Егзакь ихраҿа агаразы зхы иақәиҭу аиқәԥара атурнир ала Аԥсны ихацыркуп акультуратә-спорттә фестиваль «Абаза».

Саид Барганџьиа

Гәдоуҭа гәырӷьарыла иаатит зхы иақәиҭу аиқәԥаразы атурнир, жьҭаара 16 инаркны 18 рҟынӡа Аԥсны имҩаԥысуа Раԥхьатәи акультуратә-спорттә фестиваль «Абаза» алагара азԥхьагәазҭо.

Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы Мусса Егзакь ихраҿа агаразы зхы иақәиҭу аиқәԥара атурнир сынтәа ҩышәҩык аспортсменцәа еизнагеит, урҭ ааит ақалақьқәа Москва, Санкт-Петербург, Ростов, Краснодар, Калининград, Шәача рҟынтә, иара убас Ҟарачы-Черқьестәылеи, Ҟабарда-Балкариеи, Нхыҵи Аахыҵи Уаԥстәылеи, Ингәыштәылеи, Даӷьсҭани рҟынтә, Аԥсны ақалақьқәа зегьы рҟынтә. Аспортсменцәа еиндаҭлоит ақәратә категориақәа ҩбеи акапантә категориақәа жәибжьи рҟны.

Атурнир гәырӷьарыла аартраҿы дықәгылауа, АААК Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы Мусса Егзакь иҭабуп ҳәа реиҳәеит уи аиҿкааҩцәа, аспортсменцәа қәыԥшқәа аманшәалара рзеиӷьишьеит.

«Ҳаҭыр зқәу аиҿкааҩцәа, акыр иаԥсоу аспортсменцәа, азыҟаҵаҩцәа! Аԥсуаа рыдгьыл аҿы гәахәарала бзиала шәаабеит ҳәа шәасҳәоит! Шәашьцәа рахь шәааит. Ари атурнир алшара бзиақәа шәынаҭоит иреиӷьӡоу шәҟазшьақәа раарԥшразы. Аспорти аиндаҭларақәеи шәыԥсҭазаараҿы ишәыхәо аҟазшьақәа шәыларааӡоит, шәдырӷәӷәоит», – ҳәа атурнир алахәцәа рахь ихы нарханы иҳәеит Мусса Егзакь.

Атурнир дсасны даҭааит Денис Царгәыш, 2012 шықәсазтәи Аолимпиатә хәмаррақәа рҟны араӡны згаз, аԥсуаа рыбжьара зхы иақәиҭу аиқәԥара ҳаамҭазтәи алегендас иҟоу.

«Ари атурнир идеиас иаҵоу – иахьынӡауа ирацәаҩны ахәыҷқәа абри аспорт хкы агәыблыра дыркны, аспорт ахь иныҟәо иалагарц азоуп, амҩаду ибжьнамхырц. Даараӡа иҭабуп ҳәа иасҳәоит Мусса Ҳабал-иԥа, иара ибзоуралоуп ари атурнир есышықәса имҩаԥысуа изалагаз, аӡәырҩы рзы – рыспорттә мҩа ахацыркразы лшара бзиоуп. Атурнир иалахәуп абаҩхатәра злоу арԥарацәа рацәаҩны. Уи аҩаӡара ҳаракуп,» – ҳәа атурнир алахәцәеи уи ахәаԥшцәеи рҿаԥхьа иқәгылараҿы иажәа иалаҵаны иҳәеит Денис Царгәыш.

Ақәԥаҩцәа раԥхьатәи реиндаҭларақәа мҩаԥысит атурнир актәи амш азы, шьыжьнаҵы. Убас раԥхьатәи иқәԥара мҩаԥигеит Нижневартовск ақалақь аҟынтә иааз аспортсмен қәыԥш Заур Джегутанов. Иара аиааира игеит, ус анакәха актәи аҭыԥ азы дықәԥалоит. Заур 15 шықәса ихыҵуеит, иԥсҭазаара абжеиҳарак профессионалла зхы иақәиҭу аиқәԥара далоуп.

«Атурнир аӡбахә саҳахьан уаанӡа. Уи салахәхарц алшара аныҟала даара сеигәырӷьеит. Аиааира сақәгәыӷуеит», – иҳәеит иара.

Заур атурнир ахь дааит иаб Вадим Джегутанов дицны, уи иоуп аспортсмен қәыԥш азыҟаҵаҩ хадасгьы имоу. Иара атурнир аиҿкаашьа ахәшьара ҳаракы аиҭеит, уи иазааԥсаз зегьы иҭабуп ҳәагьы реиҳәеит.

«Ҳара ҳабазақәоуп, убри аҟнытә абрахь аара алшара аныҟала, лакҩакрада ҳҽеидаҳкылеит. Ҳааит арахь аԥышәа арҳаразы. Аспортсменцәа қәыԥшқәа рзы ари атурнир – лагамҭа бзиоуп», – иҳәеит Джегутанов.

Атурнир иалахәуп Аԥсны ақалақьқәа зегьы рҟынтә аспортсменцәа. Ельдар Гыцбагьы 15 шықәса ихыҵуеит. Раԥхьаӡа акәны ақәԥарахь дааит хәышықәса анихыҵуаз.

«Ари аспорт хкы бзиа избоит. Ари атурнир салахәуп ԥшьышықәса раахыс. Сынтәа саҵахеит, аха сгәы каҳаны сыҟаӡам. Аиқәԥарахь аныҟәара иацысҵалоит, Денис Царгәыш иеиԥш сҟалар сҭахуп», – иҳәеит арԥыс.

Атурнир иацҵахоит жьҭаара 17 рзы. Атурнир аҩбатәи амш азы еилкаахоит аиааира згақәаз рыхьӡқәа. Аҳамҭа хада – Мусса Егзакь ихраҿа – анашьара мҩаԥысуеит жьҭаара 18 рзы, Аҟәа, Амҳаџьырцәа рыԥшаҳәаҿы имҩаԥысуа аконцерт ду аҟны.