, Инџьықь-Ҷкәын, Гәымқыҭ, Ҟәыбина, Коидан, Ԥсыж, Хәажә ду, иара убас Ставропоьтәи атәылаҿацә акомандеи Аԥсны акомандеи.

 «Ижәбома, ачуанқәа игылоу?»

Апандемиа амшала афестиваль ҩышықәса имҩаԥымсит. Абаза хәмаррақәа еснагь ирҭаауа ируаӡәку Ҟәыбина ақыҭан инхо Марина Паз илҳәеит ақыҭауаа зегьы ргәы хыҭхыҭуа аныҳәа аира ишазыԥшыз.

«Даара ҳазԥшын! Аҵыхәтәантәи ахәмаррақәа Ельбырӷан имҩаԥысит, уаҟагьы ҳаҟан. Ас еиԥш лассы-лассы ҳзеибабаӡом, еиҳаракгьы ажәлар анмаҷу. Убри аҟнытә ари ахҭыс ҳаҩҳажьуамызт. Сара сашьа иԥацәа Ҟәыбина акомандазы ихәмаруеит. Зегьы аиааира рзеиӷьасшьоит. Даара исҭахуп Аԥсны сцарц, уаҟа аҭыԥ ԥшӡарақәа рацәоуп, ауаагьы убас иԥшӡоуп», – лҳәеит аԥҳәыс.

Абри аҩызаҵәҟьа агәалаҟара бзиа иман иара уи ақыҭан инхо абырг Рамазан Бала. Иара даара деигәырӷьеит Абаза хәмаррақәа абасҟаҩык ауаа рацәа ахьаднаԥхьалаз.

«Ауаа шаҟа ирацәоу аҟара иаҳагьы еиӷьуп. Ижәбома, ачуанқәа гылоуп. Зегь пату рықәаҳҵоит ишахәҭоу еиԥш иныҟәаҳгоит. Аицлабрақәа аинтерес ду рыҵоуп, аспортсменцәа зехьынџьарантә иааит, ирылоу ҳдырбарц, ҳдыргәырӷьарц. Зегьы аманшәалара рзеиӷьаҳшьоит, ҳара ҳкоманда аиааир ҳҭахуп, ҳәарада. Аԥсуа командагьы ақәҿиарақәа азеиӷьаҳшьоит. Аиааира зтәхо аамҭа анааилак даҳбап», – иҳәеит иара.

Аԥсуааи ашәуааи рыешьара далацәажәо ахаҵа иазгәеиҭеит иара иабацәа ианрааз иаҳа Аԥсны ишадҳәалаз иахьатәи аҿар раасҭа.

«Сара сабацәеи аԥснытәи рашьцәеи акырӡа еиҿцаауан, ҳабызшәақәагьы иаҳа еиԥшын иахьа аасҭа. Аха ашьха анҳабжьала ҳаимадарақәа есааира еиԥхьбо иалагеит. Иахьа аҿар абас иахьеибабо уамыргәырӷьар залшом. Есышықәса ҳара ҳаҷкәынцәа Аԥсны аныҳәа дуқәа аныҟоу ицоит, уаантәгьы иаҳзаауеит, ахәмаррақәа, аиԥыларақәа мҩаԥаҳгоит. Рыххьандаз иахьатәи аныҳәа еиҿызкааз!» – иҳәеит Рамазан Бала, аҳәарагьы ҟаиҵеит аиԥш зеиԥшу ахҭысқәа лассы-лассы иҟалаларц.

Аиааира азықәԥареи аиҩызареи

Ԥхынгәы 23 рзы алхратә етап иахысит ааба рҟынтә ԥшь-командак, анапылампыли ашьапылампыли рзы. Доусы ргәыԥқәа рҟны аиааирақәа ргеит Аԥсны акомандеи Ҟәыбина ақыҭа акомандеи. Урҭ реиқәшәарала иалагеит VII Абаза хәмаррақәа аҩбатәи рымш.

Ставропольтәи адгьылқәаарыхратә университет 5-тәи акурс астудент Альберт Ҟазма Тапанҭа ақыҭа ахьӡала дықәгылан.

