АААК иатәу Анацәеи абацәеи рыклуб аиԥыларахь експертцәас ааԥхьара рырҭеит Елена Кәабахьиеи Анетта Бганбеи, дареи аклуб алахәцәеи алацәажәон ахәыҷқәа реизҳара азҵаара.

АААК иатәу Анацәеи абацәеи рыклуб акарантин анынҵәа аамышьҭахь аусура еиҭахацнаркит. Ԥхынгәы 4 рзы имҩаԥысыз аклуб аиԥыларахь експертцәас ааԥхьара рыман Аԥсны еицырдыруа аспециалистцәа Елена Кәабахьиеи Анетта Бганбеи. Аиԥылараҿы иалацәажәеит ахәыҷқәа арҿиара акәиц рыланы рааӡашьеи реизҳашьеи атема.

АААК иатәу Анацәеи абацәеи рыклуб анапхгаҩы Кама Кәыҵниа иазгәалҭеит абри аиԥылара ишыхнаркәшо аклуб аусура актәи аетап: шьҭарнахыс аклуб алахәцәа апроектқәа рылацәажәарахь ииасуеит, нас урҭ руак нагӡахоит аҩбатәи аетап анҵәамҭазы.

«Ҳусура актәи аетап шхыркәшоугьы, ус анакәха атеориа аҟынтә апрактикахь ҳаиасны, апроектқәа рылацәажәара ҳшалагогьы, аспециалистцәеи аекспертцәеи рԥыларақәа ԥхьаҟагьы ирыцҵахоит. [Арҭ аиԥыларақәа зцу ҳусура] иаҳагьы аинтерес аҵазаауеит, иаҳагьы ихырҳагахоит», – лҳәеит Кәыҵниа.

Аҵыхәтәантәи аиԥылара атема дазааҭгыло Кама Кәыҵниа иазгәалҭеит уи ҵҩа змам шакәу, «амшын шузымто еиԥш, ари атемагьы нҵәара зқәым ауп» ҳәа. Аклуб анапхгаҩы иацылҵеит, ари атема апрактикатә ҽазыҟаҵарақәа шаҭаху, убри уажәшьҭа аклуб ззааиз шакәу.

Аиԥыларахь ааԥхьара змаз аекспертцәа руаӡәк – Анетта Бганба Аԥсуа ҳәынҭқарратә университет арҵаҩы еиҳабыс дыҟоуп, апсихолого-педагогикатә цхыраара ацентр «Логопед» деиҳабуп. Лара илҳәеит Анацәеи абацәеи рыклуб аӡбахә рацәаны ишлаҳахьоу, илырҭаз ааԥхьаразгьы иҭабуп ахылҳәааит.

Аклуб аусура зеиԥшла ахҳәаа азуа, лара иазгәалҭеит анацәеи абацәеи адырра рыҭара зҿлымҳара дула ишазнеитәу, уи акырӡа шаҵанакуа.

«Анацәеи абацәеи аус рыдулара – шамаха инагӡам хырхарҭоуп. Ахәыҷы иеизҳара адунеи хԥаны ишьақәгылоуп: ахәыҷы ихаҭа, арҵаҩы, ма арҵаратә усбарҭа, иара убас, ҳәара аҭахума, ани аби. Аха еиҳарак убас иҟалоит, ани аби роуп аҵараиура апроцесс иалшәо. Избанзар [иаҭахны иҟоу] аинформациа анрымам ыҟоуп. Абас иҟоу аиԥыларақәа анацәеи абацәеи ирынаҭо акрыҟоуп, ргәаанагарақәа еибырҳәар рылшоит, доусы рхатә ԥышәа еимырдар рылшоит, ргәы иҵхо азҵаарақәа рҭак раҳауеит», – лҳәеит Бганба.

Аҩбатәи аексперт, Аҟәатәи Ақәыԥшра аҩны адиректор Елена Кәабахьиа 20 шықәса инареиҳаны ахәыҷқәа аус рыдылулоит. Елена лхаҭагьы дануп, дандууп, убри аганхьала илымоу аԥышәоуп Анацәеи абацәеи рыклуб алахәцәа ирыцеиҩылшарц илҭаху ҳәагьы азгәалҭеит.

«Иахьа сара шьҭа даҽакала избо ыҟоуп, [ахәыҷқәа рааӡараҿы] исыгхақәаз гәасҭеит, ииашамкәа сзызнеиуазгьы убас. Иахьа шьҭа урҭқәа рыхә ашьара сылшоит. Иагьысҭахуп смоҭацәа рааӡараҿы убарҭ агхақәа еиҭаҟамларц. Ахәыҷы дзакә уаҩны дгыло зыбзоуроу уи дзааӡо адуцәа роуп. Убри аҟнытә сара абри аклуб ахь саазгаз – аӡәы иҟалап, игха дахсырԥарц, ма аинтерес зҵоу аинформациа шәысҭарц, убасгьы сара схатә ԥышәа шәымасдарц азоуп», – лҳәеит Елена Кобахия.

Ажурналист, амҩаԥгаҩ Алиса Шамԥҳа, лусура аграфик аамҭа ҭацәык шыннамыжьуагьы, Анацәеи абацәеи рыклуб аиԥыларақәа шамаха ибжьалыжьуам.

«Ахәыҷқәа реизҳара атема еснагь аинтерес сзацын. Ирацәоуп ҳазлацәажәаз азҵаарақәа, схы ахьызбаз амоментқәагьы ыҟоуп. Ихадароуп ҳәа исыԥхьаӡо: абраҟа хықәкыла иҟаҵатәу абжьагарақәа ҳаҳаит. Убыржәнатә сара еилыскаауеит, аҩны саннеилак схымҩаԥгашьа аформақәак шысыԥсахуа, ахәыҷқәа ирзеиӷьхарц азы, уи ала срыцхраарц азы. Зегьы ирыцкуп – ииашаны ацхыраара ақәшәара», – лҳәеит Алиса Шамԥҳа.

Анацәеи абацәеи рыклуб – Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс Адискуссиатә клуб аҩнуҵҟа иаԥҵаз проект ҷыдоуп, аусура иалагеит иаҳхысыз ашықәс абҵарамза 30 рзы. Анацәеи абацәеи рыклуб иалалар рылшоит ахәыҷқәа зааӡо зегьы. Аиҿкааҩцәа ражәақәа рыла, уи азы иаҭаху – «агәаҳәареи амотивациа амазаареи мацароуп».