Аԥсны жәлар рышәҟәыҩҩы Алықьса Гогәуа иажәабжь ала зметр кьаҿу афильм «Асыс» ҭылхит арежиссиор Амина Кәарҷиаԥҳа.

С. А. Герасимов ихьӡ зху Урыстәылазегьтәи аҳәынҭқарратә акинематографиа аинститут (ВГИК) арежиссиортә факультет аушьҭымҭа Амина Кәарҷиаԥҳа зметр кьаҿу афильм ҭылхит Аԥсны жәлар рышәҟәыҩҩы иажәабжь «Асыс» ала.

Аԥсуа прозаик иҩымҭақәа даара лгәы иақәшәеит аҭыԥҳа, ааигәа лхазы иаалыртит ари ашәҟәыҩҩы иуникалтәу ибызшәа. Ажәабжь «Асыс» даара лгәы иалахеит, убри аҟнытә лдипломтә усумҭазы иалылхит.

«Сара сгәаҵанӡа инеит ахәыҷы изҳара аидеиа шаарԥшу, аҷкәын иаразнакала ддухоит игәы ззыбылуаз асыс аницәыӡлак, адунеи шаҟа иуашәшәыроу анеиликаалак, аҭакԥхықәра шаҟа аҵакы амоу анидырлак. Сдипломтә усумҭа асценари еиуеиԥшым авариантқәа сыман, аха сырҵаҩцәа иалырхит аҷкәыни асыси рцәаҳәа аазырԥшуаз аҭоурых», – лҳәеит арежиссиор қәыԥш.

Акадр анҭыҵтәи адҵақәа

Ари ажәабжь аекран ахь аиагара автор дақәыршаҳаҭны ауп арежиссиор нап шалыркыз, асценари лара лхаҭа илҩит. Лара лажәақәа рыла, астуденттә кино ахронометраж аҽҭагӡаразы, сиужеттә цәаҳәак аҟны мацара иаангылатәхеит.

«Ажәабжь аҿы аҷкәын иаб игәхьаагара зныԥшуа ацәаҳәагьы ыҟоуп, уи еибашьра дцеит, ахәыҷы лассы-лассы ԥхыӡырла иаб дибоит. Сара акыр сазхәыцуан, исшәон-исзон абри аансыжьру, иамысхру ҳәа: иара ахаҭа сгәаԥхон уамашәа, аха игәылырҭәааны исзаамырԥшыр ҳәа сшәеит ахронометраж исымаз аҳәаақәа ирҭагӡаны. Убас ала, ихадароу сиужеттә цәаҳәас иаансыжьит аҷкәыни асыси рҭоурых мацара», – лҳәеит Кәарҷиаԥҳа.

Афильм аҭыхрақәа мҩаԥысуан Очамчыра араион Џьгьардеи Аимареи. Афильм ианаалашаз аҭыԥқәа рыԥшаара ҩба-хԥа мчыбжь аамҭа агеит. Арежиссиор лассистент Фатима Дгебиа длыцны Аԥсны ақыҭақәа акыр ирылсит. Лара ишылҳәо ала, аҭыԥ иаша алхра аҵак ду аманы илыԥхьаӡон.

Џьгьарда ақыҭан ашҭа ԥшӡа ҳаԥшааит асыс ахьҭаҳхшаз аҭыԥ аҳасабала иаҳнаалоз. Иара уа игылаз аҵла даҽа сценак азы исгәаԥхеит: ақыҭауаҩ бырг афырхаҵа хада ихьизеиҭеиҳәо иԥеи иареи абри аҵла шеиҭарҳаз. Афырхаҵа хада иҩнгьы иара уи ақыҭаҿы исыԥшааит. Амхы ацәаӷәара ахьаарԥшу асценазы ацәқәа зҵаҳәоу акәаҭана ԥшаатәын. Убри ауадаҩрақәа цәырнагеит, избан акәзар ас уажәшьҭа ицәаӷәо шамахамзар иуԥылаӡом. Аха егьа ус акәзаргьы иахәҭаз зегь ҳаԥшааит Аимара аҳаблан. Аҭыхратә командеи атехникеи зегь ҳаманы уахь анеира акыр ихьанҭан, аха иҭаҳхыз акадрқәа ҳџьабаа дмырӡит», – лҳәеит Амина Кәарҷиа.