«Ҳара аиааиразы ҳааит, актәи аҭыԥ ауп ҳзықәшаҳаҭу, анаҩстәи ахәмаррақәа ҳара ҳқыҭаҿы имҩаԥысырц. Аӡәырҩы анҭыҵ аҵарақәа ирҭоуп, аха аԥхынра аԥсшьараамҭа аныҟалалк зегь ҳаҩныҟақәа ҳаауеит, иара усҟаноуп абаза хәмаррақәагьы анымҩаԥысуа. Ҳара ҷыдала ҳҽазыҟаҳҵоит алагер аҿы ҳаизаны. Доусы иара идисциплина алхны ааԥсарада ихы аус адиулоит, ахәмаррақәа раан илоу зегь ааирԥшырц азы. Иацы ашьапылампыл ҳасуан, Аԥснынатә иааз аҿар ҳрабадырит. Аԥсны абара сгәы азыҳәоит», – иҳәеит арԥыс.

Ахәмаррақәа шьақәгылоуп ихадароу акомандатә спортхкқәа рыла (ашьапылампыл, анапылампыл, шә-метрак аҩра, ашаха ахара, аԥара, ахԥа рыла аиндаҭлара – аӡсара, амаланыҟәа ақәтәара, аҩра, нас ахысра, иара убас альтернативатә еицлабрақәа рылагьы, урҭ изҭаху зегьы рхы рыладырхәыр ҟалон (ашашка асра, адартс, ахчеигәыдҵа, аҵәы ақәлара). Акоманда алахәцәа хаҭалатәи аиндаҭларақәагьы ирылахәын. Иаҳҳәап, аԥсуа напылампылтә команда аҟынтә аҭыԥҳацәа ахыц ала ахысреи, апневматикатә абџьар ала ахысреи аҿы рхы ԥыршәон.

Гәдоуҭатәи анапылампыласҩы Софиа Ҳагԥҳа Ҟарачы-Черқьестәыла имҩаԥысыз Абаза хәмаррақәа раԥхьаӡа акәны дрылахәын. Лара илҳәеит Нхыҵ Кавказ аԥсабара аԥшӡара дшыхнахыз.

«Ҳара ҳаԥсадгьыл аҿы улаԥш ашьха иадхалоит, мамзаргьы инымҵәаӡо амшын аиаҵәара ухыԥшылоит, ара акәзар архақәеи ахәқәеи улаԥш рыхьӡом, иҭбааӡоуп. Ҟәыбина ақыҭа дара иԥшӡарҭоуп», – лҳәеит аӡӷаб.

Аԥснытәи акоманда акапитан, АААК аҭыԥантәи аҟәшақәеи аҿар рактивреи рҳәаақәҵаҩ Валери Берзениа еиҭеиҳәеит аԥсуа хәмарцәа аиааира агара иазхианы ишыҟоу.

«Аҿар аӡәырҩы уаанӡа рхы зладмырхәыцыз аспортхкқәа шыҟоугьы, ҳгәалаҟара хазыноуп, аиааира азықәԥара ҳазыхиоуп. Зегь раҵкыс иӷәӷәоу иакәхоит иаиааиуа, ҳара иҳалоу зегь ааҳарԥшуеит. Аиҩызарагьы бзиоуп, аха уи мацарала агьыра узышьҭхуам. Ашьыжь асааҭ быжьба рыбжазы ҳгылеит, какалк ҳкит, агылара ҳцәыуадаҩын, аха ус иаҭахын. Ҳаицәажәеит, иаҳзыԥшу аиндаҭлара ҳалацәажәеит, гәыла ҳҽазыҟаҳцеит. Ҟарачы-Черқьестәыла ҳаҟанаҵ аӡәырҩы ҳрабадырхьеит. Иацы Абаза культура амш азы аԥсуа бираҟ кны ҳазбаз рацәаҩын, иҳадгылон, иҳабадыруан, даараӡа згәы аарту ауааԥсыра нхоит ара. Ашьапылампыл ҳанасуазгьы ҳгәы дырӷәӷәон. Уи даара ҳгәы иахәеит», – ҳәа еиҭеиҳәеит Берзениа.  

Аицлабрақәа реихшьалара

VII-тәи Абаза хәмаррақәа ирҭааз аделегациақәа  рхаҭарнакцәа амилаҭ чысқәа рыдыргалон: мамсыра (абысҭеи акәаци), бахсыма (ачарыц иалху арыжәтә).

Ҵыԥхтәи ахәмаррақәа раан аиааира згаз Ельбырӷан ақыҭа аҽыҩҷкәынцәа Ҟәыбина ахаҭарнакцәа ахраҿа рырҭеит, анаҩс даргьы ҿыц аиааира зго акоманда абас иранаршьарц.

