15159

Ааԥынразы зехьынџьареиԥш, Аԥсны ашәаԥыџьаԥ аԥсы ҭалоит, ипытуеит, ишәҭуеит, аҵиаақәеи, аҵлақәеи, ашәҭқәеи. АААК аинфопортал ишәызнархиеит арҭ аԥсабара аԥшшәқәа маҷк иадымзаргьы изныԥшуа афотолента.

Акыраамҭа ҳаззыԥшыз ааԥын ԥшӡа ааины иҟоуп Аԥсны. Аԥсабара шәҭуеит, зыԥсы ҭоу зегьы аԥхарра иеигәырӷьоит, ашьац ԥшқа ишәҭыкакаҷуа уарҳалс ишьҭоуп, уахьынаԥшлак – блахкыгароуп. Ари ашықәс аамҭа даҽакала аԥсҭазаара угәанарԥхоит, умч ҭанаҵоит, адгьыл иқәу зегьы Анцәа иҳаҭәаишьаз аԥшӡаразы ҳиашьапкыр ҳҭаххоит.

Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс аинфопортал аԥхьаҩцәа аҳамҭа шәызҳархиеит – зхаҭабзиара ҳаракӡоу ааԥынтәи афотосахьақәа. Агәаҳәара змоу зегьы ишәгәаԥхаз акадр кьыԥхьны, ашәҟәаарт аҳасабала ҳамҭас шәҩызцәа ирышәҭар ҟалоит, мамзаргьы гәаларшәагас шәхазы иааншәышьыжьыр.