Арежиссиор афильм аҭыхрақәа дрылалырхәит аныҳәаҩ Борис Қәҭелиа. Иара ихаҭа илыҵеиҳәеит дызлахәу асценақәа шҭыхтәу. «Борис Қәҭелиа дымхәмарӡеит, избан акәзар уи аԥсҭазаараҿ дызҿу аус ауп, акыршықәса раахыс дныҳәоит, атрадициатә қьабзқәа мҩаԥигоит. Сара аханатә ашьтәашьыра асцена даҽакала избон, аха ари ақьабз акәамаҵамақәа зеиԥшроу сеиҳәеит. Усҟан сара исыӡбеит ишиҳәоз сықәныҟәаны иҭысхырц, акгьы мԥсахкәа», – ҳәа азгәалҭеит Кәарҷиаԥҳа.

Афырхаҵа хада ироль наигӡеит Ҷлоу инхо, 10 шықәса зхыҵуа аҷкәын Данаҭ Ҷолокәуа. Афильм аҿы зыҽҭызхыр зҭахыз рацәаҩын, аха арежиссиор иалылхыз ари арԥыс иакәхеит.

«Сара сзы ихадаран абри аҭоурых ҵабыргны иаазырԥшышаз афырхаҵа хада иԥшаара. Убри аҟнытә исыӡбеит ақыҭаҿы инхо ахәыҷ иакәхароуп ҳәа. Ақыҭа школқәа срылсуан, сыԥшаауан, аха иснаалашаз ҳәа уаҩ сылаԥш иқәшәомызт. Уи аамҭазы афильм акастинг шцоз атәы заҳахьаз рацәаҩын, убас шьуокы исзаарышьҭит Данаҭ Ҷолокәуа ифотосахьа. Санынихәаԥш, сгәы иҭысҳәааит, абри иакәын сзышьҭаз ҳәа. Апробақәа анымҩаԥаҳга ашьҭахь сгәаанагара шиашаз агәра згеит. Афильм иалахәу егьырҭ ахәыҷқәагьы аҭыхрақәа ирыдҳәалоу аԥышәа рымаӡамызт, аха азҿлымҳара ду иаадырԥшызи, ааԥсарада русушьеи уи зегь хнаҩеит», – ҳәа еиҭалҳәеит Амина Кәарҷиаԥҳа.

Алакә агәылаԥшра

Афильм аҟны рыҽҭырхит Аԥсуа драматә театр артистцәа Сырбеи Сангәлиеи Лаврик Ахбеи. Апрофессионалтә актиорцәа ркастинг амҩаԥгараҿы Амина длыцхрааит ауаажәларреи ажурналистцәеи рымадаразы атеатр аҟәша аиҳабы Шьарида Ҭыжәԥҳа. Анаҩс лара лхаҭагьы ароль хадақәа руак налыгӡарц ааԥхьара лоуит.

Шьарида лажәақәа рыла, акандидатцәа ралԥшаараан лара дыхәмарны илҳәазаап аҷкәын иан лроль ахь сыбгарауеи ҳәа. Анаҩс, аиашазы, афильм аҟны лыҽҭылхырц ааԥхьара лоуит.

«Арежиссиор дзышьҭаз актриса аҷкәын диеиԥшзар акәын, лыхцәы аԥшьны. Сара иџьасшьеит, аха сыхәмарны исҳәаз Амина дархәыцын, ааԥхьара сылҭеит. Мап сызкуамызт, избанзар акрааҵуан уи аҩыза агәҭакы сымазижьҭеи. Афильм аҿы зыҽҭызхыр зҭахым ӡӷабк дыҟоуп ҳәа сыҟам, зметр кьаҿу акәзааит, идуу акәзааит, уи акәым ихадароу», – лҳәеит Шьарида Ҭыжәԥҳа.