Аныҳәатә концерт амҩаԥгаҩцәа – Абаза театр актриса Раҭха Ҟәныжәи аблогер, ауаажәларратә усзуҩ Амиран Ӡыгәеи ажәа ирҭеит ҞЧА Жәлар Реизара ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ, Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы, Жәларбжьаратәи аилазаара «Алашара» ахада Мусса Егзакь. Ахәмаррақәа аартуа, Егзакь иазгәеиҭеит сынтәа дара арыцхә ду ишазку – Ҟарачы-Черқьестәыла 100 шықәса ахыҵра.

«Аспорти агәабзиареи рныҳәа сынтәа иазаҳкуеит зегь бзиа еицаҳбо ҳтәыла хазына –  Ҟарачы-Черқьестәылатәи Ареспублика, ишәҭыкакаҷларцгьы азеиӷьаҳшьоит. Аспорт ҳара ҳаиднакылоит, аспорт уҟазшьа ҭышәнартәалоит, доусы ихаҭара шәыртә аҭагылазаашьа аԥнаҵоит, анаҩс ҳҿаԥхьа хыдҵас иқәҳаргылалак ҳзаныгӡартә еиԥш. Аспортзал аҟны ишьақәгылаз ауаҩы, ауадаҩрақәа ириааиуа, аиҩызара закәу здыруа, дыӷәӷәаны, ихы дақәгәыӷны изҳауеит, ус анакәха ганрацәала иҵегь деизҳаларц дашьҭазаауеит еснагь. Убас иҟоу ауааԥсыра рыла ишьақәгылоу ауаажәларра – ргәы зҩыдоуп, ус анакәха ҳаԥсадгьыл аԥеиԥш лаша ауасхыр ӷәӷәа азышьҭарҵалоит. Сара исҭахуп есышықәса ҳара ҳҭаацәара ду еиҳа-еиҳа еиҵыҵларц, ара ҳақалақьқәеи ҳқыҭақәеи рҟынтә мацара акәымкәа адунеи зегьы аҟынтә ҳашьцәа аауа. Ишәыдысныҳәалоит аспорти, агәабзиареи, аидгылареи рныҳәа аартра!» – иҳәеит Егзакь.

Иара иазгәеиҭеит афестиваль хықәкы хадас ишамоу абаза жәлар доуҳала реибаркра, агәызҩыдаратә ԥсҭазаара аларҵәара, абаҩрҵәыреи аспорти рхыԥша ашьҭыхра. Абасала, ари ахҭыс акрызҵазкуа акоуп хазы игоу ауаа рзеиԥш ауаажәларреи аҳәынҭқарреи угозар – урҭ рзыҳәангьы. 

«Афестиваль иреиӷьу ҳҟазшьақәа ааҳарԥшыртә еиԥш алшара ҳнаҭоит, аиашьаратә спорттә еицлабрақәа рыбзоуралеиԥш, ажәлар ркультура аҽагәылахалара алагьы», – иҳәеит Мусса Егзакь.

Ҭырқәтәыла иқәынхо аԥсуа-абаза жәлар рхаҭарнакцәа рыхьӡала еизаз рҿаԥхьа ажәа иманы дықәгылеит Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс Иреиҳаӡоу ахеилак алахәыла, Ҭырқәтәыла иҟоу АААК арегионалтә ҟәша аиҳабы Аҳмаҭ Ҳапат.

«Аспорт иаҿу ауаҩы ахы ихагылоуп, агәы изҭоуп, ахшыҩ ҵар имоуп. Ас иҟоу ауаа рыуаҩышәа ҳаракӡоуп, аспорт аҿы иаадырԥшуа аихьӡарақәа рынахысгьы. Сара аспорт знапы алаку зегьы пату рықәысҵоит. Даараӡа иҭабуп ҳәа раҳәатәуп ус иҟоу ауаа ирыцхраауагьы, аспорт иацәхымҟьарц азы аҭагылазаашьақәа рзаԥызҵо. Уажә зыӡбахә сымоу Аконгресс Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы Мусса Егзакь иоуп. Иҭабуп ҳәа иасҳәоит дызҿу иԥшьоу аус азы. Амшцәгьа иадҳәалоу ауп акәымзар шәыԥсҭазаараҿы мшы бааԥсык ҟамлааит, иреиӷьу амшқәа рыбжьара иахьатәи ҳгәы иҭымҵәо амш лаша аҵыхәтәаны игылазааит», – иҳәеит Аҳмаҭ Ҳапат иажәа хыркәшо.