Лара илгәалалыршәеит аԥсуа қыҭа ԥшӡа Џьгьарда имҩаԥысуаз, иссирыз аҭыхра амшқәа алакә ахь диаргазшәа ацәанырра шлоуз. Лколлега еиҳабацәеи лареи акадр аҿы еиццәырҵыртә алшара ахьыҟалаз даара илықәҿиеит ҳәа илыԥхьаӡоит.

«Сара сызлахәу асценақәа рҿы Сырбеи Сангәлиа партниорс дсымоуп, иара Аԥсны жәлар рартист иоуп, атеатр аҟны ҳколлегацәоуп, даараӡа пату иқәысҵоит, убри аҟнытә кадрк аҟны ҳаицәырҵра, ивараҿы аҟазаара сара сзы ихьӡуп. Афильм амонтаж ашьҭахь сахәаԥшхьеит, даара исгәаԥхеит. Аҭыхрақәа анцозгьы сара убас иҟалоит ҳәа акәын схаҿы ишаазгоз - ԥшшәыла ибеианы, аҵарақәа рашәаҳәабжь алыҩҩуа, аԥсуа қыҭа апеизажқәа угәы иҭымҵәо, ауаа рхаҿсахьақәа угәы иҭымҵуа, ҳәарада, иара аҭоурых ахаҭагьы ӷәӷәоуп, иҵаулоуп», – ҳәа лдебиут дахцәажәеит Шьарида Ҭыжәԥҳа.

Лара лгәаанагарала, арежиссиор қәыԥш Амина Кәарҷиаԥҳа – аԥсуа кинематографиа дагәыӷырҭоуп.

«Амина дҟәышуп. ВГИК еиԥш хьӡи-ԥшеи згым аинститут аушьҭымҭа – ҳгәы лыладууп. Инасыԥуп Алықьса Гогәуа иажәабжь ала афильм ҭылхыртә еиԥш алшара ахьлоуз», – ҳәа лажәа хлыркәшеит Шьарида Ҭыжәԥҳа.

Амш аилаҩеиласреи асыс амаршәа акреи

Афильм аҭыхрақәа мҩаԥысуан арежиссиор лҭаацәара рфинанстә цхыраарала, адәахьтәи аспонсор ҳәа уаҩ дыҟамызт. Амина Кәарҷиаԥҳа лдипломтә усумҭа ҭырхуан 2021 шықәса лаҵарамзазы, аҭыхрақәа хәымш ицон. Аоператорс дыҟан Беслан Џьынџьал, алашара аус адиулон Саид Аиба, абжьы – акомпозитор Анри Гәымба, аԥшшәы – аколорист Денис Анишьенко. Афильм аҟны ахархәара амоуп адыга шәаҳәаҩы Azmetuko CHAPSH иашәа.

Амонтаж ҟазҵазгьы Амина лхаҭа лоуп. Лара ишылҳәаз ала, лнапала еизылгар лҭахын лхаҿы илбоз аҭоурых, аматериал зегьы ҭыхны ианлоу.

«Акино аԥызҵо ауаа роуп, сара гәахәарыла сахысит абри амҩа скоманда срыцны. Иҭабуп ҳәа расҳәоит афильм аус адызулоз, акала ицхыраауаз зегьы», – лҳәеит арежиссиор.

Аҭыхрақәа рымҩаԥысшьа лгәаларшәо илҳәоит амҩан аекспериментқәа рыҟаҵара бзиа ишылымбо, заанаҵ ишьақәыргылоу асценари дшықәныҟәо. Аха «Асыс» аҭыхрақәа раан ашьхақыҭаҿы амш уажәи-уажәи аҽеиҭанакуан, уи инақәыршәаны аҭыхрақәа рымҩаԥгашьа ԥсахтәхон. Насгьы, актиорцәа рынахыс аԥстәы ароль назыгӡақәо ианыруаӡәку, уи апроцесс аруадаҩуеит. 

«Анапы иашьцылам асыс аҭыхра ауадаҩрақәа ацын. Аҭыхрақәа ҳанрылага раԥхьатәи амш азы асыс ҳцәыбналит. Ҳазегь ҳашьҭан, ҳаамҭеи ҳамчи маҷымкәа иақәҳарӡит. Убри аҟнытә заанаҵ иазԥхьагәаҳҭоз аплан маҷк ҳацәхьаҵыр акәхеит, адубльқәа рацәаны иҟаҵатәхеит, асыс амаршәа ктәын», – лҳәеит Амина Кәарҷиаԥҳа. 

Акино арежиссиор – ахәаԥшҩы изы

Лара 2014 шықәсазы Москватәи ателехәаԥшреи арадио ринститут Останкино арежиссиортә факультет дҭалеит, Владимир Хотиненкои Себастиан Аларкони рҟазарҭаҿы лҽазыҟалҵон. Нас 2018 шықәсазы ВГИК ахь диасит, Андреи Ешпаи Владимир Фенченкои рҟазарҭахь.

Астудентра ашықәсқәа раан Амина зметр кьаҿу афильмқәа ԥшьба ҭылхит, урҭ рҟынтә хԥа – Аԥсны иҭыхуп. Хара имгакәа аҭыԥҳа лгәы иҭоуп амузыкалтә клипқәеи аӡыргареи рҭыхраҿы лхы ԥылшәарц, анаҩс раԥхьаӡатәи зметр дуу афильм аҭыхра напы алыркуеит. Афильм «Асыс» макьана ахәаԥшҩы иахь инарымгацт, афестивальқәа ирылахәуп.

«Афестивальқәа – зметр кьаҿу афильмқәа рзы илшара бзиаӡоуп, адунеи атәылақәа ирылсуеит, избо рацәаҩуп. Аха уеизгьы, хықәкыла афестивальқәа рформат иақәыршәаны акәӡамызт ишҭысхуаз. Акино зызку ахәаԥшҩы иоуп, игәаҟынӡа снеирц сҭахын», – ҳәа азгәалҭоит Амина Кәарҷиа.

Раԥхьаӡа иахәаԥшыз дыруаӡәкуп ажәабжь «Асыс» автор Алықьса Гогәуа, иара иибаз дазыразхеит.

«Сара исгәаԥхеит афильм. Аҩымҭа аекран ахь ианцәырҵуа аҩынтә раан аԥсы ҭалоит, даҽа ганқәак рыла иаатуеит. Иҭабуп дара!» – ҳәа арежиссиор қәыԥш илеиҳәеит жәлар рышәҟәыҩҩы.

Иахьазы афильм «Асыс» 12 фестиваль ирылахәуп: Франциа, Италиа, Урыстәыла, Кореиа, Еиду Америкатәи Аштатқәа, Иапониа. Иҟоуп уажәнатә иаҳдыруа алҵшәақәа. «Асыс» афестивальқәа фба рҟны аиааира агахьеит: Иапониа – Tokyo Film Awards, «иреиӷьу астуденттә  фильм» аноминациаҿы, Румыниа – Eastern Europe Film Festival «иреиӷьу арежиссиор-астудент» аноминациаҿы, Македониа – Art Film Awards «иреиӷьу астуденттә фильм» аноминациаҿы, Cine Paris Film Festival (Франциа) – «иреиӷьу астуденттә фильм», First International Short & Symbolic Art Film Festival (ISAFF) Санкт-Петербург – «иреиӷьу зметр кьаҿу афильм», «иреиӷьу аоператор иус», Master of cinema (Италиа) - «иреиӷьу астуденттә фильм».

Италиа  Rome Prisma Film Awards афестиваль аҟны афильм афинал ахь инеит «иреиӷьу зметр кьаҿу афильм» аноминациаҿы.

АААК аинфопортал амчала афильм хә-бызшәак рахь еиҭаганы www.abaza.org асаит аҟны ицәыргахоит, асубтитрақәа ацны.