Аныҳәаҿы далыркааит хьӡи-ԥшеи змоу аспортсмен, Ҟәыбина ақыҭа иалҵыз Расул Ҟәаԥсыргьан – ахәыҷтәы-ақәыԥшратә спортшкол «Ақәыԥшра» ааӡамҭа, зхы иақәиҭу аиқәԥара аклуб «Абаза» аҟны зҽазыҟазҵоз, иара ааигәа зхы иақәиҭу аиқәԥаразы Урыстәыла аԥхьахә агараан ахԥатәи аҭыԥ ааникылеит.

Ахәмарра алҵшәақәеи аџьашьатәқәеи

Акомандақәа реицлабраҿы аиааира ргеит Ҟәыбинаа – дара еиҭаҵуа ахраҿа рнапаҿы идиркит Аконгресс ахантәаҩы Мусса Егзакь ихаҭа. Аҩбатәи аҭыԥ Ельбырӷан ақыҭа иагеит, ахԥатәи – Ԥсыж. Ахәмарра аԥҟарақәа ишырҳәо ала, аиааира згаз акоманда ахраҿа дара рҿы инрыжьуеит, ԥхьаҟатәи ахәмаррақәа рымҩаԥгара азин иргәаԥхо ақыҭа иарҭоит. Абасала, Ҟәыбина акоманда иааиуа VIII-тәи Абаза хәмаррақәа рымҩаԥгара азин анаршьеит Ԥсыж ақыҭа.

Аицлабра еицлаброуп, уи зны-зынла уззыԥшӡам ала иааҳәыр ҟалоит. Уажәгьы ус акәхеит: аҵыхәтәанынӡа аиааирақәа го иааиуаз Ельбырӷан ақыҭа акәын, зегь раасҭагьы акәаталақәа рыман. Аха ахыркәшаратә еиндаҭлараҿы – уи ашаха ахара акәын – Ҟәыбина акоманда ҽаԥарак иаԥыргеит, аԥхьагыларагьы дара иртәхеит.

Иара убри ашаха ахараҿы акәын аԥсуа команда зегь реиҳа азгәыбылҩцәа ахьамаз. Аҭыԥантәи ауааԥсыра маҷк иагьгәамҵит. «Иҟалеи, уара, шәыҷкәынцәа акрырҿашәымҵаӡои? Ари закәи, алабыҵәқәа реиԥш ишԥаргыу! Акәац рфалароуп, амандарина мацарала иауама!? – ҳәа игәы иамукәа ҿааиҭит аԥсуаа аиааир зҭахыз хаҵак.

Аԥснытәи акомнада ахәмаррақәа зегьы рылҵшәақәа рыла аҵыхәтәахь џьара иаанхеит. Иҟан аԥхьагылара анрымазгьы, аӡӷабцәа рыбжьара анапылампыл асра аамышьҭахь. Аҭыԥҳацәа азыҟаҵара бзиа шрымаз азгәарҭеит аӡбаҩцәагьы.

«Аԥснытәи анапылампыласцәа аӡӷабцәа ркоманда еснагь иӷәӷәоуп. Ҳара ҳаигәырӷьоит апрофессионалтә команда ахәмаррақәа иахьрылахәу, қыҭа еицлаброуп ҳәа тәамбашақә ҟамҵакәа. Ус-ус есышықәса ирԥыло ҳара ҳтәқәагьы еиӷьхоит», – иҳәеит Ахәмаррақәа рмаӡаныҟәгаҩ хада Гьаргь Чкала.

Иара иажәақәа рыда, зынӡа аицлабрақәа ирылахәын 315-ҩык спортсменцәа, иааидкыланы ахҭыс иаҭааит х-нызқьҩык ауаа инареиҳаны.

«Инҭкааны иуҳәозар, 3100-ҩык. Абырсҟаҩык ауаа акрырҿаҳҵеит», – ҳәа адәаны еиҿкааз аишәачара дахцәажәеит Чкала.

Акультуратә-спорттә фестиваль «Абаза» 2014 шықәса раахыс имҩаԥысуеит. Ари аспорттә ныҳәа рхы аладырхәуеит еиуеиԥшым ашәуа қыҭақәеи, Ставропольтәи атәылаҿацәи, Аԥсни рҟынтә акомандақәа. Аицлабрақәа ауаа рацәа рҭаауеит, ааигәа-сигәа ишьҭоу ҞЧА ақыҭақәа рҟынтә ауааԥсыра еизоит аҿар ирыхәаԥшырц, ргәы шьҭырхырц.